Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны 320 цәгьоура инареиҳаны ашәҟәы иҭаргалеит фымз рыҩнуҵҟа

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс иара абри аамҭазы ашәҟәы иҭагалан 342 цәгьоура.
АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭақәа Аԥсны 2023 шықәса раԥхьатәи азбжазы имҩаԥгаз ацәгьоурақәа 322 ашәҟәы иҭаргалеит. Абри атәы иҳәеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы.
Ацәгьоурақәа рҟынтәи 115 ареспублика аҳҭнықалақь аҿоуп иахьымҩаԥгаз. Ари 12 цәгьоура рыла еиҵоуп ҵыԥх аасҭа. Гәдоуҭа араион аҿгьы аа-цәгьоурак рыла еиҳа еиҵоуп (сынтәа – 42, ҵыԥх – 50).
Раионқәак рҿы аҭагылазаашьа аҽакала иҟоуп. Убас, Очамчыреи Гали араионқәа рҿы – 28; 25 цәгьоура 2022 шықәсазтәи 19; 16 ирҿырԥшны.
34,4% (111) ацәгьоурақәа ихьанҭоуи ихьанҭаӡоуи ргәыԥ иаҵанакуеит. Ацәгьоурақәа раарԥшра 46,8% инаӡоит.
Аҳасабырбатә аамҭазы ҩыџьа атәылауаа рӷьычит. Дара аарԥшуп. Ари аамҭаз иҟаҵаз арҳәрақәа жәба рҟынтәи иаадырԥшит ааба. Ауаҩшьреи ақәылареи азгәаҭамызт.
Аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иуадаҩуп закәаншьаҭада анаркотикқәеи аԥсихатроптә маҭәашьарқәеи реикәыршара аус аҿы. Аҳасабырбатә аамҭала иазгәаҭоуп 111 цәгьоура - 34,4%. Уи адагьы иазгәаҭоуп 11 хҭыс ареспубликахь анаркотикқәа ралагаларазы.
Автомобиль милиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Аԥсны
Аԥсны шықәсыбжак аҩнуҵаҟа амҩан иҭахаз рхыԥхьаӡара ҳәоуп
Фымз рыла 49 ӷьычра ҟаҵан, иаарԥшын 42. Иазгәаҭан 27 хҭыс закәаншьаҭада абџьар аикәыршаразы, 20 аарԥшуп.
Азинхьчаратә усбарҭақәа 20-ҩык зықәра намӡац алахәуп ҳәа агәызҩара ахьыҟоу жә-цәгьоурак ашәҟәы иҭаргалахьеит. Ацәгьоурақәа фба ақәыԥшцәа ргәыԥқәа иҟарҵеит, аҽа ҩба рҿы адуцәа алахәуп.
Урҭ реиҳарак мҩаԥыргеит 15 - 17 шықәса зхыҵуа. Цәгьоурак ҟаиҵеит арыжәтә ыжәны иҟаз ақәыԥш. Иарбоу аамҭазы ԥшьҩыуаа ырбаандаҩын, аҽа ҩыџьа аҩнытә рбаандаҩра иаҵаркын.
Даур Амҷба иажәақәа рыла ацәгьоурақәа реиҳарак изыхҟьо ауааԥсыра рлагала ахьмаҷу, аҿар аусурҭа ахьрыма, аҭаацәараҿы аҭагылазаашьа уадаҩқәа ахьыҟоу.
"Аиҳарак ацәгьоурақәа ирыладырхәуеит иманшәалам ма ихаҭәаам аҭаацәарақәа рҟынтәи ақәыԥшцәа, ахылаԥшра згу ахәыҷқәа. Абри инадҳәаланы Зықәра намӡац русқәа рзы аҟәша аусзуҩцәеи асоциалтә ҳақәа русзуҩцәеи аҭаацәра рҭакԥхықәра иахьазхьамԥшуа хаҭала инеины ирыҿцәажәоит. Арҭ аусурақәа ирылҵшәоуп ашықәс аԥхьатәи ахәҭазы имҩаԥгаз ацәгьоурақәа уаанӡа ацәгьаура иалахәыз қәыԥш заҵәык дахьалахәыз", - ҳәа иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0