Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ақалақь апрокуратура аӷьычра аганахь ала ашьаус хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура Сухума
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа агәызҩара ззыҟоу зегь рганахь ала ҩымз ирбаандаҩызарц аӡбра аднакылеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны ААР аусзуҩ Ахра Тҟьебучаа, атәылауаа Мизан Багаҭелиеи Ерик Матуеи рганахь ала ашьаус хацнаркит, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Тҟьебучаа имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны Мизан Багаҭелиеи Ерик Матуеи алархәны, заанаҵы еилацәажәаны арҳәра мҩаԥыргеит ҳәа агәызҩара ыҟоуп.

Аусӡбара инақәыршәаны ԥхынгәы 18 рзы Матуеи Багаҭелиеи амашьына "Тойота Марк-Х" ала амилициа ҳаиуоуп ҳәа Туркменистан атәылауаҩ Сердармухаммет Сапаров Семерџьиев имҩа шыҟаз дрыманы ицеит, уа иара имырхит 68600 мааҭ.

Иара убри амш азы Матуа, Багаҭелиа, Тҟьебучаа Узбекистан атәылауаа ҩыџьа - Салохиддин Уролови Мирджалола Азизови жьаны 5000 мааҭ рымырхит хараԥсак аҳасаб ала.
Багаҭелиа иҿы иқәшаҳаҭхеит, Матуеи Тҟьебучааи рхара мап ацәыркуеит. Дара зегьы ҩымз ҳәа ирбаандаҩуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0