Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абаҩхатәра ахьтәы мҵәыжәҩа знаҭаз: Роза Чамагәуаԥҳа лыҿцәажәара

© Sputnik / Томас ТхайцукРоза Чамагуа
Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартистка, ансамбль "Гәында" анапхгаҩы, ҿыц еиҭашьақәыргылоу абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" анапхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа длыҿцәажәеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Сара акрааҵуан ауаҩы лаша, ашәаҳәаҩ бзиа, Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа смыццакӡакәа ҭынч сналыдтәалан слацәажәарц сҭахижьҭеи. Зны лара деиласырхар сҭахымызт, зны сара акы сахнагон, аха зегьы акакәын ани сгәы "иҭаԥхоз" сгәаҳәара аҟаза ду лыҿцәажәаразы еиҳагьы сгәы ҿырҳәыцааны ишакыз иаанхон... Роза уанаалыдтәалалак, лацәажәара уанналагалак ашәымҭаз, иаразнак иубоит уи шаҟа даԥсыуацқьоу, шаҟа дуаҩу, шаҟа аламыс лымоу, убри лыламыс уаргьы ашҭа ԥшӡеиԥш "ушьапы анынҭаургылалак" узҭыҵӡом, угәы азхара "агәы" архаанӡа!.. Нас, уи ахаара ала угәы анурҭәлак, уалагоит иара акәша-мыкәша иго абжьқәа рзыӡыҩрра, иуҭаххоит еилукаарц ашәаҳәаҩ абриаҟара аамҭа цәгьа ирылганы, еиқәырханы иаалгаз лҟазара "аԥсы ахьҭоу" аилкаара.
- Роза Расим-иԥҳа, Баграт ду ишиҳәаз еиԥш, ажәеи ашәеи еилазыгӡо аҟаза ду лашҭа сҭоуп, ҳаицәажәарагьы ахы ҳкыр сҭахуп бхәыҷра аҟынтәи, банқәыԥшӡазтәи бышықәсқәа бгәалабыршәар сҭахуп... Шәара шәҭаацәа Аԥсны ибзиаӡан еицырдыруа ҭаацәароуп, башьцәа-баҳәшьцәа ҳгәы рыздууп, бхатә ҩыза Анрик Ферзба аҟазара ссир злоу шәаҳәаҩуп, быҷкәын дшәаҳәаҩ бзиаӡоуп, дхьыршәыгәуп. Ажәакала, иахьа аицәажәатә ҳамоуп, уаҵәы игыло аҿар ирдырроуп ҳаԥсуа культура зхы-зыԥсы ақәҵан аус зуа рырҿиаратәи рыԥсҭазааратәи мҩа... Ҳҿынаҳхап бзааӡаз бқыҭаҟынтәи, аԥхынтәи аԥарԥалыкь еиԥш иԥшӡаз бхәыҷреи раԥхьатәи бшьаҿақәеи ҳгәалаҳаршәап.
