Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷанба Пицундатәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль иазкны: хҭыс дууп Аԥсны азы

Ҷанба Пицундатәи амузыкатә фестиваль азы: хҭыс дууп Аԥсны азы
Анапаҵаҩра
Пицундатәи амузыкатә фестиваль аиҿкаара шалыршахаз, ҳаамҭазы аклассика ажанр шаҟа иӡыргалтәу, уи ауаҩы идунеихәаԥшышьа аԥсахыр ахьынӡалшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Жәлар рартист, адирижиор, акомпозитор Нодар Ҷанба.
Пицундатәи ауахәама аорӷантә зал аҟны ԥхынгәы 31 инаркны нанҳәа 4-нӡа имҩаԥысуеит Пицундатәи актәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль. Аԥсны, Урыстәыла, Канада, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла, Еиду аштатқәа рҟынтәи амузыкантцәа алахәуп афестиваль. Уи аиҿкааҩцәас иҟоуп 2014 шықәса инаркы акоронавирус апандемиа алагаанӡа Аԥсны ӷәӷәала ичмазҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә аклассикатә музыкатә концертқәа мҩаԥызгоз "Асоциал-культуратә аԥшьгара агәыҳалалратә фонд".
"Амузыкантцәа рацәаны иадԥхьалоуп ари афестиваль. Егьырҭ иреиԥшӡам, избанзар ф-ҳәынҭқаррак рхаҭарнакцәа алахәуп, иахьатәи аамҭа шыҟоу шәдыруеит, аиҭанаиааира цәгьоуп, амузыкантцәагьы уахь иналаҵаны. Хҭыс дууп Аԥсны азы абас еиԥш аамҭазы еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иреиӷьу амузыкантцәа еизганы, афестиваль ахьеиҿкаахаз. Хымԥада, уи зыбзоуроу Барас Кәыџба иоуп. Москватәи аконсерваториа дҭоуп, шықәсык изаанхеит, далганы даауеит ҳәа ҳиқәгәыӷуеит, ҳаизыԥшуп даараӡа иҵегьы аус дуқәа рҿы дирижиорк, пианистк иаҳасабала", - иҳәеит Ҷанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь
Пицундатәи актәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала. Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Барас Кәыҿба. Аинформациатә цхыраара ҟанаҵоит Sputnik Аԥсны.
Ажәабжьқәа зегьы
0