Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәҩык ауаа аахақәа роуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МЧС РА
Машина МЧС РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2023
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр шыҟалаз азы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит амҽыша, нанҳәа 27 ҵхыбжьон асааҭ 2:49 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәҩык ауаа аахақәа роуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан нанҳәа 26-27 руха, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит авариа шыҟалаз ареспубликатә мҩаду 85-тәи акилометр аҿы Ԥсырӡха ақыҭа иахьаҵанакуа. Еиҿасит автомашьынақәа ҩба – "Мерседеси" "Тоиотеи".
Амҩатә машәыр шыҟалаз азы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит амҽыша, нанҳәа 27 ҵхыбжьон асааҭ 2:49 рзы. Аҭыԥ ахь инеит аиқәырхаҩцәа ҩ-бригадак Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟынтәи, иара убас аҳақьымцәа.
Аахақәа зауз реиҳараҩык туристцәоуп, урҭ зегьы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп. Амашәыр аан аӡәгьы дҭамхаӡеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0