- Ҳара ҳҭаацәараҿы быжьҩык ахшара ҳаҟан, ԥшьҩык аиҳәшьцәеи хҩык аишьцәеи, ҳан Валиа, Қанҭариаԥҳан, ҳаб Расим Чамагәуа, ҳанду, ҳаб иаҳәшьа, ҳҭаацәа дуун. Сара ахшара среиҳабын, Фируза, Едик, Ҭемраз, Алик, Ламара, Наҭела. Аԥсуа ҩнаҭақәа зегь рыҟнеиԥш анеи-ааи, асас дагӡамызт, аџьџьаҳәа, ҳҭаацәа ҳрыцхраауан, аҭаҭын, аџьықәреи зҳәаз еиԥш, арашәара, амхҭагалара… Ашәа акаҩҳәа иҳәо ҳахьхыз ҳахьалгаз ҳамбаӡакәа ҳус ҳалгон. Уаха аҩнаҭаҟны ҳанаатәалак, ма сасык дааима, гәырӷьаран, шәаҳәаран ҳаҩнаҭа.
Ҳан даара лџьабаа рацәан, аҩны зегь зхагылаз лара лакәын. Ҳаб ҳәынҭқарратә усзуҩын (НКВД) Аҟәа. Нас тәанчара данца, Абӷархықә ашколаҿы аус иуан. Сара ашкол санҭала инаркны, усҟан ашколқәа зегьы рыҟнеиԥш, ашколтә хор ыҟан убраҟа, еснагь хкынагӡаҩык лаҳасабала ашәа сҳәон, ашәаҳәара сыԥсы аҿҳәаран. Ҳаб апатефон апластинкақәа ацҵаны иаахәаны иаҳзааигеит. Еснагь ҳазыӡырҩуан, иацаҳҳәон. Ҳаб ибжьы бзиан, иԥшӡангьы дкәашон, ҳаб иаҳәшьа агитара, абалалаика алырҳәон, ашәа ацҳәо. Саб агармошка (амырзакан) сзааихәан, арҳәашьа схала исҵеит, издыруаз ашәақәа, акәашаратә мелодиақәа асырҳәон.
Ашкол саналгоз ашықәсан, агазеҭ алаҳәара анын, Аҟәатәи акультура ҵаралашатә ҵараиурҭаҟны, аԥсуа жәлар рмузыкатә арҳәагақәа: аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр, аԥхьарца, ахьыддырҵо аҟәша шаадыртыз. Саб иасҳәеит убрахь аҭалара шысҭахыз, аха уи абабҭаху, еиҳау аҵараиурҭа бҭалароуп ҳәа иақәырӷәӷәаны иҳәеит, аха сара, еиҳау аҵараиурҭа схала сҭалоит нас, уажәы сара иахьысҭаху сугароуп сҳәан, сара стәы иасыргеит. Сааигеит, усҟан акультура аминистрс иҟаз Владимир Џьгәанаҭ-иԥа Кәарҷелиа иакәын, ҳашиашаз уа ҳнеит, даара деигәырӷьеит, иаразнак адиректор Анатоли Семион-иԥа Каԥшь ишҟа аҭел дасит. Ажәакала, саднакылеит, аԥсуаа усҟан аҵараиурҭақәа рыҟны иаднакылоз маҷын, ақырҭқәа иахьабалак иахаԥаны иҟан. Абӷархықәынтәи даҽа хәҩык згеит, изҭаху уаҳа аӡәыр дыҟоума ҳәа адиректор дансазҵаа, ишԥаҟам сҳәеит, акадрқәа реиҵааӡаразы аус руан иаҳхагылаз анапхгацәа, аԥсуаа. Урҭ патриотцәа дуқәан: Владимир Џьгәанаҭ-иԥа Кәарҷелиа, Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа, Анатоли Семион-иԥа Қаԥшь, Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба уҳәа…
© из личного архива Розы Чамагу

