Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба Гәдоуҭа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәылԥазқәа, ашколхәыҷқәа рныҟәара, аконцертқәа

Аҩӡба Гәдоуҭа Аиааира амш азгәаҭаразы: ахәылԥазқәа, ашколхәыҷқәа рныҟәара, аконцертқәа
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы Аиааира амш шазгәаҭахо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Араион аҿы аныҳәатә усмбаԥгатәқәа хацыркын аспорттә хәмаррақәа рыла. Цәыббрамза 16-17 рзы зхы иақәиҭу ақәԥаразы атурнир мҩаԥган. Иахьа имҩаԥгахоит ҳџьынџьуаа рҟынтә иҭахаз Гәдоуҭатәи ашкол аклассқәа руак рыхьыӡ ахҵара. Уа еиҿкаахоит агәалашәаратә хәылԥазы, ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Амза 22 рзы Владимир Начач дахьынхоз аҩнаҿы аҭӡыкыдҩыла кыдҵахоит, уаҟа ашколхәыҷқәа алархәны аусҩаԥгатә мҩаԥгахоит иҳәеит Аҩӡба.
"Анаҩс амза 27 рзы ашахмат азы атурнир еиҿкаахоит. Иара убри аҽны анапылампыл асразы аицлабра ҟалоит. Амза 28 аиашьаратә қалақьқәа рҟынтә иаауеит асасцәа, имҩаԥгахоит аконцерт акультуратә хан аҿы. Амза 29 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашҭаҿы иҟалоит аконцерт асааҭ 18:00 рзы. Аҽны ашьапылампыл маҷ азы ареспубликатә атурнир еиҿкаахоит Аԥсны Афырхаҵа Џьон Кәарцхьиа ихьӡала. Амза 30 рзы асааҭ 8:00 нахыс ақалақь иалыҩлоит ашәақәа. Иара убас, аныҳәахь иаауа амашьынақәа зегьы абираҟқәа рыҭахоит. Ашәҭқәа шьҭаҳҵоит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа. Анаҩс афотоцәыргақәҵа аԥшьгоуп ҳмузеи аҿы. Уаҟа имҩаԥысуеит Шьамтәылантәи Ҭырқәтәылантәи иҭахаз аҷқәынцәа рҭаацәеи араион анапхгареи реиԥылара. Нас акультуратә хан аҿы аибашьра ахроника дырбахоит. Ассаҭ 18:00 рзы иҟалоит аныҟәара ацәашьқәеи аҩырақәеи кны. Араион ашколқәа зегьы рҟнытә 500 рҟынӡа ахәыҷқәа алахәуп. Еиԥшны еилаҳәаны "Аҭынчра ҳҭахәуп" ҳәа аҩыра раԥхьа икыдҵаны иҟалоит", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0