https://sputnik-abkhazia.info/20230725/azhlar-rei---doualagy-zanaalagy-oleg-damenia-aaraua-vladimir-anaria-izy-1046161605.html
"Ажәлар рҵеи - доуҳалагьы, занааҭлагьы": Олег Дамениа аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа изы
"Ажәлар рҵеи - доуҳалагьы, занааҭлагьы": Олег Дамениа аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа изы
Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усуҩ, 130-ҩык аԥсуаа рышәҟәы аԥҵаҩцәа ируаӡәкыз Владимир Аҵнариа иирамш аҳаҭыр азы ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист уи иҩыза гәакьа... 25.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-25T12:00+0300
2023-07-25T12:00+0300
2023-07-25T12:32+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102432/10/1024321089_0:0:1500:844_1920x0_80_0_0_b539e036bc2d2f08c078d57be6f00c2e.jpg
Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усуҩ Владимир (Котик) Аҵнариа аофициалтә шәҟәқәа рҿы диит февраль 28 1938 шықәсазы ҳәа шанугьы, иара иирамш аназгәаиҭоз ԥхынгәы 25 рзы акәын. - Олег Нестор-иԥа, шәҩыза Владимир (Котик) Аҵнариа аҭҵаарадырраҿ иқәҿиарақәа рнаҩсан, ауаажәларратә ԥсҭазааразы уи илшарақәа маҷмызт. Иахьа убри ахырхарҭа ҳалацәажәарц сҭахын. - Дҵарауаҩын, зегь раԥхьаӡа. Иара имаз аҵареи, ахшыҩи, аламыси, аԥсыцқьареи – ихы аланыҟәигарц азакәӡамызт изимаз. Ажәлар ирнырырц, ирныԥшырц дазыҳаҵҳаҵон. Ажәлар рыла иара ихы ираӡон, иара ихала ажәлар рахь дцәырҵит. - Аԥсҭазаара иаҳнарбеит аполитика ажәлар рныҟәгара азы акәымкәа, рхатәы бзазаразы зхы иазырхәаз шыҟоу. Зныкыр ихы иаирхәахьазма Аҵнариа амилаҭтә қәԥараҿы иибахьаз аџьабаа? - Иара имаз аҟазшьақәа дҳаразкуаз доуҳатә ҟазшьақәан. Уи схы аланыҟәызгоит ҳәа имаӡамызт. Ус дазхәыцӡомызт уи. Иара иԥсы зегь зызкыз – ҩнуҵҟала ацқьара акәын. Ажәлар насҭха иргыланы, иара даҽаџьара ихы ргыланы - ус ихы дахәаԥшӡомызт. Ажәлар дрылагылан, рыԥсҭазаара иԥсҭазааран. - Данбацәырҵи алитературатә критик Владимир Аҵнариа ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы? - 1970-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟан дыҷқәынан 32 шықәса раҟара ихыҵуан. - Амилаҭтә зҵаарақәа рхаҵгылараҿы иара имацара дыҟамызт. Шәхы шԥеидышәкылеи шәара шәабиԥара? - Усҟан макьанагьы инханы иҟан амилаҭтә идеиақәа рхаҵгылара аидеиа. Иара иеиԥшыз аиқәлацәа иара дышхәыцуаз еиԥш ихәыцуан. Уи дидыскылоит аҵарауаҩ Артур Аншба. - Дышԥагылеи убасҟантәи аамҭазы ҵәатәышьаҟаны Владимир Аҵнариа? - Ажәлар рҵеи - доуҳалагьы, занааҭлагьы, абас изысҳәар сылшоит Котик. Ажәлар ихы рыхҭынҵара – ари иара изын разҟын. Ҩнуҵҟала иҵәахны хықәкыс имаз акәын. Убри аҟынтә, ҳәарас иаҭахузеи, ари иҟьаланы иднамгалеит. Избанзар, усҟантәи аамҭазы макьанагьы имыӡкәа аԥсҭазаара ианыԥшуан ҳаԥхьа игылаз абиԥарақәа рнырра. Урҭ рҟынтәи иаауаз доуҳатә кодны иҟан. Иара дангылоз аамҭазы аус ауан убри акод. - Ажәлар рымаҵ ауразы аџьабаа шибахьазгьы, ихы дахыҽхәо зныкыр дыжәбахьазма? Ахцәыргара илазма? - Ахӡыргара урҭ еиҵагылаз абиԥара ирҟәыблаан. Аԥсуаҭҵааратә инститиут аҿы аус зуаз, Арҵаҩратә институт аҿы аус зуаз, еиҳараӡакгьы абри Москвантәи аҵара ҵаны Аԥсныҟа ихынҳәыз – урҭ рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи зынӡаск даҽакын. Ус зысҳәо, абни ажәытәра иахьыԥшын дара. Ажәытәра бзиа иахьыԥшын. - Аиҿцәажәаразы ҭелла ҳанеицәажәоз