Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа драматә театр Уфа агастрольқәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля "Пешком"
Премьера спектакля Пешком - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2023
Анапаҵаҩра
Башкириатәи академиатә драматә театр Аԥсныҟа аара азгәаҭоуп иааиуа ашықәс азы.
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр Башкортосҭан аҳҭнықалақь Уфа гастрольҳасабла иаҭаауеит цәыббра 10 - 14 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор Алхас Ҷолокәуа.
Аԥсуа драматә театр ахәаԥшцәа иднарбоит ҩ-спектакльк – "Шьапыла" - Аԥсны жәлар рартист Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа, "Сариа" - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа.
"Башкириатәи академиатә драматә театр аҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицәажәеит агастрольқәа еимаадарц. Абилеҭқәа рыҭира, аӡыргара уҳәа азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Ҳәарада ацхыраара ҳарҭоит. Аԥхьа ҳара дара рахь ҳцоит, ҽааны дара арахь иаауеит", - ҳәа иҳәеит Ҷолокәуа.
Алхас Ҷолокәуа уажәы Уфа дыҟоуп аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбаразы. Нанҳәа 16 рзы иара дидикылеит Башкорҭосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров.
"Башкорҭосҭан аԥыза-министр сидикылеит. Даара ҳаҭырла Аԥсны аӡбахә иҳәоит, атәыла ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа патула дихцәажәоит. Иара иҳәеит Аԥсуа драматә театр уахь анеира еиҳагьы ишарӷәӷәо Аԥсни Башкорҭосҭани реизыҟазаашьа", - иҳәеит атеатр адиректор.
Ҷолокәуа иара убасгьы иазгәеиеҭит Аԥсуа театр Башкорҭосҭанҟа рцара адгылара шарҭо атәыла ахада Аслана Бжьаниеи Акультура аминистерреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0