Родик Ҳамыт: аибашьраҿ агәымшәацәа рацәаҩын

© Foto / Элеонора КогонияРодик Хамыт
Родик Хамыт - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2023
Анапаҵаҩра
Асовет ҳәынҭқарра аамҭазы Калдахәара ақыҭа агәҭаны аус ауан акондитертә цех. Уаҟа ирӡуан ахаа-мыхаақәа. Ибзиаӡаны исгәалашәоит урҭ рыфҩы лаҳалаҳауа, ргьама шыбзиаз. Излаздыруа убри ауп, Аԥсуа театр уаҟа иқәгылон гастроль ҳасабла. Абри зхысхәаауа, иахьа сажәабжь ззыскуа аибашьра аветеран Родик Ҳамыт уаҟа аус иуан акондитер ҟаза ҳәа, нас ацех анапхгаҩы иаҳасабала. Убас ишыҟаз Асовет еидгыла еилаҳаит, нас аибашьра иалагеит. Ақыҭа агәаны иахьагьы игылоуп уи акондитертә цех иасимволу ахыбра хәарҽ.
"Аибашьра асҵәҟьа иалагоит ҳәа ҳаҟамызт, аха иубон ак шыҟалашаз. Усҟан 30-ҟа шықәса схыҵуан, аҭаацәара салалахьан, хазы Калдахәара лбаа сынхон. Аҩнду саҿыҵны, хазынхара саҿын. Қәацәк сыргылан, убри саҿын, адашьма ықәсҵон. Ус аҷкәынцәа неин, узҿу бзиоуп, аха арахь улбаа аусҳәарҭаҿы аизара ыҟоуп рҳәеит. Уамашәа избеит, изакә еизароузеи ҳәа сразҵааит. Аибашьра иалагеит рҳәеит дара. Сара исыздырӡомызт иҟалаз. Аусҳәарҭаҿы ҳахьнеиз ақыҭа анапхагра уҳәа ауаа еизаны итәан. Нас, ҳҽаҳшан џьоукы Гәдоуҭаҟа ицеит, даҽа џьоукы Гагра аганахь", - абас иажәа хациркит Родик.

Аԥсаатә фабрика

Родик Ҳамыт ишигәалашәо ала, раԥхьатәи амшқәа рзы дара ргәыԥ Бзыԥтәи аҟәара инавакны ахьчаразы идыртәеит: "Хымчыбжь раҟара уа ҳаҟан. Гагра ақырҭқәа иркымзи, арахь идәықәымларц Бзыԥ аԥшаҳәа ҳахьчон. Ус, Агрба ҷкәынак Гагратәин даан - уара ашьхантәи ихыҵны аҟабардақәа, ачеркессцәа, абазақәа хатәгәаԥхарала еибашьра иааит. Абри аԥсаатә фабрика ахьыҟоу Алаҳаӡы амшын аҟәараҿы иҟоуп. Убра убарҭ аҷкәынцәа ԥсахтәуп, шәаала, аниҳәа сара сеигәырӷьеит. Ари гәышьҭыхган, Нхыҵаа ҳашьцәа ахьааз. Нас, убра ҳлеит. Дара рыԥсы дыршьатәын, иҳаԥсахит. Ара, Калдахәарантәи аҷқәынцәа маҷҩымкәа ицеит - Дбараа, Аграа, Хагәшьаа, Амԥараа, Бениаа уҳәа. Нас, уа ҳаишьцылан дареи ҳареи убра ҳанхеит Гагра ҭаҳарцәаанӡа", - еиҭеиҳәоит Ҳамыт. Калдахәараа рыҷқәынцәа Гагра ахақәиҭҭәра аамҭазы хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ирыцын, хаҭала абазақәа ргәыԥ. Уи игәаларшәо, Родик абас иҳәоит : "Муҳаммад Кьылба иакәын командаҟаҵаҩыс иҳамаз. Ҳара абри амшын аҟәарала ҳдәықәлеит, егьырҭ агәыԥқәа даҽа хырыхарҭақәак шьҭырхит. Абџьар сыман сара, исызҭазгьы Руслан Капов иакәын. С-Қапбоуп аха, Капов ҳәа ашәҟәы сануп иҳәеит. Дара анаауаз абџьар рыман азы исиҭеит. Гагра ахақәиҭтәра мариаӡамызт, аиҿахысрақәа ӷәӷәан. Раԥхьаҵәҟьа рахцара уадаҩын, КБРЦ ҳәа иахьашьҭоу, нас амилициа ахьыҟаз аиҿахысра ду ҟалеит, нас иҩны идәықәлеит ақырҭқәа. Гагра Калдахәраа иҳацыз аӡәгьы дҭамхаӡеит. Убраҟа исхамшҭуа избаз убри ауп - "17 партсъезд" захьӡыз ҳнеиаанӡа ишьыз ақырҭқәа рацәаҩын, амҩадуқәа рҿы ишьҭан. Ас ауаа гәыԥ-гәыԥла ишьны исымбацызт ахаан. Убри аҟара ааха роуит ақырҭқәа. Нас, уи ашьҭахь ҳаныгьежьуаз абри "Континент" захьӡыз адәқьан аԥхьа сышгылаз асамосвалқәа аауан, абраҭ иҭахаз анҵаны иргон. Атрактор рышьҭахь игылан, анышә иамардозар акәхарын". Аветеранцәа аӡәырҩы ишырҳәо еиԥш, Родикгьы иазгәеиҭоит Гагра ахы ианақәиҭыртә, иаразнак Аԥсны ҩадахьтәи аганахь ажәыларазы агәаҳәара шрымаз.
"Гагра анҭаҳарцәы ҳаанукыло ҳаҟахызма, арахь Аҟәа аганахь ҳдәықәлоит ҳамҳәеи. Ҩымш-хымш рыла ара ҳаилгазар, наҟгьы иҳалшап ҳгәахәуан, аха еиҳа иӷәӷәахеит уи ахырхарҭа аҭарцәра", - иҳәоит Родик.
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Аԥсны
"Шеварднаӡе спалата дааҩналеит", ма ақырҭуа политикатә спектакль: Нодар Шьаҟрыл иҭоурых