ишәҳәеит – сара ауал сыдуп Аҵнариа иҩызцәеи иареи рҿаԥхьа ҳәа. Иарбан уалу ишәыду? Ишәҳәарц ишәҭахыз арбану? - Уалс исыду – убырҭ рахьынтәи инхаз сара аӡәзаҵәык соуп. Иҵегь иҟақәоугьы ыҟоуп, аха зегь ҳаамҭа ииасхьеит. Ус акәзаргьы, макьана сшьапқәа сныҟәыргоит, убри аҟынтә, уалс иҟоу убри ауп – убарҭ сырԥхашьар сҭахӡам. Уи сара даараӡа ҩнуҵҟала исыцрыхо хьымӡӷуп. Урҭ иахьа акгьы рызҳәом, иҳалагылам. Насгьы, инрыжьыз адоуҳатә мал иахьа иӡит, иҟаӡам. Аха, абри иҟаӡам ҳәа ҳәаны, схы анрааланы иахьа ахымҩаԥгара азин сымаӡам, избанзар, урҭ рҳақ ыҟоуп сара сыхдырраҿы. - Ҳара иаҳуалӡами Аҵнариа иеиԥш иҟоу ауаа рдоуҳатә ҭынха аӡыргара? - Ҳәарас иаҭахузеи, аха сара Аҵнариа иҩызцәеи иареи срыҵашьыцуеит. Иахьа сара сыла иабо, слымҳа иаҳауа ирымбаӡакәа, ирмаҳаӡакәа рдунеи рыԥсахит. Сара ари збеит, исаҳаит. Ҳара ҳажәлар иахьа ишыҟоуи, усҟан ишыҟази еиԥшӡам. - Иаҳцәыӡи, Олег Нестор-иԥа? - Ҳаԥсуара ҳцәыӡит, ажәакала иуҳәозар. - Аҵнариа ихаҭарахьы ҳаиасуазар, сара сахьӡеит Москвантәи адепутат Михаил Монго хадара ззиуаз акомиссиа 1989 шықәсазы Аҟәа ианааз, афилармониаҿы имҩаԥысуаз аизараҿы Владимир ӷьеҩла дшықәгылаз, заҟа иажәа еиҿкааз збеит. Избан лымкаала иара дзықәдыргылаз аԥсуаа? - Сара хымԥада исгәалашәоит уи иқәгылара. Котик уқәгыл зырҳәаз убри ауп, акы - аԥсуа литература адырраҿы, аӡыргараҿы даԥшәыманы ихы иԥхьаӡон, иагьиашан. Котик илшоз зылшоз дмаҷын усҟантәи аамҭа азыҳәан. Усҟан аԥсуа литература аԥсуара акәын ианыԥшуаз. - Аха афилармониаҿ ақәгылара политикамзи? - Политикоуп, ҳәарас иаҭахузеи, аха ажәлар рыхьӡала, ажәлар цәырызгоз, иӡырызгоз иара иеиԥш усҟан имаҷын, уи иаҭахын алитературадыррагьы. - 1978 шықәсазы 130-ҩык рышәҟәы аҩра Владимир Аҵнариа далахәын. Араҟагьы, аҵарауаҩ иенергиа аполитиказы инихыр акәхеит?! - Абри ашәҟәы аниуаз, имаӡан, абри аӡәыр дақәӡуазар ҳара ҳақәӡааит, аҭакԥхықәрагьы ҳара иҳақәшәааит ҳәа ихәыцуан еиқәзыршәоз. Ари ҳнапы аҵаҩны ианыҟалалакгьы, ақәӡра ҳазыхиан ҩнуҵҟала. Ицәгьахоит аусқәа ҳәа ҳаҟан. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи алаҳархәыр, ҳажәлар хыданы, изызҵаауа уаҩ дрымамкәаны инхар алшон. Убри ҳацәшәон. Убри азоуп изымаӡаз абри – зыхьӡ сҳәазгьы ирыздырӡомызт. - Олег Нестор-иԥа, иабашәыҩуаз абри ашәҟәы, шаҟаҩ шәыҟадаз? Уи аҩра ҳалахәын ҳәа зҳәахьо маҷҩым. Изҩыда 130-ҩык рышәҟәы? - Ари ашәҟәы аҩра уи техникатә зҵааран, иара атекст ашьақәыргылара еиҳа имариоуп. Усҟан абри ашәҟәы иахьеи уахеи еиԥмырҟьаӡакәа изыҩуаз хҩык ҳаҟан - Владимир Аҵнариеи, Артур Аншбеи, сареи. Ахәылбыҽха Артур иҿы ҳаиқәшәон, Аҟәа аҳабла ҿыцаҿ. Котикгьы уа дылбаауан, уи аҩнаҟны акәын дахьынхоз. Ари ашәҟәы ажәлар ирышәҟәызароуп ҳәа иҳаԥхьаӡеит. Ара ҳара ҳгәаанагара мацара акәӡамызт, ҳара иӡыраагоз ажәлар еилыркаартә, ирбартә еиԥш, дара ирышәҟәны иҟазар акәын. Зегь реиҳагьы иуадаҩыз, абри ажәлар еилыркаауа аҟаҵара, иҩбахаз, захь инеиуагьы урҭгьы еилыркаауа. Убасҟан ауп ҳзышьҭоу алҵшәа, ахықәкы анаиуаз. - Ахықәкы нагӡахама Владимир Аҵнариа аԥхьа дыргыланы зыҩра шәаҿыз ашәҟәы? - Иаиуит уи аиашазы. Миллиардки бжаки аԥара Аԥсны иазоурыжьит усҟан. Ауниверситет аадыртит, ателехәаԥшра ҟалеит. Ари ашәҟәы аус азыруз ҳара ҳакәӡам, ажәлар роуп. Ажәлар ашәҟәы ианахаҵгыла, асовет еиҳабырагьы акгьы рзымҳәеит. Избанзар, ари аҩыза ахҭыс Асвет ҳәынҭқарра