Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ацифратә мааҭ ахархәаразы азакәан аднакылеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦБ сохранил ключевую ставку на уровне 6% годовых
ЦБ сохранил ключевую ставку на уровне 6% годовых - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2023
Анапаҵаҩра
Аплатформа аусура аиҿкаареи алахәылацәа русура аҭышәныртәалареи мҩаԥнагалоит Урыстәыла Абанк.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума ацифратә мааҭ ахархәаразы азакәан аднакылеит ҳәа аанацҳауеит Афедералтә еизара ҵаҟатәи апалата асаит.
Ацифратә мааҭ аплатформа мҩаԥызго аоператор астатус Абанк хада иадҵоуп. Иароуп аплатформа аусура еиҿызкаауа, ацифратә ԥарақәа реиқәырхареи урҭ рҩызцәа аоперациақәа рзы аинформациа аҳасаббареи алзыршо.
2024 шықәса нҵәаанӡа аплатформа ахархәаҩцәа, аоперациақәа реиқәыԥхьаӡа, урҭ рҵакқәа Урыстәыла Абанки Росфинмониторинги ирыцеиқәшаҳаҭхароуп.
Ԥхынгәы 19 рзы азакәан иахәаԥшраны иҟоуп Афедерациатә Хеилак. Ирыдыркылар, уи амчра аиуеит 2023 шықәса нанҳәа 1 инаркны, даҽа ҿҳәарак зҭаху уи иагәылоу ԥҟарақәак рыда.
Ацифратә мааҭ – цифратә валиутоуп, иҭзыжьуа Урыстәыла Абанк заҵәык ауп. Иара иамоуп аԥыжәарақәа – ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аамҭа кьаҿк иалагӡаны, шәарҭадарак аҵамкәа аԥарашәара мҩаԥыргаларц, ашәарақәа ахықәкытә ҟазшьа рыҭахаларц, асмарт-еилаӡарақәа ахархәара роуларц.
Аҳәынҭқарра абиуџьеттә ԥарақәа рныхра еиӷьны иахылаԥшырц алшара аиуеит, аха убри аан атәылауаа рԥарақәа рхылаԥшра алшаӡом, аԥараҭрақәеи аԥарашәарақәеи абанк амаӡа адыррақәа иахьреиуоу азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0