Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын: Аԥсны уԥсадгьыл ауп ҳәа уҟацәҟьазар, иугәаӷьоит арахь нхара аиасра

Аргәын: Аԥсны уԥсадгьыл ауп ҳәа уҟацәҟьазар, иугәаӷьоит арахь нхара аиасра
Анапаҵаҩра
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь Ҭырқәтәылантә нхара иааз Ердин Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡаз" аҟны еиҭеиҳәеит шықәсырацәалатәи иҭаацәа ргәазыҳәара анагӡара шрылшаз, Аԥсны иашьцәеи иан абырги рынхара шеиҿыркааз, ихәыҷқәа аԥсшәа зынӡа ишырмаҳауаз араҟа ашколи иреиҳаӡоу аҵарауирҭеи рахь ишцаз, ирхыргаз ауадаҩрақәа ртәы.
Аргәын Ердин Аԥсныҟа нхара дааит 1995 шықәсазы. Ԥшьҩык ахшара драбуп. Иара иаԥхьа Аԥсныҟа нхара иааит иани иашьцәа ҩыџьеи. Иара данаауаз ицааз иашьеиҵбы Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәыр акәхеит.
"Даара аџьабаақәа ҳбеит, аха сгәы касмыжьӡеит. Уск ахьызбаз иааныскылеит, анхара ҟасҵеит. Арахә нысҵеит. Аҷкәын аиҵбы шықәсык ихыҵуан, ахш иҭахын. Срылацәажәаргьы сҭахӡам усҟан иҟаз аџьабаақәа ртәы… аха сгәы камыжькәа сааит иахьанӡа. Ҳкәаԥӡа ҳаҟоуп, ҳанхарақәа ыҟоуп. Сара Гәылрыԥшь сынхоит, сашьцәа Дранда инхоит", - иҳәеит Аргәын.
Ердин ицәажәараҟны иазгәеиҭеит Аԥсны аамҭа хьанҭақәа раан ижәлантәқәа Аргәынаа адгылара шрырҭаз, уи ргәы шышьҭнахуаз.
Иара иазгәеиҭеит егьырҭ атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа, Аԥсны рыԥсадгьыл ауп ҳәа изыԥхьаӡо, агәаӷьра ду аарԥшны, рџьынџь ахь ихынҳәыр шакәу.
"Ара уԥсадгьыл ауп ҳәа уҟазар, уахь ушыҟазаалакгьы иугәаӷьоит ахаршҭра. Зегь кажьны аара уадаҩуп, ани ихәыҷы дыҟоуп, ари ани диҷаԥшьоит шиҳәо аамҭа цоит. Даргьы рықәрақәа цоит. Ҳара иаҳҭахуп арахь Аԥсныҟа аҿарацәа аар, дара роуп ара иаҭаху. Адемографиа азҵаара аганахьала аусура даара иԥсыҽуп. Ҿарацәақәакгьы ааит, аха рԥылашьақәа иашам ҳәа сазхәыцуеит. Хәыҷык дшьақәгылаанӡа цхыраарақәак иҭатәуп. Ауаа иҵегьы аар алшоит ҳәа схәыцуеит, аха уи азы аусура аҭахуп. Ахәыҷқәа аалароуп, ирбароуп, аԥсшәа рҵароуп. Ара аԥсшәагьы маҷхеит. Ҳҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷбаҳчахь иҳашьҭуеит, уаантәи аурысшәа ҵаны иаауеит ахәыҷқәа", - иҳәеит игәы иаланы Аргәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0