аҭоурых аҟны иҟаӡамызт. - Владимир Аҵнариа иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы игәаларшәара мыӡырц азы иҟаҵатәуи? - Урҭ ашықәсқәа рзы Аҵнариа ажәлар дырдыруан, деилыркаауан, ихьӡи ижәлеи еидкыланы ирҳәон, бзиа дырбон, ҳаҭыр иқәырҵон, ҳәарас иаҭахузеи. Аха уинахыс ҳажәлар рыҩнуҵҟа аилаҩынтрақәа аныҟала – цәгьеи бзиеи еилаҩашьеит ҳажәлар рыхдырраҿы. Иахьа еиҳагьы еилаҩашьаны иҟоуп. Иахьа ҳара рацәак ҳазхәыцӡом, Аҵнариа иҟаиҵаз. Ҳазхәыцӡом Нестор Лакоба, Ефрем Ешба, Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа, Таиф Аџьба уҳәа иҟарҵаз. Ҳлитература, ҳтеатр, аԥсуа ҵарадырра налаҵаны, 20-тәи ашәышықәсазы ҳзыхьӡаз, аԥсуаа рдоуҳа иалшаз абаҟа - иахьа еиқәыцәашь игылоуп. - Иҟазма амчра аганахь ақәыӷәӷәара шәызлацәажәоз ашәҟәы зыҩуаз рганахь? - Азныказы ашьауӷатә ус хацыркын. Москвантәи аиҳабыра ахаҵгыланы иаанӡа, ақырҭқәа рнапаҵаҟа иҟанаҵы еиҿыркааит аус. Иалагахьан, нап адыркхьан ашьауӷатә усқәа ашәҟәы зҩызи, иахаҵгылози рганахь. Котик апартиа даламызт, аха Алықьса Џьениа имаҵура дамырхит, апартиа далырцеит. Лиосик Ахьиба ҳәа дыҟан, уигьы убас изныҟәеит, саргьы ус. Ас ианалага, ажәлар еиҳа-еиҳа рыбжьы дырго иалагеит. Ажәлар ҳадгылеит. Ишәеит аиҳабыра. Аиашазы убасҟан ауп аиҭакрақәа ианрылага. Еиҳабыс Борис Виктор-иԥа Адлеиба дҟарҵеит. Уи иҟаз аҭагылазаашьа ибон, ауаа рызнеишьа идыруан. Анхаҩгьы иацәажәашьа идыруан, аҵарауаҩгьы. Шьынқәбеи Ӡиӡариеи цәгьала дырзыӡырҩуан. Дара иабжьыргоз ажәа иара закәанушәа идикылон. - Аҵнариа алитератураҭҵаараҿы иҳаракыз аҩаӡара иман, ажәлар ринтересқәа рыхьчараҿгьы илшара ыҟан. Иара ирҿиара хшыҩзышьҭра ашәҭозма амилаҭтә қәԥара шәахьеиднакылоз анаҩсангьы? - Бара бызҵаара аҭак абас иҟасҵоит. 1825 шықәсазы Урыстәыла адекабристцәа рықәгылара ыҟан. Абри иазкны аурыс генерел Александр Бенкендорф ҳәа дыҟан, абри Александр Пушкин – декабр 25 азыҳәан Санкт- Петербург уҟазҭгьы уабаҟалоз ҳәа диазҵааит. Ара сыҟазҭгьы Асенатцәа рашҭаҿы сҟалон иҳәеит Пушкин. Абри аҭоурых аҿы саԥхьахьеит. Апоет ажәлар рлахьынҵа даҟәыҭханы ҟалашьа имаӡам. Аҵнариагьы азин имаӡамызт даҽакала аныҟәара, иламыс имнахит ус аныҟәаразы азин. Ихы ныҵга-ааҵго аныҟәара – ҟалашьа амаӡамызт. Ус шакәызгьы, иара аполитика дамгаӡеит, дырҿиаҩын. Котик даналитикын, дкритикын, алитературатә ԥсҭазаара далахәын. Уи иалахәу ажәлар хазы изыргылаӡом. - Шәара шәхаан иит аинтеллигенциа бзиа, аиҳабыра рахь ашәҟәқәа зыҩуаз. Уажәы иҟалеи? Ажәлар еснагь ирыман аԥхьагылаҩцәа… - Ҳара аибашьра иаҳхаагаз аҿы аиааира ҳамгеи. Убри ала инҵәаз џьаҳшьеит ҳақәԥара. Убри ала ҳхы ҳахьчаз џьаҳшьеит. Иахьагьы ус ҳхәыцуеит. Аиааира ҳгеит аибашьраҿы ҳәа ауп ҳашцәажәо ус ами? Макьана аибашьра цоит. Ианеилго ҳаздырӡом, ҳахьнанагогьы ҳаздырӡом… - Иазынижьи аԥсуа культура Владимир Аҵнариа? - Мышкы-зны, агәыӷра сымоуп иҳамаз ҳҭыԥ ахь, ҳаԥсҭазаарахь ҳхынҳәуеит ҳәа. Агәыӷрагьы зыдҳәалоу – иахьа ҳара ҳакәша-мыкәша, ара ҳаҩнуҵҟа иаҳбо мацара акәӡам. Урыстәыла шьҭахьҟа анкьатәи ркультура бзиахь ахынҳәра аҽазнакит. Иахьа Урыстәыла аиҳабыра лабҿаба ирбеит ркультурахь, ртрадициахь ихнымҳәкәа хеиқәырхашьа шрымам. Исҳәарц исҭаху – ҳара иахьа абри иаҳхаагаз ҳхашҭуа ҳалагазар, ҳаԥсуара ҳзышьақәыргылаӡом. Издыруада, Урыстәыла шьҭахьҟа ихынҳәыр – убри ҳаргьы иҳахәоит, ҳхынҳәуеит ҳәа сгәыӷуеит. Акапитал – убри ҳацрыҵны ауаҩытәыҩса идоуҳатә капитал ахь ҳхынҳәыроуп – убри ауп ауаҩы деиқәзырхо. Ани амаҭәартә капитал, амал ауаҩы ҩнуҵҟала деилнаршшоит. Ауаҩы дыԥхасҭанатәуеит. Иуаҩра ицәыӡуеит. Иҟаҵатәу убри ауп, ҩаԥхьа исҳәоит, ҳкультурахь ҳгьежьыроуп. Убри ҳзышьҭыхыр – убасҟан ауп, ауал иҳаду анаҳшәо. - Ихьаажәгома иахьа Аҵнариа шәидтәаланы шәиацәажәартә алшара ахьшәымам. Ишԥашәныруеи уи иҟамзаара? - Цәгьалаҵәҟьа исныруеит иҟамзаара, избанзар сара абри исҳәо еилызкаауа маҷҩуп иахьа. Ауаҩы ихәыцра аҽеиҭанакит, аҽаԥсахит. Даҽакы ихы азкыдуп. Аамҭа аҽаԥсахит анаҳҳәо, аамҭа акәӡам зҽызыԥсахыз, ауаҩ иоуп. Ауаҩы иахьа даҽакала ихы ныҟәигоит. Иахьа ауаҩы аҽы дақәтәаны Кәтолынтәи Џьгьарда днеиуа дырбар, зегь атрышә иасуеит. Урҭ гәыбӷан узрыҭаӡом. Избанзар ҳара мраҭашәарахьтәи ацивилизациа иаанагаз аҟьамсар - абри ссируп ҳәа иҳадаҳкылеит. Абыржә ианаҳҵо збо убас ргәы иаанагоит, абри 85 шықәса дырхысит, иқәра цеит, ихшыҩгьы цеит ҳәа. Котики сареи арҵаҩратә институт аҟны аҵара еицаҳҵон. Усҟан иҳаман абри аԥсуара ҳәа изышьҭоу. Ҳарҭ ақыҭаҟынтәи ҳааит. Ақалақь иааӡаз аҷкәынцәа ҳарҭ ақыҭауаа ҳларҟәны иҳахәаԥшуан. Убри аҟынтә аҭак ҳаргьы иҟаҳҵон ҵарала, хымҩаԥгашьала, гәымшәарыла егьи зҳәаз еиԥш. Қалақьуаас усҟан уа иҟаз ақырҭқәа ракәын. Ҳара ҳаиԥш убасҟан Сергеи Зыхәба, Шоҭа Салаҟаиа, Алықьса Гогәуа – аиҳабыратәи акурсқәа рҿы итәан. 1954 шықәсазы аԥсуа гәыԥқәа ҟарҵеит. Сара 1955 шықәсазы сҭалеит. Ҳарҭ алекциа ашьҭахь аԥсшьаратә минуҭқәа рзы ҳаизаны ԥсышәала ашәа ҳҳәон, ҳкәашон. Котик ашәа иҳәон, агитараҿ дыхәмаруан, ихала ашәақәагьы аԥиҵон. Убас ҳаҟан. Ҳара аурысшәа уамак иҳаздырӡомызт. Татиана Дмитри-иԥҳа Гәлиа аурысшәа ҳлырҵон. Аурыс литература даҳзаԥхьон. Цәгьалаҵәҟьа даӷьны дҳацәажәон, дыџьбараны. Лара дҳаԥхьон ҳара ҳаԥсацәаҵәҟьаны ҳҟаларц. Шәыӷәӷәаны шәыҟазароуп ҳәа ҳалҳәон. Нас, иара аурыс литература ирласны ишьҭаҳхит, абызшәагьы ҳҵеит, алитературагьы. Аурыс классика аԥхьара, аилкаара даара иуадаҩуп. Ҳара алитература алоуп ҳшышьақәгылаз – аԥсуа литературеи аурыс литературеи рыла... - Иахьа Владимир Аҵнариа иԥсы ҭаны шәаԥхьа дтәазҭгьы, иашәҳәоз? - Иасҳәоз? Аҭамзаара шьҭасҵон. - Избан? - Избанзар, иахьа иҟоу аҭагылазаашьа саргьы исхароуп. Котик игәаԥхарымызт, ҳара иахьа алшара анҳау аҳәынҭқарра аргыларазы, ҳҳәынҭқарра абас ишакәым азныҟәара ҳахьаҿу. Иара иуӡомызт ус. Аҳәынҭқарреи ажәлари аӡәыкны макьана изыҟамлаӡеит. Аиҳабыра иахагылоу рхала авба рысҭаӡом сара. Иҳагхаз абраҟа – аҭакԥхықәра еицеиҩаҳшароуп зегьы – аиҳабырагьы, аоппозициагьы, ажәларгьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20230625/aama-aeish-inaaauaz-akritiktsa-dreiuamyzt-vladimir-anaria-igalasharazy-1046278730.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210102/Asua-literaturaaarei-afolkloristikei-iazaasaz-Artur-Anshba-igalasharazy-1031558973.html
https://sputnik-abkhazia.info/20180228/damenia-ashkuyyi-vladimir-aznaria-iskni-sdirra-harakis-zarauayin-1023278471.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102432/10/1024321089_87:0:1420:1000_1920x0_80_0_0_3b7513d4574556470f18491bd9085e86.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усуҩ Владимир (Котик) Аҵнариа аофициалтә шәҟәқәа рҿы диит февраль 28 1938 шықәсазы ҳәа шанугьы, иара иирамш аназгәаиҭоз ԥхынгәы 25 рзы акәын.
