Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Асахьаҭыхыҩ Ҵәыџьба: азанааҭқәа зегьы иреиҳауп анхаҩра

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: асахьаҭыхыҩ Ҵәыџьба арҿиареи аԥсҭазаареи ирызкны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩы, аҿыханҵаҩ Виссарион (Сергеи) Ҵәыџьба сынтәа ииубилеи азгәеиҭоит. Арҿиаҩы 80 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы, убасгьы ари аамҭазы иаԥиҵаз аусумҭақәа реихшьала ҟаҵо, еиҿикааит хаҭалатәи ацәыргақәҵа "Ашьхарахь амҩа". Уи аатит иахьа Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны.
Асахьаҭыхҩы иҳәеит ацәыргақәҵа ишеиднакыло еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аусумҭақәа, еиҳарак 1970-тәи ашықәсқәа раахыс иаԥҵаз.
Арҿиаҩы ицәажәараҟны иазгәеиҭеит ауаҩы пату иқәҵара иаҳа имаҷхеит иахьатәи аԥсҭазаараҟны ҳәа, иҳәеит ирҿиараҟны хадаратәла дзызхьаԥшуа.
"Убас иҟалеит аԥсҭазаара иахьатәи аамҭазы - ауаҩы пату иқәҵара ауаҩы иԥырҵит. Иара аҟазараҟны аума, егьысгьы ауаҩы иаҳаҭыр алаҟәра иаҿуп. Ауаҩы исахьа, ауаҩы ихҭыс аҭоурых, аҟазара иаԥырҵын, иаҳа абстракциа, имаҭәардоу ахь амода цашәа иҟоуп. Сара сзы дхадоуп ауаҩы. Нас аҭоурых азхьаԥшра, иахьатәи аԥсҭазаара, хымԥада, уи узлагылоу ауп, исылшо ахәыҷала иаасырԥшуеит", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Ицәыргақәҵа ахьӡ дазааҭгыло, арҿиаҩы иазгәеиҭеит дарбанзаалк ауаҩы "шьхацамҩак дықәуп" ҳәа.
"Сызнысыз амҩа - са стәала ҟәаԥаҿаԥарақәак сырнысит. Зны акаҳара, зны агылара, аха акаҵәара аҳаракыраҟынӡа анеирахь сыҟагәышьам. Амала убри амҩа узқәу, аҳаракырахь ухы рханы, укаҳаны уԥсы ухыҵыр - уи насыԥуп. Сара стәала, азанааҭқәа зегьы ирыцкуп, иреиҳауп анхаҩра. Анхаҩы изанааҭ еиҳау акгьы ыҟаӡам. Убри аҳаракыра акаҵәараҿы анхаҩы иакәхап игылоу. Ҳаззегьы ҩнуҵҟала ҳанхаҩцәоуп. Арахь "ашышкымс амҵәыжәҩа зауз аҭра иацәыӡит" шырҳәо еиԥш, анхаҩра хәыҷык ҳацәҟьалашәа ҳаҟоуп, аха ҩнуҵҟала ҳанхацәоуп. Уи акәхап ахы аџьабаа арбарагьы, аџьабаа ацәымаашьарагьы ҟазҵо анхаҩы ишьа. Анцәа иҳәозар ҳәа ҳамгәыӷуеи, иудыруеи, уи ҳазыхынҳәыр, схазоуп изысҳәо, сзазыхынҳәыр", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0