https://sputnik-abkhazia.info/20230921/yakhny-adgyl-azkylshuan-gagra-ialakhany-iaz-lamara-lakaa-lgalasharaa-1048064014.html
"Ҳҽыҵәахны ҳадгьыл ҳазкылԥшуан": Гагра иалаханы иҟаз Ламара Лакәаԥҳа лгәалашәарақәа
"Ҳҽыҵәахны ҳадгьыл ҳазкылԥшуан": Гагра иалаханы иҟаз Ламара Лакәаԥҳа лгәалашәарақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьа, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалаз, аполитикатә хҭысқәа раан активла зхы аазырԥшуаз, аҿагыларатә акциақәа... 21.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-21T18:29+0300
2023-09-21T18:29+0300
2023-09-21T18:59+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/13/1048067923_0:97:1024:673_1920x0_80_0_0_6627e2b73e6dc3f0bfe31c38fc6cfe38.jpg
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьа, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалаз, аполитикатә хҭысқәа раан активла зхы аазырԥшуаз, аҿагыларатә акциақәа ирылахәыз аԥсуа ԥҳәызба Ламара Лакәаԥҳа, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, мызки ҽнаки ақалақь иалаханы иҟаз, анаҩс аиҭныԥсахлара иақәшәаз дреиуоуп. Ари анҵамҭаҟны лара иҳацеиҩылшоит лгәалашәарақәа.Ламара Лакәаԥҳа 24 шықәса лхыҵуан амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" даналалоз. Аԥҳәызба ҭеиҭԥшла дҟәымшәышәын, аха соуп зҳәоз ахацәа ираԥылгон агәаӷьрала. Ақырҭцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз аамҭазы, Ламара, Гагра ақалақь ажәытә хәҭаҟны "Баӷрыԥшь" захьӡыз адәқьан дықәгылан. Егьараан, сусура самырхоит ҳәа дымшәакәа, (иумҳәарц залшом адәқьан директорс иамаз дшақырҭуаз) аҿагыларатә акциақәа раан, лыдәқьан аркны, аԥсуаа ргәы иҵхоз апроблемақәа рсиа ашә ишкыдларҷабоз. Уи ала адәқьан иадеизалоз идлырдыруан лхымҩаԥгашьа ҵаҵӷәыс иамаз. Ҽнак, Ламара изакәанымкәа адәқьан ашә шаларкыз еилкааны ақырҭуа милаҭ ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз акомиссиа ааит. Дара ирыцыз Ӡиӡигури зыжәлаз, ҩметрак зоура ыҟаз, Ламара иахьынӡалгәалашәо ОБХСС еиҳабыз, аԥҳәызба илҷабыз акыдҩыла кыдихоит ҳәа иҽаназишәа, "сышьны усхысуеит, акәымзар ааигәара унасышьҭуам" ҳәа диҿагылахьан.Ламара Лакәаԥҳа илаҩлыжьуамызт лыжәлар ринтересқәа рыхьчара ирыдҳәалаз акциақәа. Гагра амлашьратә акциа анымҩаԥысуаз, убра дышгылаз дгылан. Ахацәа рҳәатәы ылымҵыр, амлашьра итәарц згәиҭаз аҳәса рсиа лҽанылҵеит. Агәыԥ дацны дцахьан Тҟәарчал амлашьра итәаз ашахтиорцәа адгылара рылҭарц. Усҟан ашахта аиҳабы икабинеҭ аҭӡамц икыдаз Сталин ипортреҭ маӡала икыдхны Гаграҟа иааганы "ишәҭаху азыжәу" ҳәа араҟа амлашьра итәаз аҷкәынцәа ирылҭеит.