- Олег Нестор-иԥа, шәҩыза Владимир (Котик) Аҵнариа аҭҵаарадырраҿ иқәҿиарақәа рнаҩсан, ауаажәларратә ԥсҭазааразы уи илшарақәа маҷмызт. Иахьа убри ахырхарҭа ҳалацәажәарц сҭахын.
- Дҵарауаҩын, зегь раԥхьаӡа. Иара имаз аҵареи, ахшыҩи, аламыси, аԥсыцқьареи – ихы аланыҟәигарц азакәӡамызт изимаз. Ажәлар ирнырырц, ирныԥшырц дазыҳаҵҳаҵон. Ажәлар рыла иара ихы ираӡон, иара ихала ажәлар рахь дцәырҵит.
- Аԥсҭазаара иаҳнарбеит аполитика ажәлар рныҟәгара азы акәымкәа, рхатәы бзазаразы зхы иазырхәаз шыҟоу. Зныкыр ихы иаирхәахьазма Аҵнариа амилаҭтә қәԥараҿы иибахьаз аџьабаа?
- Иара имаз аҟазшьақәа дҳаразкуаз доуҳатә ҟазшьақәан. Уи схы аланыҟәызгоит ҳәа имаӡамызт. Ус дазхәыцӡомызт уи. Иара иԥсы зегь зызкыз – ҩнуҵҟала ацқьара акәын. Ажәлар насҭха иргыланы, иара даҽаџьара ихы ргыланы - ус ихы дахәаԥшӡомызт. Ажәлар дрылагылан, рыԥсҭазаара иԥсҭазааран.
- Данбацәырҵи алитературатә критик Владимир Аҵнариа ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы?
- 1970-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟан дыҷқәынан 32 шықәса раҟара ихыҵуан.
- Амилаҭтә зҵаарақәа рхаҵгылараҿы иара имацара дыҟамызт. Шәхы шԥеидышәкылеи шәара шәабиԥара?
- Усҟан макьанагьы инханы иҟан амилаҭтә идеиақәа рхаҵгылара аидеиа. Иара иеиԥшыз аиқәлацәа иара дышхәыцуаз еиԥш ихәыцуан. Уи дидыскылоит аҵарауаҩ Артур Аншба.
- Дышԥагылеи убасҟантәи аамҭазы ҵәатәышьаҟаны Владимир Аҵнариа?
- Ажәлар рҵеи - доуҳалагьы, занааҭлагьы, абас изысҳәар сылшоит Котик. Ажәлар ихы рыхҭынҵара – ари иара изын разҟын. Ҩнуҵҟала иҵәахны хықәкыс имаз акәын. Убри аҟынтә, ҳәарас иаҭахузеи, ари иҟьаланы иднамгалеит. Избанзар, усҟантәи аамҭазы макьанагьы имыӡкәа аԥсҭазаара ианыԥшуан ҳаԥхьа игылаз абиԥарақәа рнырра. Урҭ рҟынтәи иаауаз доуҳатә кодны иҟан. Иара дангылоз аамҭазы аус ауан убри акод.
- Ажәлар рымаҵ ауразы аџьабаа шибахьазгьы, ихы дахыҽхәо зныкыр дыжәбахьазма? Ахцәыргара илазма?
- Ахӡыргара урҭ еиҵагылаз абиԥара ирҟәыблаан. Аԥсуаҭҵааратә инститиут аҿы аус зуаз, Арҵаҩратә институт аҿы аус зуаз, еиҳараӡакгьы абри Москвантәи аҵара ҵаны Аԥсныҟа ихынҳәыз – урҭ рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи зынӡаск даҽакын. Ус зысҳәо, абни ажәытәра иахьыԥшын дара. Ажәытәра бзиа иахьыԥшын.
- Аиҿцәажәаразы ҭелла ҳанеицәажәоз ишәҳәеит – сара ауал сыдуп Аҵнариа иҩызцәеи иареи рҿаԥхьа ҳәа. Иарбан уалу ишәыду? Ишәҳәарц ишәҭахыз арбану?
