Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амаҭәа иашьҭоу": ажәақәак амаӷ иахҳәааны

© Foto / Алиас ҲагбаАмаахыр
Амаахыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2023
Анапаҵаҩра
Амаӷ иазкны аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Адгьыл иқәиаауа аҵиаақәа иреиуахкуп амаӷ. "Амаӷ цәыԥԥыгоуп" ҳәа ахьӡ ауаа ирылаҵәахьеит. Уи ахьӡ аиура зхылҿиааз - ианакәзаалак ауаҩы илакьакьара, ицәыԥԥра, имаҭәа ацрасра иашьҭоуп.
Амаӷ амаҭәа лаԥшықәҵаны изамоу атәы ҳазҳәо Симон Џьанашьиа ианиҵахьаз "Ахәылԥҵыси, амаӷи, аӡҭаси рлакә" ҳазхьаԥшып.
Зны ахәылԥҵыси, амаӷи, аӡҭаси еицәажәеит аба ҭирҭа хыртрацы. Ахәылԥҵыс аԥсаатәқәа рахь ицаны аԥара рацәаны иаԥсахит. Нас ахәылԥҵыси, амыӷи, аӡҭаси еиманы ицеит мшын-нырцә ихәҳаахәҭрацы. Иманшәаланы ихәҳаахәҭит мшын-нырцә. Иаархәаз аба зегьы аӡҭас иақәырҵеит, зегьы еиманы амҩа иқәлеит. Ишааиуаз, амҩаны аӡҭас ҩхыбыкьын, амшын иалаҳаит аба. Аба амшын ианӡааҳала, аԥсыӡ илбаанадеит. Иҟарҵахуааз, иқәланы аҩныҟа иааит.
Аҩны иахьааиз, убас рыӡбеит, аӡҭас иадырҵеит: аба зфаз аԥсыӡ ԥшааны, амгәа иҭнахрацы.
Убри азыноуп аӡҭас аӡыҷҷақәа рҟны аӡы изҭасуа, аба зфаз аԥсыӡ сыԥшаауеит ҳәа.
Ахәылԥҵыс ҽынла изцәырымҵуа убри ауп: ауалҳәаҩцәа иркыр ҳәа ишәоит. Амаӷ ауаҩы имаҭәа закуа, имаҭәа изашьҭоу – еилнакаауеит, рба згаз иакәу-иакәму.
Самшит колхидский - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Аԥсны
"Ӡынгьы-ԥхынгьы зыбӷьы камԥсо": ашыц ҵлеи уи асимволтә ҵаки
Алитературахьтә
Ауаҩы иҟазшьа ахцәажәараан амаӷ аӡбахә хымԥада ахархәара ахьауҭаша ыҟоуп: "Амаӷ илыҳәҳәоит", "амаӷ даҩызоуп" (у него непростой характер), "амаӷ иҿыҵыҳəҳəо дцәажәоит" (он язвителен, ехиден; у него колючий язык).
Аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы ирацәоуп аҿырԥштәқәа зыхьӡ ҳамоу аҵиаа абзоурала ауаҩы ицәаҩа анаарԥшу, иаагозар:
Амаӷ еиԥш иџьымшь лаҟәқәа ирҭыҳәҳәоз иблақәагьы хыгәыгәӡа иааҟалеит (Алықьса Гогәуа);
Аа, абыржәыгьы, иааиҳәоз зегьы амаӷ алыҳәҳәо акәын ишиҳәоз (Мушьни Миқаиа);
Дналҿаԥшит, иблақәа амаӷ рылыҳәҳәо (Даур Занҭариа);
Ардашьын ҟыҳы-ҟыҳы ҳәа иҟырҟы ҭрыцқьаауа, амаӷ зылҳәҳәо иҟаз иажәақәа рҿааирхеит (Гьаргь Гәыблиа);
Дызланеиуаз амҩахәасҭагьы асы зықәҳаз амаӷ еилаԥаҭақәа анаҳалан, ишьапқәа рҿаԥаны дшьацәхнысло далагахьан (Владимир Басариа);
Қәаса ишьапы ахьеихигаша ибом, шьаҿак ааҟаиҵар, ҵлакы данҟьоит, амаӷ иҿыхоит, афасара дашьҭуам (Валери Касланӡиа);
Абна дылсны, адәы лашарахь ицо амыӷ ицрымхар ауам (Џьума Аҳәба).
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
"Хыхь-гәыхь умоуа": ауаҩы дызхәышәтәуа ҵиаақәак рыӡбахә
Жәлар разгәаҭара
Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа иҳарҳәоит:
Амаӷ амаахыр рацәаны ианҿала, аӡынра хьшәашәарахоит.
Агәмыркатыл рацәаны амаӷ ианаҿала, аӡын асы рацәаны иауеит.
Амаӷ иҿало амаахыр кьасаны иҟалозар, аӡынра хьҭахоит.
Выставка Розовый вальс в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2023
"Агәилқәа заа ианышәҭуа": ааԥын иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0