Ламара, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" анапаҵаҟала иҭыҵуаз агазеҭ Гагра инхоз аԥсуаа ирылалырҵәон. Аус ахьылуаз адәқьан аҟынгьы дымшәаӡакәа илҭиуан. Илҵуаз аԥара алалгалон "Аидгылара" афонд, наҟ-наҟ ируалыз абџьар ахәааразы ицхыраагӡахап ҳәа."Аибашьра ҟалаанӡа Гагра инхоз аԥсуаа даара ҳмаҷҩын, убри аҟнытә зегьы ҳаибадыруан, ҳаҭыр еиқәаҳҵон, ҳаиҭанаиааиуан. Ҳаиҳараҩык "Аидгылара" ҳалан, иаламзгьы еизарак раҩрыжьуамызт, аԥсеивгаха ҳазымҭоз ақырҭуа милаҭ аҿагылара рырҭон иахьынӡарылшоз. Лассы-лассы, Гагра, асасааирҭа "Абхазия" ашҭаҟны аԥсуа еиԥыларақәа еиҿаҳкаауан. Ҳалеибабоит ҳәа аҭыԥантәи аԥсуа музыкантцәа ақәгыларақәа мҩаԥыргон. Абас мчыла мацара ҳаԥсадгьыл ҳақәынхон", - еиҭалҳәоит Ламара Лакәаԥҳа.Аибашьра аԥхьа, Гагратәи астадион аҿы аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара аиҿагылара аныҟала, Ламара дыруаӡәкын убраагьы имшәаӡакәа зыжәлар ирылагылаз. Лара ақырҭцәа ишырбоз рбираҟ кыджәаны шьапыла илкәаҳаит."Абарҭ сызлахәыз аполитикатә акциақәа раан, саԥхьа ԥызас игылаз Алла Џьниаԥҳа лакәын. Ахацәа нагақәа реиԥш аӷацәа ирҿагыланы изрықәшаҳаҭымз рҳәон Алла лыԥҳа Ирина Сыҷынааԥҳа, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа уҳәа аԥсуа ҭыԥҳацәа", - лажәа иацылҵоит Ламара.Нанҳәа 14 1992 шықәсазы, Ламара Лакәаԥҳа лаҳәшьа Зинаида лҿы дшыҟаз телехәаԥшрала илаҳауеит ақырҭцәа Аԥсны ртәыртәарц ишақәлаз. Иаразнак "Аидгылара" алахәцәа ааигәныҩын, Гагратәи аԥсуа школ аҟны еизоит.Ламара Лакәабԥҳа аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, Гагратәи аԥсуа школ аҟны еиҿкааз аштаб амаҵ азылуан, аибашьцәа рыфатә рыжәтә лырмазеиуан. Убас ахәшәтәырҭаҟны ихәыз аибашьҩыкгьы ашьа аиҭара дахьӡеит."Саҳәшьа гәакьа Зинаида луаҭах ҳаҩнан саҳәшьцәа иреиуоу Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи сареи. Анаҩс Лиудмила лаҳәшьа гәакьа Лиалиа лахь ҳаиасит. Уи аамҭазы лыԥҳаи лареи ракәын уа иҟаз, лԥа Алхас Гындиа аԥсуа гвардиаҿы арра маҵура дахысуан. Зԥа дызхьаауаз ан аҩны дзаанымгылакәа, лыԥҳа даашьҭхны лыуацәа рахь дцеит, урҭ рыла Алхас ихабар еиҳа еилыскаауеит ҳәа. Ус Лиудеи сареи ауаҭах аҟны ҳаизынхеит. Уи аҩнеихагылаҟны анцәа иџьшьаны Алла Џьниаԥҳа дынхон, ҳрыцҳашьаны, маӡала дҳазнеиуан. Аамҭак азы атәым милаҭ ҳрылаӡҩаны ачазы ҳцозтгьы, нас зынӡа ауаҭах ҳаздәылымҵо ҳаанхеит. Аԥенџьырқәа ақьаадқәа рыла иаҳшәаҳаит. Аха адәахьы иҟоу иану аилкааразы џьара-џьара акылҵәарсҭақәа аҭаны ахараԥшыгала (бинокль) ҳкылԥшуан. Зны ашьхараҿы иҟоу гәасҭап ҳәа санкылԥш, ашышкамсқәа реиԥш ақырҭцәа шеилагылаз збеит. Сгәы каҳаит, арҭ шаҟа ирацәоузеи, ҳазлариааиуеи ҳәа схәыцуан. Зныхгьы шьҭыбжьыцәгьак ҳаҳан аԥенџьыр ҳкылԥшзар атанкқәа еицырхәхәа иаауан. Ахаан исхашҭуам, убасҟан анцәа сышиашьаԥкыз "абарҭ зегьы амца рука исырба" ҳәа. Минуҭқәак рышьҭахь руакы ииашацәҟьаны амца ахылҵуа иалагеит. "Ари дырга бзиоуп" ааҳгәахәын, маҷк ҳаҽҳарҭынчит", - еиҭалҳәоит Ламара Лакәаԥҳа.