- Уалс исыду – убырҭ рахьынтәи инхаз сара аӡәзаҵәык соуп. Иҵегь иҟақәоугьы ыҟоуп, аха зегь ҳаамҭа ииасхьеит. Ус акәзаргьы, макьана сшьапқәа сныҟәыргоит, убри аҟынтә, уалс иҟоу убри ауп – убарҭ сырԥхашьар сҭахӡам. Уи сара даараӡа ҩнуҵҟала исыцрыхо хьымӡӷуп. Урҭ иахьа акгьы рызҳәом, иҳалагылам. Насгьы, инрыжьыз адоуҳатә мал иахьа иӡит, иҟаӡам. Аха, абри иҟаӡам ҳәа ҳәаны, схы анрааланы иахьа ахымҩаԥгара азин сымаӡам, избанзар, урҭ рҳақ ыҟоуп сара сыхдырраҿы.
- Ҳара иаҳуалӡами Аҵнариа иеиԥш иҟоу ауаа рдоуҳатә ҭынха аӡыргара?
- Ҳәарас иаҭахузеи, аха сара Аҵнариа иҩызцәеи иареи срыҵашьыцуеит. Иахьа сара сыла иабо, слымҳа иаҳауа ирымбаӡакәа, ирмаҳаӡакәа рдунеи рыԥсахит. Сара ари збеит, исаҳаит. Ҳара ҳажәлар иахьа ишыҟоуи, усҟан ишыҟази еиԥшӡам.
- Иаҳцәыӡи, Олег Нестор-иԥа?
- Ҳаԥсуара ҳцәыӡит, ажәакала иуҳәозар.
- Аҵнариа ихаҭарахьы ҳаиасуазар, сара сахьӡеит Москвантәи адепутат Михаил Монго хадара ззиуаз акомиссиа 1989 шықәсазы Аҟәа ианааз, афилармониаҿы имҩаԥысуаз аизараҿы Владимир ӷьеҩла дшықәгылаз, заҟа иажәа еиҿкааз збеит. Избан лымкаала иара дзықәдыргылаз аԥсуаа?
- Сара хымԥада исгәалашәоит уи иқәгылара. Котик уқәгыл зырҳәаз убри ауп, акы - аԥсуа литература адырраҿы, аӡыргараҿы даԥшәыманы ихы иԥхьаӡон, иагьиашан. Котик илшоз зылшоз дмаҷын усҟантәи аамҭа азыҳәан. Усҟан аԥсуа литература аԥсуара акәын ианыԥшуаз.
- Аха афилармониаҿ ақәгылара политикамзи?
- Политикоуп, ҳәарас иаҭахузеи, аха ажәлар рыхьӡала, ажәлар цәырызгоз, иӡырызгоз иара иеиԥш усҟан имаҷын, уи иаҭахын алитературадыррагьы.
- 1978 шықәсазы 130-ҩык рышәҟәы аҩра Владимир Аҵнариа далахәын. Араҟагьы, аҵарауаҩ иенергиа аполитиказы инихыр акәхеит?!
- Абри ашәҟәы аниуаз, имаӡан, абри аӡәыр дақәӡуазар ҳара ҳақәӡааит, аҭакԥхықәрагьы ҳара иҳақәшәааит ҳәа ихәыцуан еиқәзыршәоз. Ари ҳнапы аҵаҩны ианыҟалалакгьы, ақәӡра ҳазыхиан ҩнуҵҟала. Ицәгьахоит аусқәа ҳәа ҳаҟан. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи алаҳархәыр, ҳажәлар хыданы, изызҵаауа уаҩ дрымамкәаны инхар алшон. Убри ҳацәшәон. Убри азоуп изымаӡаз абри – зыхьӡ сҳәазгьы ирыздырӡомызт.
- Олег Нестор-иԥа, иабашәыҩуаз абри ашәҟәы, шаҟаҩ шәыҟадаз? Уи аҩра ҳалахәын ҳәа зҳәахьо маҷҩым. Изҩыда 130-ҩык рышәҟәы?
- Ари ашәҟәы аҩра уи техникатә зҵааран, иара атекст ашьақәыргылара еиҳа имариоуп. Усҟан абри ашәҟәы иахьеи уахеи еиԥмырҟьаӡакәа изыҩуаз хҩык ҳаҟан - Владимир Аҵнариеи, Артур Аншбеи, сареи. Ахәылбыҽха Артур иҿы ҳаиқәшәон, Аҟәа аҳабла ҿыцаҿ. Котикгьы уа дылбаауан, уи аҩнаҟны акәын дахьынхоз. Ари ашәҟәы ажәлар ирышәҟәызароуп ҳәа иҳаԥхьаӡеит. Ара ҳара ҳгәаанагара мацара акәӡамызт, ҳара иӡыраагоз ажәлар еилыркаартә, ирбартә еиԥш, дара ирышәҟәны иҟазар акәын. Зегь реиҳагьы иуадаҩыз, абри ажәлар еилыркаауа аҟаҵара, иҩбахаз, захь инеиуагьы урҭгьы еилыркаауа. Убасҟан ауп ҳзышьҭоу алҵшәа, ахықәкы анаиуаз.
- Ахықәкы нагӡахама Владимир Аҵнариа аԥхьа дыргыланы зыҩра шәаҿыз ашәҟәы?
- Иаиуит уи аиашазы. Миллиардки бжаки аԥара Аԥсны иазоурыжьит усҟан. Ауниверситет аадыртит, ателехәаԥшра ҟалеит. Ари ашәҟәы аус азыруз ҳара ҳакәӡам, ажәлар роуп. Ажәлар ашәҟәы ианахаҵгыла, асовет еиҳабырагьы акгьы рзымҳәеит. Избанзар, ари аҩыза ахҭыс Асвет ҳәынҭқарра аҭоурых аҟны иҟаӡамызт.