Ажәыларатә гәыԥ

Нас, Гагра анҭадырцәы ашьҭахь Калдахәаратәи Руслан Зарандиа напхгара ззиуаз ажәыларатә гәыԥ ҳәа изышьҭаз далалан Ешыраҟа дцеит сажәабжь зызку Родик Ҳамыт. Аҩбатәи агәыԥ акәын иара дызлаз, абӷархықәаа, аҷандараа уҳәа ирацәаҩын уи еиднакылоз.
"Еиҳрак иудаҩыз ажәыларақәа рахь исыԥхьаӡоит марттәи. Иӷәӷәан, имчын, алҵшәақәа ҳзыҟамҵагәышьеит ишаҳҭахыз аха. Ацхыраара ҳмоуит, аӡы ҳарны ақырҭқәа рҭабиақәа ахьыҟаз ҳнеит. Иҳацыз маҷҩымызт, зегь ртәы сызҳәом. Аоперациа анынагӡамха, дасу ҳшақәшәаз еиԥш ҳгьежьит. Амза 15 руха иалагеит ахысра, ҩ-сааҭк ахысра ӷәӷәа цон, ҳара ҳтәқәа иҭарыжьуан. Избан сыздыруам, аха уи ауха ҳныркылеит. Адырҩаҽны ахәылбыҽха асааҭ 12 реиԥш ҳаиасит. Уа ҳаҟан иаашанӡа. Ианша ҩыџьа ахәцәа збеит, ралымгашьас исымаз? Аӡы сырны ахәцәа ҳганахь ииазгеит, аӡә Дамԥарын. Сеиҭацоит ҳәа сандәықәла Руслан симышьҭӡеит. Аԥхьа саниасуаз аӡы маҟҿаҳәара исызнеиуан, санаауаз сӡааҟәрылома уҳәо иҟан, убас аӡы иацлеит. Аӡы арсра цәгьан, адамба снапы ахьырҳәазашәа сцон. Убра даҷк кылыҳәҳәон, убри ала сыҽныскылт аӡы салаҳауа саналага. Аӡәы аӡы даҳцәагахьан, уи дааныскылт. Даҽаӡәы аӡы даго иалаган, ҿысҭит ҳа ҳтәқәа рахь, нас алада игылаз ихьӡан дамырхит. Ашарԥазы сиасит, ахәцәа сзынмыжьит. Са сакәзаргьы сыхәны сышьҭаны сиаугар сҭахымхо? Ианша, ҳара ҳаамышьҭахь илашьцаанӡагьы ҳаҷкәынцәа убрахь иҟан. Агәымшәацәа рацәаҩын аибашьраҿ. Цыхьчба ҷкәынак дҳацын Калдахәаратәиуп марттәи ажәылараҿы дҭахеит. Ҳара ҳанцоз ҳаҽраӷаны ҳамцоз, Ешыра аганахьала ацҳа азааигәара аминақәа ахьышьҭаз иақәшәеит дара ргәыԥ…", - зегь реиҳа иуадаҩыз арратә операциа далацәажәоит Родик.
Аибашьра иацу ашәарақәа дрызхәыцуа, аветеран абас сеиҳәеит :
"Имшәо ахага иоуп. Сара схы акәмызт сзыцәшәоз – схәыҷқәа хәыҷқәан, сцоит, аха абарҭ збода ҳәа схәыцуан марттәи ажәыларахь санцоз. Аԥхьаҟа иҟалоз сыздыруамызт, ахы уанаҿагылоу ухы азхәыцха умаӡам, ушьҭахьҟа иҟоу роуп узызхәыцуа".

