Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кобесова аԥсуа цха Урыстәылаҟа анашьҭра армариашьа атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Раник (Аслан) Кове на пасеке в с. Куланырхуа
Раник (Аслан) Кове на пасеке в с. Куланырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәҳаахәҭра Ахаҭарнакра анапынҵақәа иреиуоуп аԥснытәи аалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьахь анашьҭра иаԥырхагоу азҵаарақәа рыӡбара.
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәҳаахәҭра ахаҭарнак Залина Кобесова аԥсуа цха Урыстәылаҟа анашьҭра армариашьа атәы далацәажәеит Sputnik аинтервиу аҭо.
"Ахәҳаахәҭратә хаҭарнакра Урыстәылеи Аԥсни апартниорцәа рыԥшаара адагьы иауалуп урҭ реимадара аиҿкаара. Уи анаҩсгьы аус хадақәа иреиуоуп Аԥсны ма Урыстәыла аинвистициақәа рзы аинвесторцәа рыԥшаара, ҩ-ганктәи аимпорти аекспорти ирԥырхагоу аԥынгылақәа раԥыхраз асистематә зҵаарақәа аарԥшны аҭыԥ рықәҵара" - лҳәеит лара.
Кобесова иазгәалҭеит, ари урыстәылатәи ааглыхыҩцәа ирԥырхагоу аԥынгылақәа рыдагьы, аԥснытәи аалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьахь анашьҭра ауадаҩрақәагьы шракәу.
"Шәызлацәажәаз ауадаҩра – атәы здыруеит, Ахаҭарнакра аус аднаулоит. Ҳҽазаҳшәоит ацха асертификатра азуразы алабораториақәа рзы ареагенқәа ҭзыжьуа рыԥшаара. Алабораториатә маҵзурақәа аԥынгылақәа роулоит, ақыҭанхамҩа аминистрреи ҳареи урҭ реицыӡбара ҳҽазаҳшәоит", - лҳәеит ахаҭарнак.
Залина Кобесова лажәақәа рыла, ацха аекспорт азҵаара хара имгакәа иӡбахароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0