Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын "Кьараз" ахәыҷқәа рзы ашколтә маҭәарқәа аҳәаа рыхгаразы: азҵаара мчыла аӡбара ҳаҿуп

Аргәын «Кьараз» ахәыҷқәа рзы ашколтә маҭәарқәа аҳәаа рыхгаразы: азҵаара мчыла аӡбара ҳаҿуп
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә еиҿкаара Кьараз анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит хылаԥшра зырҭо аҭаацәарақәа ашкол ахь ирышьҭуа ахәыҷқәа реибыҭараҿы ауааԥсыра ирылаҳәоу акциа шцо атәы, иаархәо ашколтә маҭәахәқәа аҳәаа рахыгараҿы уадаҩрас ирымоу.
Амза алагамҭаз иалагеит акциа, сынтәа 1000-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ацхыраара рҭахуп ҳәа азгәеиҭеит аицәажәараҿы Аргәын.
"Ари аус аҿы адгылара ҳазыԥшуп. Ахәыҷқәа зегьы аҵара роуроуп. Ацхыраара рыҭатәуп. Есышықәса уадаҩрас иҳамоу аҳәаа ауп. Аҳәаа ахыгараҿы ашәахтә ахыҳамшәааларц аус ҳзеиҿкаам. Мчыла ари азҵаара аӡбара ҳаҿуп. Ара амаҭәахәқәа рыхә еиҳауп, Аԥсны анҭыҵ ианааҳхәо еиҳа ирацәаҩны ахәыҷқәа еибаҳҭоит", - ҳәа иҳәеит Аргәын.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0