Урыстәыла

Урыстәыла ацифратә мааҭ ала аоперациақәа рымҩаԥгара агәаҭара иалагоит нанҳәа 15 инаркны

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУ цифрового рубля появился логотип
У цифрового рубля появился логотип - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2023
Анапаҵаҩра
Ацифратә мааҭ ала аоперациақәа рымҩаԥгара агәаҭара рхы аладырхәуеит жәаха банки зхыԥхьаӡара маҷу урҭ рҭааҩцәеи.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Урыстәыла ацифратә мааҭ ала аоперациақәа рымҩаԥгара агәаҭара иалагоит нанҳәа 15 инаркны ҳәа аанацҳауеит Абанк хада.
Аԥхьа аоперациа хадақәа рымҩаԥгара аус рыдулара азгәаҭоуп:
Ацифратә мааҭ аԥхьаӡамҭа аартреи ахарҭәаареи (ацифратә ԥараҭрақәа),
Ацифратә мааҭ атәылауаа рыбжьара аимдара,
Автошәарақәа,
QR-код ала аахәамҭақәеи амаҵзурақәеи аԥара рыхшәаара.
Аԥышәара алахәылацәа ирылшоит ацифратә мааҭ ала аԥарашәара Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҿы иҟоу 30 хәаахәҭырҭа ҭыԥ рҿы.
Ҽааны аоперациақәа ирыцҵахоит: адинамикатә QR-код ала аԥарашәара, аиурист хаҿқәа рыбжьара аԥараиагара.
Президент РФ В. Путин провел встречу с избранными главами субъектов РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2023
Аԥсны
Путин ацифратә мааҭ аларҵәаразы азакәан инапы аҵеиҩит
Ажәабжьқәа зегьы
0