Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Агәаӷ рхыргеит": ақырҭцәа ишьны ирблыз хаҵеи ԥҳәыси Ажьиаа рҭоурых

© Foto / Саида ЖибаҲақы Шьрыф-иԥа Ажьибеи Бабулиа Шьаиб-иԥҳа Смырԥҳаи
Ҳақы Шьрыф-иԥа Ажьибеи Бабулиа Шьаиб-иԥҳа Смырԥҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион, Цандрыԥшь аҳаблан, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра алагаанӡа инхоз аԥсуа ҭаацәарақәа маҷын. Аиҳарак зҽеиҵыхны итәаз ақырҭцәа шракәызгьы, абарҭ зынхамҩа хәыҷқәа рыда мазара змамыз аҭаацәарақәа рыдгьыл ҽыҭқәа иахырбаауан, рыԥсадгьыл аҿы ишыҟазгьы исасцәаны ирбон. Иахьатәи сажәабжь рызкуп, Цандрыԥшь аҳаблан инхоз Ажьиаа рҭаацәа. Дара, Гагра араион ахақәиҭтәраан, ибналаны ицоз аӷацәа ишьны ирблит. Ари ихьанҭоу аҭоурых аилкааразы мап шикуазгьы сиҿцәажәеит шаҳаҭра азызуа, усҟантәи аамҭазы 16 шықәса зхыҵуаз рԥа Анри Ажьиба.
Цандрыԥшь аҳаблан, Жьҭааратәи амҩа, 105-тәи аҩнаҟны инхоз Ҳақы Шьрыф-иԥа Ажьибеи Бабулиа Шьаиб-иԥҳа Смырԥҳаи руаҩыбжара иҭагылан аҭаацәара анаԥырҵоз. Дара ирыхшеит ҩыџьа ахәыҷқәа аԥеи аԥҳаи. Ҳақы даара ҳаҭыр зқәыз уаҩын. Иара хьӡи-ԥшеи ганы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду далҵит. 1948 шықәсазоуп аҵыхәтәантәи ирратә уалԥшьақәа нагӡаны аҩныҟа данаа. 1950 шықәсазы, амашьынарныҟәцаҩс Цандрыԥшьҟа аусура даарышьҭуеит, уа дагьаанхоит.
"Саб, Қарҭтәи Артиллериатә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1942 шықәсазы Каспиатәи амшынтә флот ахь дрышьҭуеит. Уаҟа абааӡатәымҩангагатә ӷбақәа (танкер) зыхьчоз дреиуан. Устәи игәыԥ ииаргоит Балтикатәи амшынтә флот ахь. Уаҟа рыӷба арҭҟәацга анаҵаԥжәалак, ишьыз рацәаҩхоит. Инхаз, саб дналаҵаны Естониа адгьыл бжьаха Саарема иргоит. Саби иҩызцәеи иазыҟарҵо иалагоит артиллеристцәа ҿарацәа. Иеибашьратәи ирратәи уалԥшьақәа нагӡаны 1948 шықәсазоуп аҩныҟа данаауа. Ажәакала, Цандрыԥшь имҩаԥысуаз Аиааира амши, иара ус аибашьра Ду иадҳәалаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәеи раан, аибашьра аветеран иаҳасабала ааԥхьара ирымҭакәа иҟамлацызт. Ус сгәы иаанагон, асовет солдаҭ иаҳаҭыр аӡәы изыларҟәуам ҳәа, аха сгәы сшажьоз нас издырит", - иаб дихцәажәоит аԥа Анри Ажьиба.
Гиви Аиба иҩызцәа-аибашьцәа рыбжьара - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2023
Аԥсны
"Аԥсҭазаара агьама изымбеит": аибашьҩы Гиви Аиба изкны
Ҳақы иԥшәмаԥҳәыс Бабулиа Сымсымԥҳа Калдахәаратәын, аколнхарақәа аниҿиуаз аамҭазы ԥсыцқьарыла иазааԥсоз лакәын. Аԥҳәызба аҭаацәара даналала, лыԥшәма иныҟәигон аҟнытә, лара лнапы ианыз ахәыҷқәа рааӡареи аҩнусқәеи ракәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, Ажьиаа рҭаацәа Цандрыԥшь изалымҵкәа иаанхеит. Ус рхы цәырымгакәа ԥшьала рыҩны итәан. Уажәшьҭа 72 шықәса ирҭагылаз Ҳақы, зны-зынла ахәыҷқәа ача рзааигарц ддәылҵуан ауп. Жьҭаара 4, 1992 шықәсазы, Гагра ақалақь аԥсуаа рнапахьы ианаарга, ақырҭцәа рабџьарқәа, ртанкқәа, иумоу рыхәцәеи, рыԥсцәеи кажьны Ԥсоу ахырхарҭахь ибналон. Убри аҽны, уеизгьы агыгшәыг иаҩызаз аӷацәа, Цандырԥшьынӡа ианнеи, ана-ара усгьы ацәгьаҳәаҩцәа маҷызма, дара рыла аԥсуаа ахьынхоз еилкааны, зыԥсы ҭаны ирбоз иргәаҟны иршьуан, рыҩнқәа рбылуан. Ус ԥшьҩык ахацәа еицны, ашьыжь, асааҭ 10 реиԥш Ажьиаа рашҭа иҭалеит. 16 шықәса зхыҵуаз Анрии, 19 шықәса ирҭагылаз Неллии аҩны аҩбатәи аихагылаҿы афотосахьақәа ирыхәаԥшуа ауада иҩнатәан. Рани раби ҵаҟа иҟан. Ахәыҷқәа ашьҭыбжьқәа анраҳа, ирбеит "иабаҟоу" ҳәа дара ирызҵаауаз џьоукы ашҭа ишҭалаз, аб рыцҳа шаҟа имҳәарыз иԥеи иԥҳаи хахь ишыҟоу. Ҿимҭуашәа анырба, руаӡәы автомат дҩахан уаацәҟьа диеихсуеит, секундқәак рышьҭахь дишьуеит иԥшәмаԥҳәыс Бабулиагьы. "Ашәҟәы иашәырба, ари ахәбатәи ԥсыуоуп исшьыз" ҳәагьы ибжьы наиргеит ақырҭуа хаҵа. Ахлымӡаах иалаԥшыз ешьеи ҳәшьеи агәылацәа рхыб ахь иԥаны аҭуан аҿы рҽырҵәахует.
"Саб изныкымкәа сгәы сҽаниҵахьан, знымзар зны ақырҭцәа мааир ҟалаӡом, агәылацәеи ҳареи ҳаҩнқәа еидын азы, уахь шәыԥа ҳәа иҳәахьан. Саҳәшьеи сареи ҳгәы ҭҟьаны, ҳани ҳаби рахь ҳалбаару, ҳаҳәҳәаны ауаа еизаҳгару ҳзымдыруа ҳҟалеит азныказы, аха ҳаргьы ҳшыршьуаз еилкааны, ҳаб ишҳабжьаигахьаз еиԥш агәылцәа рыҭуан ахь ҳхалеит. Дара милаҭла ерманцәан. Ҳҭаацәа ҭазырхаз уахьгьы инеит ҳарԥшаауеит ҳәа, аха аԥшәмацәа рхаҭа ирыздыруамызт дара рҿы ҳаҟоуп ҳәа. Ус ҳанырымба ицеит", - излаԥшыз арыцҳара далацәажәоит Анри.