Роза Чамагәуа.

Роза Чамагәуа. - Sputnik Аҧсны
1/3

Роза Чамагәуа.

© из личного архива Розы Чамагуа

Роза Чамагәуа.

Роза Чамагәуа. - Sputnik Аҧсны
2/3

Роза Чамагәуа.

© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа

Роза Чамагәуа

Роза Чамагәуа - Sputnik Аҧсны
3/3

Роза Чамагәуа

1/3

Роза Чамагәуа.

2/3

Роза Чамагәуа.

3/3

Роза Чамагәуа

- Уажәшьҭа ҳаиасып зегьы ҳхәыҷра аԥхыӡ хааиԥш иалаз ҳаҳҭнықалақь гәакьа Аҟәаҟа баашьа шыҟалаз аилкаарахь, бышԥаднакылеи?! Сара усазҵаауазар, уажә ааигәа уахык санызмыцәа, исыԥхьаӡеит ақырҭқәа руадақәа қьырала шаҟа срыҩныҵхьаз-срыҩналахьаз, схатә уадақәа соуаанӡа... Урҭ жәаф уада ыҟан, иҟалап, исгәаламшәакәа исцәыбжьахақәаз ыҟазаргьы. Роза, ҳазыхынҳәып быпрофессоналтә ҟазаратә усура... Иарбан ҵараиурҭақәоу бзылгаз, бара рҵаҩцәас ибымазма ҳкомпозиторцәа дуқәа Гәымбеи Царгәыши?!
- Сара Аҟәатәи акультура ҵаралашаратә ҵараиурҭа салгеит, иара убас М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә ҟәша салгеит. Аҟәатәи акультура ҵаралашаратә ҵараиурҭа арҵаҩцәа дуқәа: Иашар Иманов, Римма Чекмезова, Исидора Багаҭелиа. Ражден Гәымба – ахор, ашәа ҳирҳәон, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль сахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. Сыбжьы игәаԥхазар акәхап, ансамбль ашҟа ааԥхьара сиҭеит, аха саб ишиҭахымыз анысҳәа, С. Чкотуа диманы Абӷархықә саб иҟны иааны ианиарҳәа, саб дыԥхашьан, дазыразхеит. Аҵараиурҭа салгаанӡа, ансамбль аҟны ашәа сҳәон, ачамгәыргьы асырҳәон. Даара аамысҭашәала аус ҳадырулон – адирижиор Уасил Царгәыши Ражден Гәымбеи ҳкомпозиторцәа дуқәа. Аҵараиурҭа саналга иара уа сааныркылеит аԥсуа жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рырҵаҩыс.
- Уажәшьҭа ҳазааҭгылап бара акыр шықәса раахыс еиҳабыс бызмоу аҭыԥҳацәа ссирқәа рансамбль "Гәында". Аиашаз, ари ансамбль сара даара пату дуӡӡа сзақәуп аԥсуаа ҳжәытә ашәақәеи ҳҿатә ҟазареи еилагӡаны, еихаҳауа, имырӡӡакәа иахьаажәго азы, насгьы аколлектив еиқәырханы, шамахаӡак аӡәгьы даалымшәаӡакәа ишәыман шәаауеит! Ибгәалашәозар, зны лафынгьы сгәы шәыладуны исҳәеит, шаҟа ҳәынҭқарреи шаҟа партиеи еилаҳахьоузеи, аха ансамбль "Гәында" аџьыкац еиԥш, еилаҭәахаа ишыҟац иҟоуп ҳәа. Насгьы, ашәҟәыҩҩцәа еиҳагьы шәгәыбылра ҳкит, шәареи ҳареи ҵыԥх Аԥсны ахи аҵыхәеи ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы еицымҩаԥаагаз Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааз "Алаф ашҭа" захьӡыз апроект бзиаӡа аҟны. Ус анакәха, иаҳгәалаҳаршәаша ҳамоуп.
- 1969 ш. инаркны аҵараиурҭа арҵаҩыс аус зуан. Ауаҩы дарбанзаалак изанааҭ бзиа имбозар, гәыкала дазыҟамзар, алҵшәа аиуӡом. Сара уахгьы-ҽынгьы иҭысҵаауан, сазҿлымҳан сзанааҭ. Абиблиотекатә, ахореографиатә ҟәшақәа рҟынтәигьы сара сахь иааиуан, рҽазыҟарҵон. Ус авокалтә-инструменттә гәыԥ еиҿыскааит, ус маҷ-маҷ 25-ҩык рҟынӡа астудентцәа ҟалеит, ицәгьамкәа аинструмент ашәақәа ацҳәо, иазыҟасҵеит, нас Аԥсны имҩаԥысуаз аныҳәақәа, афестивальқәа ҳхы рылаҳархәуа, ибзианы ҳрыдыркыло, алҵшәа бзиақәа ҳаманы ҳааиуан. Нас Қарҭ имҩаԥысуаз аконкурсқәа, афестивальқәа рышҟа лассы-лассы ааԥхьара ҳарҭон, уаҟагьы аԥхьахәқәа ҳгон.
Ус, Анатоли Семион-иԥа Қаԥшь иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ахореограф ду, абалетмеистер, Аԥсны жәлар рартист Едуард Бебиа директорс данҳарҭа ашьҭахьгьы, лыҵшәа бзиала аус ҳуан. Ҽнак ус сеиҳәеит: "Роза, ари бызҿу аԥеиԥш бзиа змоу акоуп, афилармониа ашҟа ииагазар еиҳа еиӷьхоит", - иҳәан, усҟантәи акультура аминистр Алексеи Хәыта-иԥа Аргәын афилармониа анапхгара ааԥхьара риҭан, ҳансамбль иазирӡырҩит, даара иргәаԥхеит. Иара убас афилармониахь ииаргеит. Аҵараиурҭаҟны аҷкәынцәагьы алан, аха аминистр ус сеиҳәеит: аҭыԥҳацәа рхала иаанҳажьп, ансамбль "Гәында" ахьӡаҳҵап, Нарҭаа раҳәшьа ԥшӡа лыхьӡ шәыхьӡзааит, иҳәеит аминистр.
© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа

