Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥсыуак дыршаҭап ҳәа ргәы иҭамызт": аибашьра аветеран Борис Лазба игәалашәарақәа

© Foto / Саида ЖибаБорис Лазба
Борис Лазба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра раԥхьатәи амш, доусы игәалашәараҿы аҭыԥ ҷыда аннакылоит, аиҳарак аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рзы. Ажурналист Саида Жьиԥҳа дазааҭгылоит амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" алахәыла, аибашьра аветеран, Леон иорден акавалер Борис Григори-иԥа Лазба иҭоурых. Иара, Гагра араион ақырҭцәа рнапаҟны иахьынӡыҟаз, мызкы ақалақь далаханы дыҟан, иблалагьы ибеит аӷацәа ргыгшәыграқәа.
Асовет аамҭақәа раан, Гагра ақалақь шьаҿа ӷәӷәала зус анагӡара иалагаз, гәыԥҩык аԥсуа ҷкәынцәа еицырзеиԥшыз акооператив "Абазгаа" лаԥшықәҵаны ирыман иҳаланхоз ақырҭцәа. Избанзар дара амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалахәылан, аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара иадгылан, маӡалатәи аизарақәа ирылахәын. Акооператив "Абазгаа" ашьаҭаркыҩцәа иреиуаз Борис Лазба иакәзар, аполитикатә хҭысқәа, иаҳҳәозар амлашьратә акциеи, иара убас Гагратәи астадион аҿы иҟаз аидыслареи раан активла зыжәлар ринтересқәа ирзықәԥоз дыруаӡәкын. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" алахәцәа иахьа-уаҵәы ақырҭцәеи ҳареи ҳмеибашьыр ада ԥсыхәа шыҟамлоз рдыруан, убри аҟнытә маӡала абџьар аахәара ргәы иҭаркит. Ари аус азы Борис Лазбеи иҩызеи усҟантәи аԥарала хнызқь мааҭ акооператив ахьӡала "Аидгылара" иарҭеит.
амлашьра иалахәыз Витали Кациа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2020
Дышқәыԥшызгьы, игәаанагара иазҵаауан: амлашьра иалахәыз Витали Кациа иҭоурых
"Нанҳәа 14 аҽны, аибашьра шалагаз заҳаз аԥсуа ҷкәынцәа ҳаигәныҩуа ҳалагеит. Абџьар змаз аӡәык-ҩыџьак ракәын. Анаҩс иҳалаҩит аԥсуаа Гәдоуҭа аурыс база иақәланы автоматқәа ргоит ҳәа. Исмеҭ Ҭарбеи, Тарел Оҭырбеи сареи, даҽа ҷкәынаки уахь ҳцеит, аха ҳахьымӡеит. 90 патрона заҵәык снапаҟны иаазгеит. Иара убас Џьазми Кәыџбеи сареи ҳаиҿаҳан, "автомат умамзаргьы џьара иухәоит иҳәан аҟанҭруазқәа фба насиркит. Анаҩс урҭ Гаграҟа санлеи Вахо Дбар исҭеит, апатронақәа ракәзар Иура Сабуа исҭеит", - игәалашәоит Борис Лазба.
Цандрыԥшь адесант анӡхыҵ иԥсызи ихәызи аԥсуа ҷкәынцәа ҟалеит. Аӷа ихымца зыԥсҭазаара ҿахнаҵәаз Иури Қаԥшь иԥсыбаҩ иаразнак иҭаацәа ирмоуӡеит. Уи аамҭа аҭаххеит аӷацәа аԥсуа гани еицәажәонаҵы. Ажәакала, Иури анышә дамаданы, Борис Лазба ишәарацага шәақь иманы ианҽирмазеи, аӷацәа Гагра ранапахьы иааргарц амаҷ ауп ирзынхаз.