Ҳақыи Бабулиеи рыԥсыбаҩқәа агәылацәа аҩныҟа инаганы акы рхадыршәит. Ахәыҷқәа уахынла маӡала инеины рани раби рҵәуит, аха аҩны аанхара ҟаломызт, ишәарҭан. Анрии Неллии уажәтәила рҽырҵәахит милаҭла иурысыс рҩыза ҷкәынак иҩнаҟны, усҟан иара Урыстәылаҟа дыҟан, аха уа иҭынхак дынхон. Уи аурыс хаҵа ахәыҷқәа адәаҟны инимыжьит, ихатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло иҵәахит. Жьҭаара 6 рзы, аԥсуа еибашьцәа Цандырԥшь ианалала, аҵыхәтәаны ибналоз ақырҭцәа џьоукы Ажьиаа рыҩны амца ацрарҵоит. Хаҵеи ԥҳәыси рыԥсыбаҩ налабла ицоит.

"Аҽны, Цандрыԥшь аԥсуаа рнапаҟны ианыҟала, ҳаибашьцәа ҳаԥшааны Калдахәараҟа ҳаншьцәа рахь ҳаргоит. Ҳҭынхацәа ҳани ҳаби рыбаҩ иашьҭаланы ианаауаз саргьы срыцын, идсырбеит иахькҿаз ауада, аха инхаз рҟәырҷахақәа маҷын. Ара сан дышьҭан, ара саб ҳәа идырбаны, ҩ-ҭоубыҭк иҭарҵеит ирбаз рыԥсыбаҩ аҟәырҷахақәа. Анаҩс аҵәыуара мҩаԥганы сабду игәараҭа Џьырхәа анышә иамаҳдеит. Ақырҭцәа дыргәаҟны дыршьит, уимоу деилыхны амҩаду даныжьланы ицеит саб иаасҭа қәрала еиҳабыз, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеран, зызнапык змамыз ахымхәа, ихьӡ сгәалашәом Амҷба зыжәлаз ҳгәыла. Ииашоуп, арҭ ахҭысқәа раахыс уажәшьҭа 31 шықәса ҵит, аха иблыз ҳгәы аҟәырҷахақәа узеидкылаӡом, шьала-дала иҳалаҽу аӷа иахь ацәымыӷра ахаан ихьаԥссараны иҟам", - иажәа иациҵоит зҭаацәа гыгшәыграла ишьу аԥа.
© Foto / Саида ЖибаҲақы Шьрыф-иԥа Ажьиба
Заур Хупориа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Ҳақы Шьрыф-иԥа Ажьиба
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь, Гагра араион анапхгареи, аибашьра аветеранцәеи рымчала, Ажьиаа рхәыҷқәа Гагра ақалақь аҩны рыҭаны индырхоит. Аиашьеи аиаҳәшьеи рыбзазара ашьақәыргылара иацхраауеит ауацәа, аган аҿы инхомызт изықәшәаз арыцҳара зхатә хьаа еиԥш издызкылоз агәылацәа.
Ҳақы Ажьибеи Бабулиа Смырԥҳаи иахьа рыхшара анцәа ишиҳәара иҟоуп. Аха дара ахаангьы ирхашҭраны иҟам еиҭымызтәаз ахҭысқәа… Изызҳауа амаҭацәагьы, рабдуи рандуи рҭоурых ргәаҟны иҷыдоу аҭыԥ аннакылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0