Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Какоба Аџьынџьтәылатә еибашьразы: раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа ҳазнеишьа аԥсахит

Какоба Аџьынџьтәылатәи еибашьразы: раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа ҳазнеишьа аԥсахит
Анапаҵаҩра
Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа ртәы, еиҭеиҳәеит аԥсуа гвардиа инаныгӡоз ароль атәы, раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа рыхдырра шаԥсахыз.
2023 шықәсазы 31 шықәса ҵуеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Аԥсны жәлар Рџьыџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи.
Аибашьра рапҳьатәи амш зегьы ҳала ихгылоуп еснагь, ахаан иухашҭӡом ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Какоба.
"Раԥхьатәи аҿагылараҿы аԥсуа гвардиа ҳәа еиҿкааны иҟаз, хатәгәаԥхарала иалалазгьы, егьыс арра зхызгозгьы аҿар ргәымшәара хадараны иҟалеит анаҩстәи аибашьра амшқәа зегьы, иара аиааира ахыркәшарахь инаӡаанӡагьы", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Какоба.
Аветеран еиҭеиҳәеит хаҭала иара арратә ԥышәас имаз, иҳәеит абџьар шьҭызхыз зегьы аԥышәа рымамзаргьы, шьала-дала аԥсадгьыл ахьчара рцәа ишалаз.
Адгәыр Какоба игәалаиршәеит аибшьара раԥхьатәи амш азы ахҭысқәа рыҿиашьа шыҟалаз, раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа шрыдыркылоз.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0