ветеран ОВНА Иури Ториа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2017
Иури Ҭориа: "Афырҭынаа" ҳҽеибаркны аибашьра ҳцеит
"Сҭаацәа ақалақь исзалымгакәа иҟан. Рудик Арсҭаа исыдигалеит шьхала Бзыԥҭаҟа ҳалбаарц ҳаҷкәынцәа рахь, аха схәыҷқәа аӷацәа рыгәҭа иныжьны исзымгәаӷьит. Исыӡбеит сҭаацәа Гагра иалганы, нас сгәы рҭынчны сҩызцәа срывагыларц. Ус исцәыхарамкәа инхоз Илларион Ԥлиеи сареи ҳаиқәшәан, исаиҳәеит иашьа иҭаацәагьы алаигарц шигәиҭоу. Убасҟан иҳаларҳәеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны Ԥсахара идыргылаз апост ҳаиасырц, избанзар уаҟа аиҿахысрақәа ирылагахьан, раԥхьатәи аԥсҭбарақәагьы ҟалахьан. Ԥлиаа рҭаацәеи сара стәқәеи ҳаиманы ҳашцоз амҩан амилициа аусзуҩ Оҭар Бганба дҳақәшәеит. Иара иҳәеит "угьежьы, сара ииазгоит" ҳәа, аха ақырҭцәа ахысра ианалага зегьы шьҭахьҟа ҳхьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Анаҩс, сымаҳә ибзоурала сҭаацәа Адлерҟа рыԥсы рыманы ицеит", - еиҭеиҳәоит Борис Лазба.
Гагра аӷа инапахьы ианааига, аибашьратә цәаҳәа Ԥсахара ақыҭан ишьақәгылеит. Ақалақь иалахаз аԥсуаа рацәаҩхеит. Усҟан Борис ирҭаз адыррала 30-ҩык ахацәа мацара Гагра иаанхеит.
"Аџьармыкьаҿы Митра Ԥлиеи сареи маӡала ҳазусҭцәоу мыргамакәа ҳшеицәажәоз, Сергеи Булиа асиа кны дааҳадгылеит. "Борис, абри ақьаад уара иусҭарц азы адҵа сымоуп, абраҟа иануп Гагра иалаханы иҟоу аԥсуа хацәа рыхьӡқәа. Уара иудырҵеит аӡәаӡәала уҽрымаданы, агәыԥ еидкыланы, ақәыларақәа мҩаԥганы ақырҭцәа абџьар рымхра" ҳәа. Аиашазы иаразнак исҳәеит уи шалмыршахо. Гагра иалаханы иҟаз ҳахьтә аӡәык-ҩыџьак ҳнапаҿы ада абџьар ыҟамызт, иара уигьы ашәарацага шәақьқәа ракәын. Анаиааира шәарҭан, "Мхьедрионаа" цәгьаршуа ақалақь иалан, насгьы аҭелқәа рыла уцәажәартә иҟамызт, иӡырҩуан. Ишысҳәаз еиԥш ари аус акагьы алымҵӡеит", - иажәа иациҵоит Борис.
Михаил Каԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Аԥсны
"Бџьарла, напышьашәала – доусы илшоз ҟаиҵон": аибашьҩы Михаил Қаԥшь игәалашәарақәа
Ақырҭцәа, Гагра аԥсуаа рзеиԥш нхарҭа иажәлеит, ахатәыҩнқәа дырҳәуа иалагеит. Аҟәада рҿырхуан иаԥсыуа хацәаны ирԥыхьашәоз. Аума изаарцеит Сергеи Булиагьы. Борис Лазба иаби ианԥсеи аҩны иҟан. Иара ишәақь иманы ана-ара дыԥхьон. Ҽнак, "аҵх агәаны иааиуада" ҳәа ааигәахәын иҩны даҵаиеит. Аухацәҟьа 15-ҩык ахацәа амилициа аусзуҩцәа рыцны ддәылганы дыргеит.
"Исышьҭаланы инеиқәаз рахьтә ибзианы издырқәозгьы ыҟан. "Уара арратә командаҟаҵаҩс уҟоуп ҳәа адырра ҳамоуп, уаҳгарц азы адҵа ҟаҵоуп" ҳәа амилициа аусбарҭахь сыргеит. Усҟан амилициа аиҳабы инапынҵақәа наигӡон Толик Шониа. Иареи сареи ҳаҭыр еиқәаҳҵон. Убри иабзоураны сыԥсы еиқәхеит сҳәарц сылшоит. Саазгақәаз адҵа риҭеит шьҭахьҟа аҩныҟа сыргарц, насгьы Гагра саларгарц", - еиҭеиҳәоит сажәабжьҳәаҩ.