ансамбль "Гәында"

ансамбль "Гәында" - Sputnik Аҧсны
1/4

ансамбль "Гәында"

© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа

ансамбль "Гәында"

ансамбль "Гәында" - Sputnik Аҧсны
2/4

ансамбль "Гәында"

© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа

ансамбль "Гәында"

ансамбль "Гәында" - Sputnik Аҧсны
3/4

ансамбль "Гәында"

© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа

ансамбль "Гәында"

ансамбль "Гәында" - Sputnik Аҧсны
4/4

ансамбль "Гәында"

1/4

ансамбль "Гәында"

2/4

ансамбль "Гәында"

3/4

ансамбль "Гәында"

4/4

ансамбль "Гәында"

Саргьы сақәшаҳаҭхеит, лыхьӡ ҳмырԥхашьааит, сҳәеит. Уаҟа М. Берикашвили – афилармониа музыкатә напхгаҩыс иҟаз, сахьаркыратә напхгаҩыс дҳарҭеит, сара музыкатә напхгаҩыс. Апрограмма бзиа ҟаҳҵеит, аурыс, адыга, ақырҭуа, аԥсуа жәлар рашәақәа, иара убас ҳаԥсуа композиторцәа рашәақәа уҳәа, аконцертқәа раҳҭон. Аԥсны ахы-аҵыхәа, Урыстәыла, Украина, Ҟарачы-Черкесиа, Абжьаратәи Азиа уҳәа ирацәаны лыҵшәа бзиала аконцертқәа раҳҭеит. Даара гәахәа дула ахәаԥшцәа ҳрыдыркылон.
1992-1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аан, гәыкала зыԥсадгьыл иазыҟаз, хацәнамырха, ҳаԥсадгьыл ахьчараҿ хәыҷгьы-дугьы аӷа иҿагылеит, ҳансамбль иалаз аҭыԥҳацәагьы аганахь имгылеит, саҳәшьа Ламара ҳаԥсуа еибашьцәа днарывагылеит, аибашьра, аиааира амш аҽнынӡа аибашьцәа дрыцхраауан медиаҳәшьан, Леон иорден ланашьоуп. Сара мызкы иазынаԥшуа агоспиталь аҟны ихәны иааргоз срыцхраауан изласылшоз ала, Сира Аҩӡԥҳагьы уаҟа дрыцхраауан. Нас Кәасҭа Ченгьелиа Атәылахьчара аминистрраҟны еиҿикааз ансамбль аҿы "Аиааира" ашәа ҳҳәон М. Лазба, А. Гәымба, Л. Кәаӡба аҭабиақәа рыҟны ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ашәа рзаҳҳәон, ргәы шьҭаҳхуан.
Ус, сыҷкәын Алхас Кәтол дыҟан, изулак ноиабр анҵәамҭазы вертолиотла сԥырны Тҟәарчалынтәи шьапыла Кәтол сааит, Алхас иандуи иабдуи рҿы дыҟан, нас Гәдоуҭаҟа дызгеит, уигьы ашәа ҳациҳәон ансамбль аҟны. Сыԥшәма Анрик Ферзба ансамбль аҟны ашәа ҳациҳәон, иара убас иаауаз аӷбақәа авертолиотқәа ирықәыз аидара, аџьаԥҳаны ақәихуан иҩызцәа дрыцны.
