Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолокәуа Аԥсуа драматә театр Уфа агастрольқәа рзы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолокәуа Аԥсуа драматә театр Уфа агастрольқәа рзы
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр Башкортосҭан аҳҭнықалақь Уфа гастроль ҳасабла иаҭаауеит цәыббра 10 - 14 рзы. Ишԥалыршахеи уи, насгьы иарбан қәыргыламҭа ҿыцқәоу иахьа атеатр аус зыднауло, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуа драматә театр адиректор Алхас Ҷолокәуа.
Аԥсуа драматә театр Уфа ахәаԥшцәа иднарбоит ҩ-спектакльк – "Шьапыла" - Аԥсны жәлар рартист Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа, "Сариа" - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа.
Арадиоефир аҿы Алхас Ҷолокәуа еиҭеиҳәеит аҩ-республикак реиҩызара атәы, агстрольқәа рымҩаԥгаразы аԥшьгамҭа шыҟалаз. Иарбан еиҿкааратә усмҩаԥгатәқәоу раԥхьа ишьҭоу.
Аԥсуа драматә театр адиректор дазааҭгылеит ари ашықәс иалагӡаны иарбан ныҟәырақәоу иазгәаҭан ирымоу, иахьазы атеатр аус зыднауло иарбан қәыргыламҭа ҿыцқәоу.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0