Аублаақәа рхылҵшьҭрақәа

Сентиабр 17 1992 шықәсазы Ешыра аевакапункт аҿы сыҟан ари зыҩуа. Ажәылара цон, ахәцәеи ишьызи ҵҩа рымамызт. Ус, аҭыԥҳацәа аӡә ҿылҭит – Сергеи Ҳамыт дышьны дааргеит ҳәа. Сыҩны снеит дахьышьҭаз ауадаҿы. Иԥсырҭаҵәҟьа иақәшәеит ахы. Иара сара дыздыруан, избанзар "Аидгылара" ианасакьаҳәымҭаз имҩаԥысуаз аполиткатә қәгыларақәа дрылахәын. Усҟан иара дыстудентын, ҳуниверситет аҭоурыхтә факультет дҭан, аха иаамҭа аӷьырак абри афорумаа рыгәҭа ихигон. Аҵара ицызҵоз иазгәарҭоит ААУ аиҩшара ианалага уи иаҿагылаз дышреиуиоу Сергеи. Убасҟан 1989-тәи ашықәсқәа рзы уаҟа еиҿкааз "Астудентцәа реидгыла" ахадас иара далырхуеит. Дара реиҿкаара "Аидгылара" иадҳәалан. Ҳуниверситет ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа ианеиҩыршоз уи иацыз ашәарҭара атәы зҳәоз ашәҟәқәа рышьҭуан Москваҟа Михаил Горбочови Дмитри Иазови рахь. Иара убас, "Прожектор перестройки" захьӡыз адырраҭарахьгьы Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа ашәарҭарахь ҳашкылнагоз иазкны изныкмкәа ашәҟәқәа дәықәырҵахьан. Уимоу, ауниверститет аҩшара инадҳәаланы Москва амитинггьы мҩаԥыргахьан рырыҵаҩы Дмитри Антон-иԥа Адлеибеи, Николаи Џьонуеи, Сергеи Ҳамыти. Абас зыԥсадгьыл иахӡыӡаауаз арԥысын Сергеи Ҳамыт. Аибашьра ианалагоз арра дцаны даахьан, хышықәса дыҟан афлот аҿы. Ауниверситет аҿы актәи акурс анхиҩа, арра дыргеит, данаа иҵара далгеит диплом ҟаԥшьыла.
© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Сергеи Ҳамыт

Сергеи Ҳамыт - Sputnik Аҧсны
1/6

Сергеи Ҳамыт

© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Сергеи Ҳамыт

Сергеи Ҳамыт - Sputnik Аҧсны
2/6

Сергеи Ҳамыт

© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Армарахь - Сергеи Ҳамыт

Армарахь - Сергеи Ҳамыт - Sputnik Аҧсны
3/6

Армарахь - Сергеи Ҳамыт

© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иҭыҵыз Сергеи Ҳамыт ишәҟәы

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иҭыҵыз Сергеи Ҳамыт ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
4/6

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иҭыҵыз Сергеи Ҳамыт ишәҟәы

© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Сергеи Ҳамыҭ еиқәиршәаз Калдахәара ақыҭа ахсаала.