Ламареи Лиудмилеи ҭелла рыҽрымардон Гагра иалахеит ҳәа ирдыруаз аԥсуаа. Аӡәи-аӡәи рҭагылазаашьа иазҵаауан. Ус ираҳауа, иалагеит Гагра ахәбатәи аиланхарҭа авара иҟоу аџьықәреирҭақәа рыла аԥсуа ган ахь маӡала ииасыз шыҟоу. Даргьы ргәакьацәа ирабжьаргеит ус идәықәларц."Алла Џьниаԥҳаи, лаб иашьа иԥҳа Лариса Џьниаԥҳаи, милаҭла иоурысыз рҭацаки уи лани, Лиудмилеи сареи амш азгәаҭаны аџьықәреирҭа ҳалаланы Гагреи Пицундеи рыбжьарала ҳара ҳтәқәа рахь ҳазцозар ҳәа ҳҿынаҳхеит. Аха иабаҳдыруаз уи амҩахәасҭала аԥсуаа маӡала ишцоз еилкааны ақырҭцәа шнеихьаз. Ажәакала, ҳафҩык иааҳакәшеит. Арахь ҳара ҳтәым милаҭуп ҳәа ржьара иақәкны ҳпаспортқәа маӡала абнахь иршәны аџьықәреи ҿыхра ҳааит ҳәа раҳҳәеит. Лиудмила Сергьегьиа "Аидгылара" даламзи, насгьы араионтә газеҭ "Авангард" аҿы аус лымуази, иаразнак дырдырит. "Бца бгазеҭ ахь аусура" ҳәа "лабжьаргеит" ианылҿаԥшы. Иҳадгылақәаз руаӡәы Лариса Џьниаԥҳа лнапы даахан, ус иахәҭоушәа лнацәкьыс иахаз амацәаз аахихит. Алла Џьниаԥҳа лықәра ыҟоуп, анҭ илыцқәаз ҩыџьа урысцәоуп ҳәа иоурыжьит, Лиудмилеи, Ларисеи сареи аштаб ахь ҳрыманы ицеит", - лгәалашәарақәа дырзааҭгылоит сажәабжьҳәаҩ.Ламареи, Ларисеи, Лиудмилеи аштаб ахь ианнарга, уи аиҳабыс иахагылаз Манџьгалаӡе зыжәлаз ақырҭуа хаҵа иаразнак идырын, "аҩныҟа шәца" ҳәа шьҭахьҟа идәықәиҵеит. Аштаби аҭыԥҳацәа злаауаз амҩахәасҭеи аӡымҩангагатә цәаҳәа ду рыбжьан. Убри иқәланы рыхҩыкгьы шьҭахьҟа иандәықәла, автоматқәа ишырҩахаз ашьҭыбжьқәа раҳаит, аха имааҳәӡеит. "Ҳаршьозар ҳаршьааит" ҳәа ԥшьала ршьаҿа еихго ицон.Ламара Лакәаԥҳаи, Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, Лариса Џьниаԥҳаи Ԥсахара аԥсуа ган ахь ианиас, ирԥылеит рашьа Леонид Сергьегьиа, рымаҳәцәа Бабурик Мамацев, Славик Гәымба. Аҷкәынцәа Аԥсны аҭарцәразы имҩаԥгаз анаҩстәи аоперациақәа раан иҭахоит.Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩ даналцаха, Ламара дахьыҩназ лаҳәшьа луаҭахь ахь дааит. Арантәи арҳәцәа ахә змаз зегьы дәылыргеит, ирзымгаз ԥыхха ишьҭарҵеит. Ламареи Лиудмилеи ирҵәаххьаз "Аидгылара" иатәыз ажурнал заҵәык рзымԥшааит. Аҭыԥҳацәа зегь раасҭа ихьааргаз Владислав Арӡынба ибжьы ахьҭаҩыз акассета зҭаз амагнитофон ахьырцәыргаз акәын.Ламара Алықьса-иԥҳа Лакәаԥҳа арҭ ахҭыс хьанҭақәа раахыс 30 шықәса шҵхьоугьы, иацы илхылгазшәа лыбла ихгылоуп. Сыԥсы ҭанаҵы исхашҭуам, аӷагьы ианасажьуам лҳәоит лара.
