Урыстәыла

Амҩаду Џьубга-Шәача ҭыԥқәак рҟны иаркуп

© Sputnik / Игорь Онучин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия сильного ливня в Сочи
Последствия сильного ливня в Сочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 ауха Тҟәаԥс араион аҿы 144 миллиметр ақәа леит.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Тҟәаԥс араион аҿы амҩаду Џьубга-Шәача А-147 ҭыԥқәак рҟны иаркуп.
Амҩа 10+500 - 10+700-тәи акилометр аҿы амҩа аӡы ахьықәлаз амашьынақәа рныҟәара аанкылоуп, уи хылаԥшра анаҭоит Аҳәынҭавтоинспекциа.
39-тәи акилометр аҟны адгьыл ҳәазеит, 43+700-тәи акилометр аҟны аҵлақәа ҩба каҳаит.
Ԥхынгәы 12 ауха Тҟәаԥс араион аҿы 144 миллиметр ақәа леит, уи иахҟьаны аҳаблақәа рымҩақәа аӡы хыҵны ирықәлеит. Аиқәырхаҩцәа абнараҿы амшьымбақәа рҿы зыԥсы зшьоз атуристцәа ргәыԥ алыргеит, иара убасгьы араион ауааԥсыра рҟынтә зхала аиҭаҵра ззыцәгьаз аамҭалатәи аангыларҭақәа рахь инаргеит.
Афедералтә мҩа аӡы аныгара иаҿуп, аӡы ахьықәыз аҵакырақәа дрыцқьоит. Амшын еиқәа иаԥну ақалақьқәа жәпакы рҿы макьанагьы амшынеисра ҟалар ҟалоит ҳәа агәҽанҵара шыҟоу иаанхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0