Ҽнак Ешыра ахырхарҭахь амца акуан, аснариадқәа аларыжьуан, ахәыҷы ак ихьыр ҳәа сшәан, уара уахь ус умаӡам, ҳара ҳцоит, ҳара ҳаԥсыргьы, уара уаанхап анысҳәа, шәара шәахьԥсуа сыԥсааит иҳәан, мчыла дҳаццеит, аха лыԥхала акгьы ҳмыхьит.
© из личного архива Розы ЧамагуаРоза Чамагуа.
Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
1/3
Роза Чамагуа.
© из личного архива Розы ЧамагуаРоза Чамагуа.
Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
2/3
Роза Чамагуа.
© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа Роза Чамагуа
Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны
3/3
Роза Чамагуа
1/3
Роза Чамагуа.
2/3
Роза Чамагуа.
3/3
Роза Чамагуа
- Уажәы ҳҿынаҳхап шәҭаацәаратә "ансамбль" ахь!.. Шәара шәыҷкәын Алхас Ферызба амузыкатә ҵара бзиа змоу шәаҳәаҩ бзиаӡоуп... Ҩышықәса роуп иҵуа иҩызцәа даҽа ҩыџьеи иареи Аԥсны зегьы рашәақәа рыла аршанхара иаҿуижьҭеи!.. Ҳара ансамбльқәа маҷымкәа иаабахьеит, аха абасҵәҟьа иаразнак ҳзыршанхаша ашәаҳәаҩцәа ргәыԥ "Аԥсны 67" аамышьҭахь акгьы ҳгәалашәом! Уи бареи бара быԥшәма Анри Ферызбеи "рыбз" алам бҳәар, ихасҵом.
- Аибашьра анеилга, аиааира анаага, досу ҳусурҭақәа рыҟны ҳнеит, аха хәҩык, фҩык роуп ансамбльаа иаанхаз, аиашазы угәы каҳаратәы иҟан, аха аҭыԥҳацәа абаҩхатәра змаз реизгара салагеит, убраҟа ацхыраара ду сырҭеит усҟантәи афилармониа адиректор Уасил Царгәыши акомпозитор Оҭар Хәынҵариеи. Сгәы камыжькәан аусура салагеит, Оҭар Хәынҵариа иаԥиҵаз иашәақәа, ажәлар рашәақәа аус здиулаз, аԥсуа жәлар рашәақәа дсырҵон, сара сашәақәа дсырҵон. Ажәакала, апрограмма ҿыцны ишьақәҳаргылеит. Ус хәыҷ-хәыҷы, Нхыҵ-Кавказаа ҳашьцәа ааԥхьара ҳарҭеит, Ҭырқәтәыла, Анкара ҳдиаспора, аколлективқәа "Ридаде", "Уарада", иара убас аҟабардақәа Ҭырқәтәыла инхо ҳрыцықәгылон.

2012 ш. Санкт-Петербург адунеижәларбжьаратәи афестиваль аҟны аҩбатәи аҭыԥ ҳгеит, ирацәаны аноминациақәа ҳарҭеит. 2013 ш. Болгариа ааԥхьара ҳарҭеит адунеи зегьтәи афестиваль ашҟа. Усҟан афинанстә цхыраара ҳаиҭеит Александр Анқәаб. Уаҟа ҳара Гран-При, Ахьтәы медал, Ахьтәы орфеи иара убас адипломқәа рацәаны иҳауит, "Маестро" ҳәа ахьӡ санаршьеит. Ажиури уамашәа ирбон, "шәыжәлар маҷны излеиқәшәырхеи шәмилаҭтә инструментқәа" ҳәа.

