Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аӡынба: ҳлеишәа, ҳбызшәа аиқәырхаразы Аԥсныҟа агьежьра, ара анхара ада даҽа ԥсыхәак ыҟам

Аӡынба: ҳлеишәа, ҳбызшәа аиқәырхаразы Аԥсныҟа агьежьра, ара анхара ада даҽа ԥсыхәак ыҟам
Анапаҵаҩра
Азеижәтәи ашәышықәсазы Аԥсны иаҟәыгахаз ирхылҵшьҭроу, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь агьежьра злахьынҵахаз дреиуоуп Еркәыҭ Аӡынба. Иара дасасын арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз".
Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьеиланхо ақыҭа Алынџьа диит Еркәыҭ Аӡынба, уа инхоит иахьагьы иашьцәеи иаҳәшьцәеи. Раԥхьаӡа акәны иара иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааит 1990 шықәсазы 16-ҩык Аԥсныҟа иааз агәыԥ дрыланs. Усҟан Аԥсны ихигаз жәамш иԥсҭазаараҿы иреиӷьу аамҭаны иаликаауеит. Еркәыҭ Аӡынба иажәақәа рыла, дызхылҵшьҭроу Ҭырқәтәылаҟа иӡхыргаанӡа Ҵабал инхон. Иахьа иара Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭан дынхоит.
Ҭырқәтәылнатәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаауа гәыԥ-гәыԥла акәымкәа, араатәи аԥсуааи дареи еиланхозар иаҳа лассы рҽадыршьцылон, рбызшәа, рҵас хеибырҭәаауан ҳәа дахәаԥшуеит. Иара игәаанагарла аԥсуаа рлеишәа, рбызшәа аиқәырхаразы Аԥсныҟа агьежьра, ара анхара ада даҽа ԥсыхәак рымаӡам.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0