Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аволонтиорцәа Гагра аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз ауаа ацхыраара рырҭарц инеиуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтправка волонтеров на помощь пострадавшим от стихии в Гагру
Отправка волонтеров на помощь пострадавшим от стихии в Гагру - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 9 рзы илеиз ақәаршҩы аиҳарак аԥхасҭа знаҭаз Гагра араион ауп, ара 1100 ҩны рҟынӡа аӡы рыҵалеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аиҿкаара "ҲараҳПицундеи" Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭеи рлахәылацәа Гагра аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз ауаа ацхыраара рырҭарц инеиуеит.
Аволонтиор Амина Адлеиԥҳа лажәақәа рыла, акциа амҩаԥгаразы аидеиа цәырҵит машәыршәа асоциалтә ҳақәа рҿы "аӡы хыҵны зыҩны иҵалаз аԥҳәыс дтәаны дышҵәыуоз" иазкны ахҳәаақәа данрыԥхьа ашьҭахь. Амина лҩызцәеи лареи ирыӡбеит асоциалтә ҳақәа рҿы ааԥхьара ҟарҵарц акциа ауаа рҽаладырхәырц . Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы анапхгара аволонтиорцәа ирҭаххаша амаругақәа рыла еиқәдыршәеит.
"Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ауаа ҳгәы ирыцҳанашьоит. Гагра аума Пицунда аума арыцҳара ахьыҟазаалак ҳара ҳаԥсадгьыл аҿоуп. Ҳара иаҳҭаххеит иҳалшо ала ацхыраара раҳҭарц, рхала ишнымхаз дҳарбарц", - лҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҟәа аусбарҭа аҟаза хада Мрана Блабԥҳа.
Последствия после потопа в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2023
Аԥсны
Аволонтиорцәа Гагра аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз ауаа ацхыраара рырҭоит
Гагреи Лӡааи аволонтиорцәа агәамсам ақәгара, аҩынқәа ррыцқьара, иаҭахны иҟалозар ахәыҷқәа ирхылаԥшырцгьы ргәы иҭоуп.
Аҟәантә Гаграҟа амҩа иқәлеит 20-ҩык. Лӡаа ақыҭан еиҿкаауп аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтәи даҽа гәыԥк.
Ԥхынгәы 9 рзы илеиз ақәаршҩы аиҳарак аԥхасҭа знаҭаз Гагра араион ауп, ара 1100 ҩны рҟынӡа аӡы рыҵалеит. Аихамҩа аӡы иҵнаӡәӡәааит, ирацәаҩуп лашарадеи ӡыдеи инхаз.
Амшцәгьа ареспублика егьырҭ араионқәагьы амҽханакит. Ԥхынгәы 10 рзы Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы 10-ҩнык аӡы ихгылан, Гәдоуҭа араион аҿы аиҳарак ааха аиуит Агараки ақыҭа, Гал араион аҿы аҵлақәа каҳаит, ГЕС аӡхыҽҽара аӡкырҭақәа фымцамчла еиқәзыршәоз ацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Потоп в Сухуме 2023-07-10 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2023
Аԥсны
Очамчыра араион аҿы уахыки-ҽнаки рыла 20-нтә аиқәырхаҩцәа ирыԥхьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0