Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳақьым еиҭалҳәеит аԥхын ашоурақәа раан изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ртәы

Аҳақьым еиҭалҳәеит аԥхын ашоурақәа раан изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи амра ахәарҭеи иаҵоу ашәарҭареи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳақьым, атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
"Ҳара еилаҳкаароуп, амра иӷәӷәаны ианшуа, шьыбжьон амшын уҭалар, иуԥырхагахар ауеит. Аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, амра ухы иасыр алшоит", - лҳәеит аҳақьым.
Иара убас Арҷелиаԥҳа иазгәалҭеит, ашоурақәа раан аӡы ажәра шхымԥадатәиу, абжьааԥны аасҭа еиҳаны ижәлатәуп, аха аӡыцқьа аӡы хаала аԥсахра ииашам.
Аҳақьым ишазгәалҭаз ала аҳауа аиԥшымзаара ауаҩы ԥырхага инаҭоит, аҩны иҟоу аҳауеи адәахьтәи ашоуреи 6 градуск иреиҳаны ирыбжьамзароуп. Аԥхарра аҟынтә иаразнак ахьҭа ахьыҩноу ауадахь аҩналара ахәҭам, уи ауаҩы идақәеи игәыи ирзеицәоуп. Ауаҩы агәаҵәыхь ихьыр алшоит, ишоура халоит, лҳәеит аҳақьым.
Иаӷьу амра ашәахәақәа уҽырцәыухьчароуп, ҳәарада, аха амра ауаҩы инаҭоит зда ԥсыхәа ыҟам авитамин D, азгәалҭеит аҳақьым.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшот аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0