Иара убас Александр Анқәаб автобус ҳаиҭеит ҳамҭас, уи нахыс иҳауит ҳаԥсуа қыҭақәа аконцертқәа рзыҟаҳҵартә еиԥш аҭагылазаашьа бзиа. 2022 ш. ҳаԥсуа қыҭақәа аконцертқәа раҳҭеит – Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааз "Алаф ашҭа" захьӡыз апроект бзиа аҟны иалахәын апоетцәа, алафҳәаҩцәа: Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Алхас Чхамалиа, Адамыр Гәынба.
Ҳҭаацәараҿ ҳаҷкәын заҵәы изҳауан, иашьеиҵбы хышықәсагьы цқьа ихымҵыцызт иԥсҭазаара даналҵуаз 1990 ш. Ех, уи иԥсы ҭаны дсымазҭгьы… "Маленьки Моцарт" - ҳәа ишьҭан. Алхас аскрипкахь дныҟәон аԥхьа, убри иааирҳәоз зегьы иара дышәшәны иациҳәон. Иаб "Шьараҭын" аҟны дкәашон, уаҟа иахьыкәашоз зегь гәникылон, нас азал дандәылҵлак акәашара далагон. Абаҩхатәра ду илан, аха анцәа дсымихит, ус иаҭахызар акәхарын.
Алхас, уи сара абаҩхатәра шилаз анызба, аскрипка, авиолончель, ашәаҳәара, асахьаҭыхра (аҿыханҵа) уҳәа зегьы дырзыскит, аиҳарак аибашьра ашьҭахь даара ишәарҭан азы, ахҭацәыха исҭаӡомызт, арҵаҩцәа бзиақәа: Татевасиан Г., Наидионов Н., Терзиан Ардаш, асахьаҭыхра аҟны Џьынџьал-ԥҳа Зоиа, Еныкь Леонид уҳәа иреиӷьыз арҵаҩцәа дуқәа аус идырулон. Аҵараиурҭақәа данрылга, Москватәи Аҳәынҭқарратә консерваториа П.И. Чаиковски ихьӡ зху дҭаҳҵеит, ацхыраара ду ирҭеит Уасил Царгәыши Нодар Ԥлиеи, убри азы даара иҭабуп ҳәа расҳәоит.
© Foto / Из семейного архива Розы Чамагуа Роза Чамагәуа
Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Роза Чамагәуа
Ҳҭаацәарақәа сыԥшәма иганахьалагьы, сара сганахьалагьы зегь ҟазара уаан, ишәаҳәаҩцәан, икәашаҩцәан, убри азакәхап Алхасгьы ибаҩхатәра ауаа ирбартә изыҟалаз, аоператә шәаҳәаҩуп, абыжьгәаҩа имоуп, уахгьы-ҽынгьы сылаԥш ихын, сыԥсҭазаара зегьы иара изкын. Москва диплом ҟаԥшьыла далгеит. Ҳаҩнаҭақәа наҟ-ааҟ зегьы ҳанааилатәо шәаҳәароуп, кәашароуп.
Ааигәа Алхас дналаҵаны Алиас Абыхәба, Нугзар Какалиа еиҿыркааз "АНАтрио" ахьӡҵаны агәыԥ даара уааигәырӷьаратәы ҳаԥсуа ашәақәа аԥсы рхаҵаны, иԥшӡаны ихааны ирҳәоит, џьара акы анырзеилымкаауа, ирыҵасҳәоит, ажәақәа роума, амузыка аума. Зегь здыруа дыҟаӡам, зегь ҳхеибарҭәаауазароуп.
- Уажәы сиасыр сҭахуп аҵыхәтәантәи амзақәа рзы даара сгәы шьҭнахыртә исаҳаз ажәабжь ашҟа. Бара ҿыц аиҭашьақәыргылара балагеит ахааназ ҳгәы ихааӡа иҭоу абыргцәа рансамбль "Нарҭаа". Уи ихы-иԥсы зегьы ақәҵаны иааигон сара даара ҳаҭыр зқәысҵоз акомпозитор, Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа. Аха илымшо даналага, уи аус шьҭеиҵахьан, уи ашьҭахь харагьы дзымнеигәышьеит... Уажәы бара еиҭабырҿыцит ари аус, избанзар ара иҟоуп агәаӷьрагьы, абаҩхатәрагьы, аԥышәагьы.
