Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Китаитәи аҭыԥҳа ашәа "Катиуша" Мариуполь иахьылҳәо авидео шә-миллионынтә реиҳа иахәаԥшит

© screenshot из видео Исполнение китайской певицей Ван Фан легендарной песни "Катюша"
Исполнение китайской певицей Ван Фан легендарной песни Катюша  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Анапаҵаҩра
Мариуполь урыстәылатәи аруаа ахы иақәиҭыртәит 2022 шықәса мшаԥымзазы. Атеатр назлоу ахыбрақәа жәпакы ааха ӷәӷәа рыҭан.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. 110 миллион инеиҳаны ахәаԥшит китаитәи ашәаҳәаҩ Ван Фан аурыс ашәа "Катиуша" ахьылҳәо авидео ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье.
Аролик ҭыхын зеиҭашьақәыргылара иаҿу Мариупольтәи атеатр аҿаԥхьа.
"Ашәа "Катиуша", Китаи жәлар-рхақәиҭратә ар Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны инарыгӡаз иахьагьы афашистҿагылара иазку, иреиӷьу ашәақәа иреиуаны ишьоуп" ҳәа лҳәеит ашәаҳәаҩ.
Киев китаитәи ашәаҳәаҩ иҟалҵаз ргәамԥхеит. Украина АдәАР Пекин адҵа азынанашьҭит ДЖәР аҿы Ван Фани егьырҭ китаитәи аблогерцәеи зызнеиз реилдыркаарц. Аделегациа алахәылацәа зегьы Украина алалара азин рымхуп.
Мариуполь урыстәылатәи аруаа ахы иақәиҭыртәит 2022 шықәса мшаԥымзазы. Атеатр назлоу ахыбрақәа жәпакы ааха ӷәӷәа рыҭан. Уажәы ара ақалақь аиҭашьақәыргыларазы аус руеит 20 нызқьҩык инареиҳаны аргылаҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0