Урыстәыла

Таганрог ақалақь аҟны аракета ԥжәеит

© Foto / пресс-служба правительства Ростовской областиНа месте взрыва в Таганроге
На месте взрыва в Таганроге - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Таганрог ақалақь аҟны аракета ԥжәеит, аӡәгьы дҭамхаӡеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Ростовтәи аобласт ахада Васили Голубев.
"Таганрок Лермонтов 22 имҩ, акаҳуажәырҭа "Чехов сад" азааигәара аракета ԥжәеит. Аҭыԥаҟны аиқәырхаҩцәа аус руеит. Аԥсҭбара ыҟаӡам. Ааха зауз ыҟоуп. Аԥжәара иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа ахышәаҵышәа аилкаара иаҿуп", - иҩуеит Голубев и-Телеграм-канал аҟны.
Уи ашьҭахь Голубев адырра ҟаиҵеит, аԥжәара ашьҭахь амедцхыраара шырҭаххаз 15-ҩык.
© Foto / пресс-служба правительства Ростовской областиНа месте взрыва в Таганроге
На месте взрыва в Таганроге - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2023
На месте взрыва в Таганроге
Ажәабжьқәа зегьы
0