https://sputnik-abkhazia.info/20230918/myzkoup-irybzhakhaz-aibashray-iakhaz-aishtsa-bartsytsaa-rourykh-1047966069.html
https://sputnik-abkhazia.info/20180104/liudmila-sergegiapha-aidgilara-hxakutra-iashataheit-1022811579.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230916/irkhyrgaz-ratsoup-bzya-inkho-aaa-raatsa-aibashraan-izyniaz-aty-1047934585.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/13/1048067923_0:0:1024:768_1920x0_80_0_0_b20cced68d9531f8870f7f428c265de5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьа, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" иалаз, аполитикатә хҭысқәа раан активла зхы аазырԥшуаз, аҿагыларатә акциақәа ирылахәыз аԥсуа ԥҳәызба Ламара Лакәаԥҳа, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, мызки ҽнаки ақалақь иалаханы иҟаз, анаҩс аиҭныԥсахлара иақәшәаз дреиуоуп. Ари анҵамҭаҟны лара иҳацеиҩылшоит лгәалашәарақәа.
Ламара Лакәаԥҳа 24 шықәса лхыҵуан амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" даналалоз. Аԥҳәызба ҭеиҭԥшла дҟәымшәышәын, аха соуп зҳәоз ахацәа ираԥылгон агәаӷьрала. Ақырҭцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз аамҭазы, Ламара, Гагра ақалақь ажәытә хәҭаҟны "Баӷрыԥшь" захьӡыз адәқьан дықәгылан. Егьараан, сусура самырхоит ҳәа дымшәакәа, (иумҳәарц залшом адәқьан директорс иамаз дшақырҭуаз) аҿагыларатә акциақәа раан, лыдәқьан аркны, аԥсуаа ргәы иҵхоз апроблемақәа рсиа ашә ишкыдларҷабоз. Уи ала адәқьан иадеизалоз идлырдыруан лхымҩаԥгашьа ҵаҵӷәыс иамаз.
Ҽнак, Ламара изакәанымкәа адәқьан ашә шаларкыз еилкааны ақырҭуа милаҭ ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз акомиссиа ааит. Дара ирыцыз Ӡиӡигури зыжәлаз, ҩметрак зоура ыҟаз, Ламара иахьынӡалгәалашәо ОБХСС еиҳабыз, аԥҳәызба илҷабыз акыдҩыла кыдихоит ҳәа иҽаназишәа, "сышьны усхысуеит, акәымзар ааигәара унасышьҭуам" ҳәа диҿагылахьан.
Ламара Лакәаԥҳа илаҩлыжьуамызт лыжәлар ринтересқәа рыхьчара ирыдҳәалаз акциақәа. Гагра амлашьратә акциа анымҩаԥысуаз, убра дышгылаз дгылан. Ахацәа рҳәатәы ылымҵыр, амлашьра итәарц згәиҭаз аҳәса рсиа лҽанылҵеит. Агәыԥ дацны дцахьан Тҟәарчал амлашьра итәаз ашахтиорцәа адгылара рылҭарц. Усҟан ашахта аиҳабы икабинеҭ аҭӡамц икыдаз Сталин ипортреҭ маӡала икыдхны Гаграҟа иааганы "ишәҭаху азыжәу" ҳәа араҟа амлашьра итәаз аҷкәынцәа ирылҭеит.
