Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Мызкоуп ирыбжьахаз": аибашьраҿы иҭахаз аишьцәа Барцыцаа рҭоурых

© Foto / Иаалҭиит Саида ЖьиԥҳаАдамыр Ардашьын Барцыцаа
Адамыр Ардашьын Барцыцаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иацыз арыцҳара зкьымсыз ԥсыуа ҭаацәарак ыҟамзар ҟалап. Ҩнаҭацԥхьаӡа аԥсра мнеизаргьы, ргәакьацәа рхьаа рыцеиҩыршон аҭынхацәа. Аха иҟоуп анацәеи абацәеи, иаӡәымкәа зыхшара анышә иамаздаз. Убарҭ иреиуоуп Ниазбеи Барцыци Фируза Оҭырԥҳаи. Мызкы ахи-аