Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәакәасқьыр Гал иаԥсҭазаашьоу иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәакәасқьыр Гал иаԥсҭазаашьоу иазкны
Анапаҵаҩра
Гал аԥҵоижьҭеи иҵит 90 шықәса. Ишԥаҟалеи ақалақь ашьақәгылара, иарбан ҭыԥу иааннакыло ҳтәылаҿы, насгьы иахьа уа анхаразы аҭагылазаашьа зеԥшроузеи, ргәы иҵхозеи анхацәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион школқәа руак аиҳабы Ахра Кәақәасқьыр.
Гал араион аҿы инхо рҭагылазаашьа атәы далацәажәо Ахра Кәақәасқьыр еиҭеиҳәеит ҭоурыхла аҭыԥан инхоз рмилаҭра рхыхны даҽак шырхырҵоз атәы, иҳәеит, иахьагьы ишырацәаҩ уи зыхдырраҿы аҭыԥ ду аанызкыло.
"Ара ииз, ара инхо, ашкол иалгаз, иахьа рхаҭара зыршаҳаҭуа ашәҟәы рыҭара азҵаара макьана иӡбаны иҟаӡам. Уи рныруеит аҿар. Изустцәоу, наҟ-наҟ иарбан ҭыԥу иааныркылараны иҟоу, абри иазхәыцуеит", – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Кәакәасқьыр еиҭеиҳәеит, ашколқәа раушьҭымҭацәа рганахьала аҭагылазаашьа акырӡа аҽшаԥсахыз. ААУ иҭало рхыԥхьаӡара маҷхеит. Атәылауаҩра ахьрымам иахҟьаны аҳәаа анҭыҵ ицоит ахәыҷқәа. Гал ауааԥсыра ақәҵра иаҿуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ахра Кәақәасқьыр 1997 шықәса инаркны Гал аус иуеит. Усҟан ашәарҭадара аганахьала иҟаз аҭагылазаашьеи уажәтәи еиҿирԥшит. Аҭныч ԥсҭазаара азыхынҳәра иаҿуп. Аԥсҭазаара шеиӷьхо убартә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0