Ламара, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" анапаҵаҟала иҭыҵуаз агазеҭ Гагра инхоз аԥсуаа ирылалырҵәон. Аус ахьылуаз адәқьан аҟынгьы дымшәаӡакәа илҭиуан. Илҵуаз аԥара алалгалон "Аидгылара" афонд, наҟ-наҟ ируалыз абџьар ахәааразы ицхыраагӡахап ҳәа.
"Аибашьра ҟалаанӡа Гагра инхоз аԥсуаа даара ҳмаҷҩын, убри аҟнытә зегьы ҳаибадыруан, ҳаҭыр еиқәаҳҵон, ҳаиҭанаиааиуан. Ҳаиҳараҩык "Аидгылара" ҳалан, иаламзгьы еизарак раҩрыжьуамызт, аԥсеивгаха ҳазымҭоз ақырҭуа милаҭ аҿагылара рырҭон иахьынӡарылшоз. Лассы-лассы, Гагра, асасааирҭа "Абхазия" ашҭаҟны аԥсуа еиԥыларақәа еиҿаҳкаауан. Ҳалеибабоит ҳәа аҭыԥантәи аԥсуа музыкантцәа ақәгыларақәа мҩаԥыргон. Абас мчыла мацара ҳаԥсадгьыл ҳақәынхон", - еиҭалҳәоит Ламара Лакәаԥҳа.
Аибашьра аԥхьа, Гагратәи астадион аҿы аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара аиҿагылара аныҟала, Ламара дыруаӡәкын убраагьы имшәаӡакәа зыжәлар ирылагылаз. Лара ақырҭцәа ишырбоз рбираҟ кыджәаны шьапыла илкәаҳаит.
"Абарҭ сызлахәыз аполитикатә акциақәа раан, саԥхьа ԥызас игылаз Алла Џьниаԥҳа лакәын. Ахацәа нагақәа реиԥш аӷацәа ирҿагыланы изрықәшаҳаҭымз рҳәон Алла лыԥҳа Ирина Сыҷынааԥҳа, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа уҳәа аԥсуа ҭыԥҳацәа", - лажәа иацылҵоит Ламара.
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы, Ламара Лакәаԥҳа лаҳәшьа Зинаида лҿы дшыҟаз телехәаԥшрала илаҳауеит ақырҭцәа Аԥсны ртәыртәарц ишақәлаз. Иаразнак "Аидгылара" алахәцәа ааигәныҩын, Гагратәи аԥсуа школ аҟны еизоит.
"Аиҳабыс иҳамаз Вова Бениа, убас "Аидгылара" анапхгараҿы иҟақәаз Борис Кьехьыриԥа, Ҳараз Чамагәуа уҳәа абџьар шыҟамыз гәҩарас ишьҭыхны, аҭыԥантәи аԥсуа хацәеи дареи аицәажәарақәа мҩаԥыргон. Автоматқәа роуаанӡа, напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа реибыҭара рҽазыршәеит. Аибашьра ианалага адырҩаҽны, Цандрыԥшь ҳаҷкәынцәа анҭаха, "Аидгылараҿы" аҳәса ирыларҳәеит аӷацәа ақалақь рнапахьы иааргаанӡа шәалҵ ҳәа. Аха сара сахьымӡаӡеит", - ахҭыс дазааҭгылоит сажәабжьҳәаҩ.
Ламара Лакәабԥҳа аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, Гагратәи аԥсуа школ аҟны еиҿкааз аштаб амаҵ азылуан, аибашьцәа рыфатә рыжәтә лырмазеиуан. Убас ахәшәтәырҭаҟны ихәыз аибашьҩыкгьы ашьа аиҭара дахьӡеит.
