Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра амш аҽны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥгахоит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукПК об акции Бессмертный полк
ПК об акции Бессмертный полк - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" раԥхьаӡакәны имҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы.
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны цәыббра 30 рзы имҩаԥгахоит, абри атәы рҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа Sputnik имҩаԥыргаз апресс-конференциаҿы.
Аиҿкааҩцәа - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа аҳәса-инвалидцәа Рассоциациа, аилахәыра "А-Мобаил".
Аԥсны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" раԥхьаӡакәны имҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩ-нызқьи бжаки ауааԥсыра, 2000 фотосахьа рыманы ҳәа еиҭалҳәоит Ассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарԥҳа.
Сынтәа акциа ареспубликатә масштаб шьҭнахуеит– араионқәа рхадарақәа рҿы ишьҭоу афотосахьақәа зегьы Аҟәаҟа иааргоит. Иҟоу афотосахьақәа ирыцҵахоит 1500 ҳәа лҳәоит Ҭарԥҳа.

"Аибашьра ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз аветеранцәа рацәаҩуп. Аҳәара ҟаҳҵоит рҭаацәа, рыуа, рҭахы рахь афотосахьақәа ҳзааргарц", - лҳәеит лара.

Тҟәарчал, Афон Ҿыц, Гәдоуҭа рҟынтәи афронт аҿы иҭахази зыԥсҭазаара иалҵыз аветеранцәеи рфотосахьақәа араионқәа рхадарақәа рахь инаргар рылшоит, Гәылрыԥшь араион аҿы - араион ахадараҿ иаԥҵоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа аҳәса-инвалидцәа Рассоциациахь, Аҟәа араион аҿы – араион ахадара аҵара аҟәшахьы, Аҟәа - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа аҳәса-инвалидцәа Рассоциациа аофис ахь. Ҭарԥҳа лажәақәа рыла, афотосахьақәа А4 аформат ала ирыхкьыԥхьаахоит.
"А-мобайл" ауаажәларра рымадаразы аҟәша аҟазауаҩ лажәақәа рыла, афотосахьақәа мҩангахоит Ацҳа ҟаԥшь инаркны Ахақәиҭра ашҭаҟынӡа.
Лариса Ҭарԥҳа илҳәеит цәыббра 30 азы ишазыԥхьагәаҭо аибашьраан иҭахаз 51-ҩык амедеиҳәшьцәа рфотосахьақәа зну абаннерқәа разырхиареи, урҭ анышә иахьамадо аҭыԥқәа рҭаареи.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аибашьраан иҭахеит 1700 еибашьҩы.
Ажәабжьқәа зегьы
0