Сергеи Ҳамыҭ еиқәиршәаз Калдахәара ақыҭа ахсаала. - Sputnik Аҧсны
5/6

Сергеи Ҳамыҭ еиқәиршәаз Калдахәара ақыҭа ахсаала.

© Foto / screenshot АТ

Сергеи Ҳамыҭ

Сергеи Ҳамыҭ - Sputnik Аҧсны
6/6

Сергеи Ҳамыҭ

1/6

Сергеи Ҳамыт

2/6

Сергеи Ҳамыт

3/6

Армарахь - Сергеи Ҳамыт

4/6

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иҭыҵыз Сергеи Ҳамыт ишәҟәы

5/6

Сергеи Ҳамыҭ еиқәиршәаз Калдахәара ақыҭа ахсаала.

6/6

Сергеи Ҳамыҭ

… Ҳамытаа аубыхқәа ирхылҵшьҭроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ишымариамызгьы уи аиҭашьақәыргылара илшеит аҭоухрыдырҩы қәыԥш Сергеи Ҳамыт. Иара итәылаҩшәҟәаҿы аубых ҳәа данын. Родик игәалаиршәоит иашьа аибашьра ицара иадҳәалаз ахҭысқәа: "Сара Гагра санца, иара Ешыраҟа дцеит. Ҩыџьа аишьцәа еицеибашьуа иманшәалам. Иара уара уицәшәошәа, иара уара дуцәшәошәа. Аибашьра ианалага нахыс мызкы, ҩымаз зынӡа аҩныҟа дмааӡеит. Иара Гиви Дапуа дидҳәалан, еицын еснагь. Аамҭак азы абри Гагра аганахь арепатриациа иадҳәаланы усқәак дырҿын. Ҭырқәтәылантәи иаауаз аԥсуаа рҭаҩра, рҭыԥ рықәҵара уҳәа. Нас, сара ахәра соун ахәшәтәырҭахь сааргеит, иара дырҩагьых Ешыраҟа дцеит. Абри иуль мзазы жәыларак ыҟан, знык иареи сареи убра ҳаицын мызкы аҟара. Нас, цас иауашәа аҩежьра сыхьит сара. Мызкы еиҳаны сҽысыхәшәтәуан, убри азы аҵыхәтәантәи ажәылара сақәымшәаӡеит".

Ашҭа иқәҩит ан лыҵәаабжьы

Тониа Ҳамыти Римма Џьыкырԥҳаи Калдахәара инхон. Анхаҩцәа зегь реиԥш аҿиара иазхәыцуа идыргылеит ҩбаны еихагылаз ахаҳәтә ҩны. Дара ахьынхоз аӡы шыҟамызгьы, жәҩала иааганы ацементи, абӷанџьи, аԥслымӡи еиларҩынтны аҩны злеиқәырҵо ахаҳәқәа дыршәуан. Хаҵеи ԥҳәыси ирааӡеит ԥшьҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи. Рԥеиҳабы Родик ақыҭаҿы анхара даҿын, аиҵбы Сергеи аҵара дазкны дрыман. Аха, аибашьра рыгәҭакқәа рынагӡара алнамыршеит. Сентиабр 17 1992 шықәсазы ахәылбыҽха асааҭ 20 инахысхьаны "Ацхыраара лас" амашьына амарда иаҿаланы рхәахьы ихалон. "Учхоз" ҳәа иахьашьҭаз иҭахаз рԥеиҵбы Сергеи иԥсыбаҩ аанагеит уи амашьына. Анаҩс, ашҭа иқәҩит ан лыҵәаабжьы. "Ахшәтәырҭа аҟынтә сааит ауха, санааи илашьцахьан, ажәыларахь сдәықәлап сҩызцәа срыхьӡап шьыжьы ҳәа гәҭакыс исыманы. Иара дрыманы иааиат убри аамҭазы. Нас, сашьа анышә дамаздар акәымзи, сынхеит мышқәак", - иҳәоит Родик. Сергеи данҭаха, Родик иани иаби рхала инхеит, ахәбатәи акласс аҿы итәаз иҷқәын Адик, дара рахь дишьҭит. Дхәыҷын, аха анхараҿы дрывагылан. Уа дынхеит, убра дшыҟаз аԥҳәыс дигеит, иахьа хҩык ахшара драбуп. "Сани саби рықәрахь инеихьан, нас ишԥаҟасҵоз, дырхызбаауазма? Агәара ҭаҳарцәуазма?", - иҳәоит Родик. Сергеи Ҳамыт ианашьоуп Леон иорден. 1999 шықәсазы "Аԥсны арепатриацазы акомитет" абзоурала иҭыҵит "Аубых итрагедиа" захьӡу, аҵарауаҩ қәыԥш ианҵамҭақәа зну ашәҟәы. Уаҟа иагәылоуп данстудентыз иҭиҵаауаз иқыҭа Калдахәара иазку анҵамҭақәеи ахсаалеи.
© Foto / из семейного архива Родика Хамыт