"Саҳәшьа гәакьа Зинаида луаҭах ҳаҩнан саҳәшьцәа иреиуоу Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи сареи. Анаҩс Лиудмила лаҳәшьа гәакьа Лиалиа лахь ҳаиасит. Уи аамҭазы лыԥҳаи лареи ракәын уа иҟаз, лԥа Алхас Гындиа аԥсуа гвардиаҿы арра маҵура дахысуан. Зԥа дызхьаауаз ан аҩны дзаанымгылакәа, лыԥҳа даашьҭхны лыуацәа рахь дцеит, урҭ рыла Алхас ихабар еиҳа еилыскаауеит ҳәа. Ус Лиудеи сареи ауаҭах аҟны ҳаизынхеит. Уи аҩнеихагылаҟны анцәа иџьшьаны Алла Џьниаԥҳа дынхон, ҳрыцҳашьаны, маӡала дҳазнеиуан. Аамҭак азы атәым милаҭ ҳрылаӡҩаны ачазы ҳцозтгьы, нас зынӡа ауаҭах ҳаздәылымҵо ҳаанхеит. Аԥенџьырқәа ақьаадқәа рыла иаҳшәаҳаит. Аха адәахьы иҟоу иану аилкааразы џьара-џьара акылҵәарсҭақәа аҭаны ахараԥшыгала (бинокль) ҳкылԥшуан. Зны ашьхараҿы иҟоу гәасҭап ҳәа санкылԥш, ашышкамсқәа реиԥш ақырҭцәа шеилагылаз збеит. Сгәы каҳаит, арҭ шаҟа ирацәоузеи, ҳазлариааиуеи ҳәа схәыцуан. Зныхгьы шьҭыбжьыцәгьак ҳаҳан аԥенџьыр ҳкылԥшзар атанкқәа еицырхәхәа иаауан. Ахаан исхашҭуам, убасҟан анцәа сышиашьаԥкыз "абарҭ зегьы амца рука исырба" ҳәа. Минуҭқәак рышьҭахь руакы ииашацәҟьаны амца ахылҵуа иалагеит. "Ари дырга бзиоуп" ааҳгәахәын, маҷк ҳаҽҳарҭынчит", - еиҭалҳәоит Ламара Лакәаԥҳа.
Ламареи Лиудмилеи ҭелла рыҽрымардон Гагра иалахеит ҳәа ирдыруаз аԥсуаа. Аӡәи-аӡәи рҭагылазаашьа иазҵаауан. Ус ираҳауа, иалагеит Гагра ахәбатәи аиланхарҭа авара иҟоу аџьықәреирҭақәа рыла аԥсуа ган ахь маӡала ииасыз шыҟоу. Даргьы ргәакьацәа ирабжьаргеит ус идәықәларц.
"Алла Џьниаԥҳаи, лаб иашьа иԥҳа Лариса Џьниаԥҳаи, милаҭла иоурысыз рҭацаки уи лани, Лиудмилеи сареи амш азгәаҭаны аџьықәреирҭа ҳалаланы Гагреи Пицундеи рыбжьарала ҳара ҳтәқәа рахь ҳазцозар ҳәа ҳҿынаҳхеит. Аха иабаҳдыруаз уи амҩахәасҭала аԥсуаа маӡала ишцоз еилкааны ақырҭцәа шнеихьаз. Ажәакала, ҳафҩык иааҳакәшеит. Арахь ҳара ҳтәым милаҭуп ҳәа ржьара иақәкны ҳпаспортқәа маӡала абнахь иршәны аџьықәреи ҿыхра ҳааит ҳәа раҳҳәеит. Лиудмила Сергьегьиа "Аидгылара" даламзи, насгьы араионтә газеҭ "Авангард" аҿы аус лымуази, иаразнак дырдырит. "Бца бгазеҭ ахь аусура" ҳәа "лабжьаргеит" ианылҿаԥшы. Иҳадгылақәаз руаӡәы Лариса Џьниаԥҳа лнапы даахан, ус иахәҭоушәа лнацәкьыс иахаз амацәаз аахихит. Алла Џьниаԥҳа лықәра ыҟоуп, анҭ илыцқәаз ҩыџьа урысцәоуп ҳәа иоурыжьит, Лиудмилеи, Ларисеи сареи аштаб ахь ҳрыманы ицеит", - лгәалашәарақәа дырзааҭгылоит сажәабжьҳәаҩ.
