Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" Аахыҵ Уаԥстәыла иқәгылоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Концерт ГАНТ Кавказ для беженцев из ЛНР и ДНР
Концерт ГАНТ Кавказ для беженцев из ЛНР и ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2023
Анапаҵаҩра
Аконцерт мҩаԥгахоит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз.
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ-и", Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд-и" аконцерт еицымҩаԥыргоит Цхьынвал, нанҳәа 26 рзы.
"Ҳконцертә программа ӷәӷәоуп. Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵҟа ҩ-концертк мҩаԥаагоит, уи анаҩсан Цхьынвал ҳақәгылара аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп. Артистцәа ргәалаҟазаара шьахәуп, агострольқәа ҳарзыԥшуп", - иҳәеит "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Омар Ҭарба.

Ҭарба иажәақәа рыла, аконцерттә программа 11 номер рыла ишьақәгылоуп: "Аԥсны аныҳәа", "Исламеи", ауаԥс кәашара "Симд", "Аҟамақәа", "Ашьхарыуаа рыкәашара", "Ауараа рыкәашара", ахореографиатә поема "Аиндаҭлара", "Аҭыԥҳацәа рыкәашара".

Агострольқәа рахь 50-ҩык цоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0