Славик Гогохьиа ҳәа иҟаз амилициа аусзуҩ, Борис диманы аҩныҟа даннеиуаз аамҭазы, агәашә иацәыхарамкәа Борис иаб Григори шәаныуаҩык автомат ала ихәахәара дшаҿыз ирыдгылеит. Анцәа иџьшьаны абырг аӷа димхны иԥсы еиқәдырхеит. Адырҩаҽны Борис дрыманы Ԥсоу аҳәаахьы идәықәлеит, аха "Мхьедрионаа" дара ақырҭуа арратә командаҟаҵаҩцәагьы рыдҵақәа ирықәныҟәомызт аҟнытә, машәырк иҭадмыргыларц азы шьҭахьҟа игьежьит. Амҩахь, ана-ара ақырҭцәа ишьақәдыргылаз аблок-постқәа рҿы аӷацәа аҩыжәра иаҿын, "аԥсуаа нҳарҵәоит, ҳара ҳтәы иагоит, шәааи уи азы аныҳәаҿа ҳкып" ҳәа еиқәҿыҭуа. Ауха Борис дымҩаԥызгоз иҩныҟа днамгакәа дырцәақәак рҿы дынрыжьит шьыжьынӡа. Ажәакала, ианша, амҩа иқәлеит, амашьына иақәдыртәеит аџьармыкьахь ицоз ҳәсацәақәак, иара убас амилициа аусзуҩык, агәаҭаҩцәа ирықәшәар Борис ихала амашьына дақәтәаны дырбар гәрамгарҭас дышьҭырымхарц азы. Ус аҳәаа ианазааигәаха, "Мхьедрионаа" автоматқәа ркны ирԥырагылеит, амилициа аусзуҩцәа рҳәатәы азыӡырҩра рҭахымкәа, аха ажәақәа еимаркуанаҵы, Борис аурыс ган ахь диасит. Ус, Адлер иҭаацәеи иареи еигәныҩит. Мышқәак рышьҭахь, ӷбала Гәдоуҭаҟа идәықәлеит.
"Сҭаацәа сыманы ӷбала ҳшаауаз, ҳаидарамҩангагатә ӷба Пицунда иаанҿасит. Убра сыбжьала сдырны дсыдгылеит Руслан Возба, иара иҳәеит жьҭаара 2 рзы Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара амҩаԥгара шазԥхьагәаҭоу. Саргьы сгәы хыҭ-хыҭуа сааҟалеит. Уи аҽны сабхәараа рахь Дәрыԥшьҟа ҳцеит. Мышқәак рышьҭахь Гагра ахырхарҭахь аԥсуа еибашьцәа жәылеит. Саргьы сҭаацәа аашьҭхны арахь сдәықәлеит. Ԥсахара ҳшааиуаз ачеченцәа ҳаурыжьуам ҳәа иалагеит, аха анцәа иџьшьаны Григори Еныкь дҳақәшәан, ҳаурыжьратәы адҵа риҭеит. Аҩны ҳаннеи, саби санԥсеи аԥсуаа Гагра ишалалаз рдыруан. Аӷа иалцареи, ҳара ҳаԥсы ҭаны ҳбареи еигәырӷьеит сҳәар, уи акагьы сымҳәеит ауп иаанаго. Ажәакала, сашҭа сҭалонаҵы ҳаибашьцәа Ԥсоуҟа еихеит", - игәалашәоит Борис Лазба.
Ҭемыр Занҭариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2023
"Сара сфизиономистын ҳәа исыԥхьаӡон": аибашьра аветеран Ҭемыр Занҭариа игәалашәарақәа
Гагра араион ахы ианақәиҭха, Борис Лазба далалоит Витали Бганба командаҟаҵаҩс дызмаз ашьха-хысратә рота. 42-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ ашьхаҟа иршьҭуеит, диверсиак ҟалозар ҳәа. Аамҭак ашьҭахь, Борис Лазба комиссарс даҭаны, 16-ҩык рыла ишьақәгылаз ашьха-хысратә рота Гәымсҭа ахырхарҭахь иршьҭуеит.
"Аԥхьанатә, "Дачи" ҳәа иахьашьҭаз Аҩада Ешыраҟа ҳдәықәырҵоит, устәи Каманҟа, нас Шромаҟа 920 аҳаракырахь. Убраҟа иҳацын абазақәа, иара убас афгантәи аибашьра аветеранцәа. Шрома иҳацәҭахеит ҳҩызцәа Мсас Барцыци Иура Ҳаразиеи, ирхәыз рацәаҩхеит, сара аконтузиа соуит", - иҳәоит аибашьра аветеран.
Борис Лазба комиссарс дызмаз арота Аҟәа аҭарцәра иалахәын. Иара убраауп ажәабжьгьы ахьраҳаз Аԥсны аӷа далцоуп, Егры аҳәаа аԥсуа бираҟ ахагылоуп ҳәа. Ари амш иахьа уажәраанӡагьы акы иаламҩашьо ацәаныррақәа зцу акәны иаанхеит аибашьҩы изы.
Борис Лазба иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп Леон иорден.
Ажәабжьқәа зегьы
0