- Владимир Аҵнариа иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы игәаларшәара мыӡырц азы иҟаҵатәуи?
- Урҭ ашықәсқәа рзы Аҵнариа ажәлар дырдыруан, деилыркаауан, ихьӡи ижәлеи еидкыланы ирҳәон, бзиа дырбон, ҳаҭыр иқәырҵон, ҳәарас иаҭахузеи. Аха уинахыс ҳажәлар рыҩнуҵҟа аилаҩынтрақәа аныҟала – цәгьеи бзиеи еилаҩашьеит ҳажәлар рыхдырраҿы. Иахьа еиҳагьы еилаҩашьаны иҟоуп. Иахьа ҳара рацәак ҳазхәыцӡом, Аҵнариа иҟаиҵаз. Ҳазхәыцӡом Нестор Лакоба, Ефрем Ешба, Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа, Таиф Аџьба уҳәа иҟарҵаз. Ҳлитература, ҳтеатр, аԥсуа ҵарадырра налаҵаны, 20-тәи ашәышықәсазы ҳзыхьӡаз, аԥсуаа рдоуҳа иалшаз абаҟа - иахьа еиқәыцәашь игылоуп.
- Иҟазма амчра аганахь ақәыӷәӷәара шәызлацәажәоз ашәҟәы зыҩуаз рганахь?
- Азныказы ашьауӷатә ус хацыркын. Москвантәи аиҳабыра ахаҵгыланы иаанӡа, ақырҭқәа рнапаҵаҟа иҟанаҵы еиҿыркааит аус. Иалагахьан, нап адыркхьан ашьауӷатә усқәа ашәҟәы зҩызи, иахаҵгылози рганахь. Котик апартиа даламызт, аха Алықьса Џьениа имаҵура дамырхит, апартиа далырцеит. Лиосик Ахьиба ҳәа дыҟан, уигьы убас изныҟәеит, саргьы ус. Ас ианалага, ажәлар еиҳа-еиҳа рыбжьы дырго иалагеит. Ажәлар ҳадгылеит. Ишәеит аиҳабыра. Аиашазы убасҟан ауп аиҭакрақәа ианрылага. Еиҳабыс Борис Виктор-иԥа Адлеиба дҟарҵеит. Уи иҟаз аҭагылазаашьа ибон, ауаа рызнеишьа идыруан. Анхаҩгьы иацәажәашьа идыруан, аҵарауаҩгьы. Шьынқәбеи Ӡиӡариеи цәгьала дырзыӡырҩуан. Дара иабжьыргоз ажәа иара закәанушәа идикылон.
- Аҵнариа алитератураҭҵаараҿы иҳаракыз аҩаӡара иман, ажәлар ринтересқәа рыхьчараҿгьы илшара ыҟан. Иара ирҿиара хшыҩзышьҭра ашәҭозма амилаҭтә қәԥара шәахьеиднакылоз анаҩсангьы?
- Бара бызҵаара аҭак абас иҟасҵоит. 1825 шықәсазы Урыстәыла адекабристцәа рықәгылара ыҟан. Абри иазкны аурыс генерел Александр Бенкендорф ҳәа дыҟан, абри Александр Пушкин – декабр 25 азыҳәан Санкт- Петербург уҟазҭгьы уабаҟалоз ҳәа диазҵааит. Ара сыҟазҭгьы Асенатцәа рашҭаҿы сҟалон иҳәеит Пушкин. Абри аҭоурых аҿы саԥхьахьеит. Апоет ажәлар рлахьынҵа даҟәыҭханы ҟалашьа имаӡам. Аҵнариагьы азин имаӡамызт даҽакала аныҟәара, иламыс имнахит ус аныҟәаразы азин. Ихы ныҵга-ааҵго аныҟәара – ҟалашьа амаӡамызт. Ус шакәызгьы, иара аполитика дамгаӡеит, дырҿиаҩын. Котик даналитикын, дкритикын, алитературатә ԥсҭазаара далахәын. Уи иалахәу ажәлар хазы изыргылаӡом.
- Шәара шәхаан иит аинтеллигенциа бзиа, аиҳабыра рахь ашәҟәқәа зыҩуаз. Уажәы иҟалеи? Ажәлар еснагь ирыман аԥхьагылаҩцәа…
- Ҳара аибашьра иаҳхаагаз аҿы аиааира ҳамгеи. Убри ала инҵәаз џьаҳшьеит ҳақәԥара. Убри ала ҳхы ҳахьчаз џьаҳшьеит. Иахьагьы ус ҳхәыцуеит. Аиааира ҳгеит аибашьраҿы ҳәа ауп ҳашцәажәо ус ами? Макьана аибашьра цоит. Ианеилго ҳаздырӡом, ҳахьнанагогьы ҳаздырӡом…
- Иазынижьи аԥсуа культура Владимир Аҵнариа?