Тониа Ҳамыт, Родик Ҳамыҭ иаб

Тониа Ҳамыт, Родик Ҳамыҭ иаб - Sputnik Аҧсны
1/4

Тониа Ҳамыт, Родик Ҳамыҭ иаб

© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Аишьцәа Сергеии Родики Ҳамыҭаа

Аишьцәа Сергеии Родики Ҳамыҭаа - Sputnik Аҧсны
2/4

Аишьцәа Сергеии Родики Ҳамыҭаа

© Foto / из семейного архива Родика Хамит

Родик Ҳамыт иԥа Адики иареи

Родик Ҳамыт иԥа Адики иареи - Sputnik Аҧсны
3/4

Родик Ҳамыт иԥа Адики иареи

© Foto / Элеонора Когония

Родик Ҳамыт

Родик Ҳамыт - Sputnik Аҧсны
4/4

Родик Ҳамыт

1/4

Тониа Ҳамыт, Родик Ҳамыҭ иаб

2/4

Аишьцәа Сергеии Родики Ҳамыҭаа

3/4

Родик Ҳамыт иԥа Адики иареи

4/4

Родик Ҳамыт

Аӡә дҭахароуп, даҽаӡә даанхароуп

Калдахәара 26-ҩык рҟынӡа ҭахеит. Хҩык хабарада ибжьаӡны иҟоуп. Сҭаацәа рыҷқәын иҭахара зегьы ишырхыргоз ирхыргеит. Ҩыџьа-ҩыџьа зыцәҭахаз ыҟоуп, аума ҟалеит ҳәа уҽыузыҟаҵаӡом. Аибашьра аныҟоу аӡә дҭахароуп, даҽаӡә даанхароуп. Узықәшәаз ухы анурнаалароуп. Еицныҟәоз иҩызцәагьы ҭахеит – Валера Гәыгәиԥа (Чепиа), Витиа Хышба, Резик Зарданиа, Зураб Ҟаитан иакәзар – хабарада дыбжьаӡит марттәи ажәылараҿы. Абра ҳахьеилоу хәҩык ҳацәҭахеит. Убарҭ рҭаацәа ирхыргоз ауп сани саби ирхыргоз. Зураб Ҟаитан иан лыҷқәын дыҟаӡам, дыбжьаӡит иахьа уажәраанӡа ихабар ыҟаӡам. Иеиҵбы ҩышықәса роуп иҵуа анышә дамаҳдеижьҭеи. Изшьапык имаӡамызт аибашьра иахҟьаны. Унышәынҭра уааиагәара ианыҟоу угәы ҭынчми. Ҳҩызцәа ҳааидтәалан аиҳабацәа анаҳныҳәоз убас сҳәон - сан илыбаргәузеи, Зина Ҟаитан ҳлыхәаԥшуазар. Сан лгәы ааилаххыргьы анышәынҭрахь днеиуеит, лнапы аақәылшьуеит, лаӷырӡык нкалҭәоит. Зина лнапы ахьықәылшьуа ыҟам сҳәон. Ирыԥшаақәаз ыҟоуп, аха иара Зураб Ҟаитан ихабар ыҟаӡам 30 шықәса. Уи лоуми зыгәнаҳа цәгьу, лыҷкәын дахьыҟоу лыздырӡом. Аҩбатәигьы Заурбеи аибашьраҿы дхәын, изшьапык хҵәан, уигьы идунеи иԥсахит. Зыхабар ыҟамыз, имаҭәақәа ааидкыланы иашьа данаҳжуаз инаиваҳҵеит. Ран Зина лыԥсы ҭоуп иахьагьы. Аџьабааи агәырҩеи даражәит, лыблақәа цеит", - абас акыр ирхәыцгоу ажәақәа иҳәоит Родик Ҳамыт аибашьра иарҿиаз аԥсҭбарақәа дрызхәыцуа.
1984 шықәсазы Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) аррамаҵура данцоз аламҭалаз, днаскьазгоз иуацәа рыгәҭа.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2020
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы

Аҭынчԥсҭазаара

Родик Ҳамыт 60 шықәса дырҭысхьеит. Уажәшьҭа хәҩык амаҭацәа имоуп, аӡӷаб лҟынтә ҩыџьа аԥҳацәа, иҷкәын иҟынтә ҩыџьа аԥҳацәеи ҷкәынаки. Ацәгьеи абзиеи реилыргараҿы иара иоуп агәылацәеи азлацәеи зықәгәыӷуа. Даҽакала иаҳҳәозар, зегьы дрымароуп. "Аибашьра цонаҵы анхашәа-чашәа ҳацәыхҟьашәа ҳаҟан. Нас, ашьақәгылара цәгьахеит. Иахьа ҳаиӷьхап, уаҵәы ҳаиӷьхап ҳәа ҳааиуеит, ҳаицәамхааит сҳәоит сара. Иахьа ақыҭаҿы сыҟоуп, исымоу анхамҩаҿ акы снаха-аахоит. Атәанчахәы соуеит. 60-шықәса ирҭысхьоу аусра узгода? Аибашьра ҟалаанӡа сызҿыз акондитертә цех аҿы аусура саламгаӡеит, аус ахьаҳуаз аиҭашьақәыргылара аҭахуп, амаругақәа аԥара рацәаны ирықәхарџьтәуп. Уиаҟара сара исымам. Акәамаҵама рацәоуп уи аус аҿы", - иҳәоит иара аҭынчԥсҭазаара иадҳәалоу азҵаатәқәа дырзааҭгыло.
© Foto / Элеоноры КогонияАибашьра ҟалаанӡа Родик Ҳамыт аус ахьиуаз акондитертә цех
Кондитерский цех. Родик Хамыт - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2023
Аибашьра ҟалаанӡа Родик Ҳамыт аус ахьиуаз акондитертә цех

Аиааира ҳгеит ҳәа аӡәгьы ҳақәгыланы ҳамкәашеит

Аиааиара амш лымкаала исгәалашәом. Сашьа данызж ашьҭахь сдәықәлеит сҩызцәа срышьҭаланы. Аҟәа са стәқәа срыхьӡоит ҳәа саннеи ана, ара аиҿахысрақәа цон, аха Аиааиара зынӡа иаиагәахахьан. Ҳҽеидкыланы ҳҩызцәеи ҳареи Очамчыранӡагьы ҳцеит, аха аибшьра еилгахьан сҳәар ауеит. Ҩышықәсаҟа анҵы ашьҭахьоуп, ҳҽеизганы Аиааира амш азгәаҳҭо ҳаналагаз. Иахьа Аиааиара ҳгеит ҳәа лымкаала ианаҳҳәоз сара исгәалашәаӡом. Аибашьра ашьҭахь узеиԥшрахои? Угәы хьыԥсааны уҟалоит. Агәырӷьаха ыҟамызт. Аиааира ҳгеит ҳәа аӡәгьы ҳақәгыланы ҳамкәашеит. Ҳгәырӷьо, ашәа ҳәо сара исгәалашәом. Уи аха змадаз? Ауаа раҳәшьцәа ҭахеит, рашьцәа ҭахеит, нас ашәа зҳәодаз, икәашодаз? Уажәтәи аамаҭазы ҳбаталион еиқәшәалоит есшықәса сентиабр 25 рзы. Аиааира амш рыдысныҳәалоит аветеранцәа, иара убас Аԥсны иқәынхо зегьы.
Родик Ҳамыт игәымшәаразы ианашьоуп Леон иорден.
Ажәабжьқәа зегьы
0