Ламареи, Ларисеи, Лиудмилеи аштаб ахь ианнарга, уи аиҳабыс иахагылаз Манџьгалаӡе зыжәлаз ақырҭуа хаҵа иаразнак идырын, "аҩныҟа шәца" ҳәа шьҭахьҟа идәықәиҵеит. Аштаби аҭыԥҳацәа злаауаз амҩахәасҭеи аӡымҩангагатә цәаҳәа ду рыбжьан. Убри иқәланы рыхҩыкгьы шьҭахьҟа иандәықәла, автоматқәа ишырҩахаз ашьҭыбжьқәа раҳаит, аха имааҳәӡеит. "Ҳаршьозар ҳаршьааит" ҳәа ԥшьала ршьаҿа еихго ицон.
"Ацәаҳәа ҳақәланы ҳашнеиуаз секундқәак рышьҭахь, автоматқәа ҳақәызкыз аҷкәынцәа аӡә даарыдгылан, рбызшәала акы нараиҳәан аимак-аиҿак рызцәырҵит. Ирыхьыз нас еилаҳкааит. Алла Џьниаԥҳа аԥсуа ган ахь даниас, "Аидгылара" иалаз ҳаӡӷабцәа ааныркылеит, арахь ирымхтәуп ҳәа зегьы ршьапы иқәлыргылазаап. Убас аҩ-ганк рыштабқәа еилацәажәан, иаҳкьымскәа, аиҭныԥсахлара иақәшәаз рсиа ҳанырҵеит. Родонаиа ҳәа дыҟан аиҭныԥсахлара иахылаԥшуаз, убри, ҳҭыӡҭыԥ ала ауаа ҳашьҭаҵаны, ҳара ҳаиԥш аиҭныԥсахларахь иргоз ахҵәацәа зҭаз автобус ҳнақәыртәаны Ԥсахараҟа ҳаргеит. Убра аԥсуа гани ақырҭуа гани ҩ-втобуск наҟ-ааҟ иоурыжьит. Абас мызки ҽнаки аӷацәа рыгәҭа иаҳхаҳгеит", - ҳәа азгәалҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Ламара Лакәаԥҳаи, Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, Лариса Џьниаԥҳаи Ԥсахара аԥсуа ган ахь ианиас, ирԥылеит рашьа Леонид Сергьегьиа, рымаҳәцәа Бабурик Мамацев, Славик Гәымба. Аҷкәынцәа Аԥсны аҭарцәразы имҩаԥгаз анаҩстәи аоперациақәа раан иҭахоит.
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩ даналцаха, Ламара дахьыҩназ лаҳәшьа луаҭахь ахь дааит. Арантәи арҳәцәа ахә змаз зегьы дәылыргеит, ирзымгаз ԥыхха ишьҭарҵеит. Ламареи Лиудмилеи ирҵәаххьаз "Аидгылара" иатәыз ажурнал заҵәык рзымԥшааит. Аҭыԥҳацәа зегь раасҭа ихьааргаз Владислав Арӡынба ибжьы ахьҭаҩыз акассета зҭаз амагнитофон ахьырцәыргаз акәын.
Ламара Алықьса-иԥҳа Лакәаԥҳа арҭ ахҭыс хьанҭақәа раахыс 30 шықәса шҵхьоугьы, иацы илхылгазшәа лыбла ихгылоуп. Сыԥсы ҭанаҵы исхашҭуам, аӷагьы ианасажьуам лҳәоит лара.