- Мышкы-зны, агәыӷра сымоуп иҳамаз ҳҭыԥ ахь, ҳаԥсҭазаарахь ҳхынҳәуеит ҳәа. Агәыӷрагьы зыдҳәалоу – иахьа ҳара ҳакәша-мыкәша, ара ҳаҩнуҵҟа иаҳбо мацара акәӡам. Урыстәыла шьҭахьҟа анкьатәи ркультура бзиахь ахынҳәра аҽазнакит. Иахьа Урыстәыла аиҳабыра лабҿаба ирбеит ркультурахь, ртрадициахь ихнымҳәкәа хеиқәырхашьа шрымам. Исҳәарц исҭаху – ҳара иахьа абри иаҳхаагаз ҳхашҭуа ҳалагазар, ҳаԥсуара ҳзышьақәыргылаӡом. Издыруада, Урыстәыла шьҭахьҟа ихынҳәыр – убри ҳаргьы иҳахәоит, ҳхынҳәуеит ҳәа сгәыӷуеит. Акапитал – убри ҳацрыҵны ауаҩытәыҩса идоуҳатә капитал ахь ҳхынҳәыроуп – убри ауп ауаҩы деиқәзырхо. Ани амаҭәартә капитал, амал ауаҩы ҩнуҵҟала деилнаршшоит. Ауаҩы дыԥхасҭанатәуеит. Иуаҩра ицәыӡуеит. Иҟаҵатәу убри ауп, ҩаԥхьа исҳәоит, ҳкультурахь ҳгьежьыроуп. Убри ҳзышьҭыхыр – убасҟан ауп, ауал иҳаду анаҳшәо.
- Ихьаажәгома иахьа Аҵнариа шәидтәаланы шәиацәажәартә алшара ахьшәымам. Ишԥашәныруеи уи иҟамзаара?
- Цәгьалаҵәҟьа исныруеит иҟамзаара, избанзар сара абри исҳәо еилызкаауа маҷҩуп иахьа. Ауаҩы ихәыцра аҽеиҭанакит, аҽаԥсахит. Даҽакы ихы азкыдуп. Аамҭа аҽаԥсахит анаҳҳәо, аамҭа акәӡам зҽызыԥсахыз, ауаҩ иоуп. Ауаҩы иахьа даҽакала ихы ныҟәигоит. Иахьа ауаҩы аҽы дақәтәаны Кәтолынтәи Џьгьарда днеиуа дырбар, зегь атрышә иасуеит. Урҭ гәыбӷан узрыҭаӡом. Избанзар ҳара мраҭашәарахьтәи ацивилизациа иаанагаз аҟьамсар - абри ссируп ҳәа иҳадаҳкылеит. Абыржә ианаҳҵо збо убас ргәы иаанагоит, абри 85 шықәса дырхысит, иқәра цеит, ихшыҩгьы цеит ҳәа. Котики сареи арҵаҩратә институт аҟны аҵара еицаҳҵон. Усҟан иҳаман абри аԥсуара ҳәа изышьҭоу. Ҳарҭ ақыҭаҟынтәи ҳааит. Ақалақь иааӡаз аҷкәынцәа ҳарҭ ақыҭауаа ҳларҟәны иҳахәаԥшуан. Убри аҟынтә аҭак ҳаргьы иҟаҳҵон ҵарала, хымҩаԥгашьала, гәымшәарыла егьи зҳәаз еиԥш. Қалақьуаас усҟан уа иҟаз ақырҭқәа ракәын. Ҳара ҳаиԥш убасҟан Сергеи Зыхәба, Шоҭа Салаҟаиа, Алықьса Гогәуа – аиҳабыратәи акурсқәа рҿы итәан. 1954 шықәсазы аԥсуа гәыԥқәа ҟарҵеит. Сара 1955 шықәсазы сҭалеит. Ҳарҭ алекциа ашьҭахь аԥсшьаратә минуҭқәа рзы ҳаизаны ԥсышәала ашәа ҳҳәон, ҳкәашон. Котик ашәа иҳәон, агитараҿ дыхәмаруан, ихала ашәақәагьы аԥиҵон. Убас ҳаҟан. Ҳара аурысшәа уамак иҳаздырӡомызт. Татиана Дмитри-иԥҳа Гәлиа аурысшәа ҳлырҵон. Аурыс литература даҳзаԥхьон. Цәгьалаҵәҟьа даӷьны дҳацәажәон, дыџьбараны. Лара дҳаԥхьон ҳара ҳаԥсацәаҵәҟьаны ҳҟаларц. Шәыӷәӷәаны шәыҟазароуп ҳәа ҳалҳәон. Нас, иара аурыс литература ирласны ишьҭаҳхит, абызшәагьы ҳҵеит, алитературагьы. Аурыс классика аԥхьара, аилкаара даара иуадаҩуп. Ҳара алитература алоуп ҳшышьақәгылаз – аԥсуа литературеи аурыс литературеи рыла...
- Иахьа Владимир Аҵнариа иԥсы ҭаны шәаԥхьа дтәазҭгьы, иашәҳәоз?
- Иасҳәоз? Аҭамзаара шьҭасҵон.
- Избанзар, иахьа иҟоу аҭагылазаашьа саргьы исхароуп. Котик игәаԥхарымызт, ҳара иахьа алшара анҳау аҳәынҭқарра аргыларазы, ҳҳәынҭқарра абас ишакәым азныҟәара ҳахьаҿу. Иара иуӡомызт ус. Аҳәынҭқарреи ажәлари аӡәыкны макьана изыҟамлаӡеит. Аиҳабыра иахагылоу рхала авба рысҭаӡом сара. Иҳагхаз абраҟа – аҭакԥхықәра еицеиҩаҳшароуп зегьы – аиҳабырагьы, аоппозициагьы, ажәларгьы.