Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп

© SputnikЖелезнодорожные пути
Железнодорожные пути  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхреи ааха зоуз рыцхраареи рзы аоперативтә штаб аԥҵоуп Гагара араион ахадараҿы.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп адәыӷбамҩа ақәа иахьыҵнаӡәӡәаз иахҟьаны ҳәа иҳәеит "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Иара иазгәеиҭеит, Гагра аихамҩатә вокзали ааҭгыларҭа "Бзыԥи" рыҟны 200 шпал инареиҳаны ишҭыкнаҳау, илеиуаз аҩарӡ ишҵныӡәӡәаз.
"Арҭ аҩ-ҭыԥк макьана иаҳдыруа роуп уажәтәи асааҭ азы. Уажәы Гагреи Цандрыԥшьи агәаҭара ҳаҿуп. Уахьгьы аԥхасҭа ыҟазар ауеит. Апассаџьыртә дәыӷба "Москва-Аҟәа" анца ашьҭахь адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп. Афымцадәыӷба "Ласточка" "Цандрыԥшь" ааҭгыларҭа аҟынӡа иааиуеит", - иҳәеит Ҟәыруа.
Иара иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызрылагаӡом макьана аӡы шьҭыҵны иахьыҟоуи Бзыԥҭа амҩа ахьаркуи ирыхҟьаны.
Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион ақәыршҩы ӷәӷәа леит. Уи иахҟьаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәа рыҟны аныҟәара уадаҩхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0