- "Нарҭаа" Абыргцәа рхор ҿыц ашьақәыргылара зыбзоуроу Аԥсны акультура аминистрра ауп. 1948 ш. инаркны ансамбль "Нарҭаа" ихы-иԥсы зегь иара иазкын аетнограф, акомпозитор, аԥсуа жәлар рашәақәа реизгаҩ Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа, ааԥсарада еиҿкааны иман дахӡыӡаауа. Аԥсны, Аԥсны анҭыҵ аконцертқәа ҟарҵон, ахәаԥшцәа гәахәа дула ирыдыкрылон. Уи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь акомпозитор, Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа дахагылеит. Аус рыдиулон лҵшәа дула. 1974 шықәсазы Венгриа адунеижәларбжьаратәи афестиваль аҿы "Ахьтәы павлин" ааргеит.
Изхысҳәаауа, уи иԥсҭазаара даналҵ, далҵаанӡагьы иаҟәыҵны иҟан. Иансарҳәа, сшақәымгәыӷуаз даара акыр сархәыцит, аха бара еизга ауаа, ашәаҳәацәа, акәашацәа 23-ҩык иреиҳамзароуп анырҳәа, иахьыздырқәоз аҭел санырзас, даара еигәырӷьеит, иаразнак еигәныҩит, ианысҳәаз амш аҽны ҳаиқәшәеит, ҳаицәажәеит, аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп, даара ҳаҭыр еиқәҵаны, ҳҳәоу еибыҭаны. Мызкы знык ҳаиқәшәоит макьана, излаауа-излацо уадаҩуп азы. Быжьбаҟа ашәа, акәашарақәа нацҵаны иҟаҳҵахьеит. Иара убас, аҿар изызҳауа, абаҩхатәрақәа змоу, исзасуеит, среигәырӷьоит ажәлар рҟазара, рмузыкатә арҳәагақәа бзиа иахьырбо. Зегьы срызгәдууп. Ҳаԥсуа ҟазара мыӡааит, ҳажәлар рҿахәы зҳәо. Аҿар бзиа изызҳауа, абзиабара дырктәуп ҳаԥсуа жәлар рҟазара.
Нарҭаа реиҭеира: Аԥсны абыргцәа ретнографиатә ансамбль еиҿкаахоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2023
Аԥсны
"Нарҭаа" реиҭеира: Аԥсны ҩаԥхьа ихацаркуп абыргцәа ретнографиатә ансамбль
- Ҳаицәажәаразы даара иҭабуп ҳәа басҳәоит Роза, избанзар, сара ауаҩы иагьа ибзианы дыздыруазаргьы, сзыҿцәажәо аҟазара даналацәажәо, данбаҩхатәрауаҩу, ауахәама сицҭоушәа, сыԥсы, схы, сажәа зегьы раӡазар сҭахуп. Избанзар, зыҵа казказуа иааԥшуа аӡмыжь еиԥш, уи илаԥш улҟьоит, уеимнадоит, зегь рыла уҭнаҵаауеит, уԥсыҽрагьы уӷәӷәарагьы иаразнак игәеиҭоит… Убри азоуп уи анцәа иҟынтәи дзаашьҭу, анцәа хаз ҷыдала зықьҩыла ауаа рылымкаа абаҩхатәра зилаиҵаз, ижәҩахыр дзагәӡыз… Уи ихылҵуа алашара кыр шықәса ирҭаԥхалоит ҳаԥхьаҟа игыларан иҟоу аҿар рыгәқәа… Шәара шәазхәыци, згәы алашара ҭаԥхаз шаҟа хкы ибо, шаҟа мца дрыхнаго, шаҟа ӡы дрырнаго, шаҟа цҳа дрықәнаго, шаҟа мҩахәасҭа дрыҿнаго.
Ажәабжьқәа зегьы
0