Урыстәыла

Шәача илеиз ақәаршҩы аҩнқәа ирыҩналеит, жәабаҟа машьыны аӡы иагеит

© FotoПоследствия ливне в Хосте
Последствия ливне в Хосте - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 10 амш нҵәаанӡа Шәача амшцәгьаз агәҽанызаара ҟаҵоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Амҽыша ақәаршҩы ӷәӷәа илеиз амашьынақәа еизҳәҳәаны иагеит, аҩнқәа ҩба аӡы рыҩналеит, ауааԥсыра иҭахази ааха зоузи ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА иатәу Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭа хада апресс-маҵзура.

Аҩнқәа аӡы зҵалаз рҟынтәи ауааԥсыра рыҩныгара аҭахӡам. Аҭыԥ аҟны аус руеит иахәҭоу аусбарҭақәа, аӡы ҭыргоит.

Амшцәгьа иалаԥшыз аинтернет ҳақәа рыҟны иҭаргалеит автомашьынақәа еизыҳәҳәаны аӡы иахьаго авидесахьақәа.
Ԥхынгәы 10 амш нҵәаанӡа Шәача амшцәгьаз агәҽанызаара ҟаҵоуп. Аҳауагәаҭаҩцәа иазгәарҭуеит ақәыршҩы, аԥша, акырцх, аӡхыҵрақәа, амшын аҟны аԥшатлакә.
Ажәабжьқәа зегьы
0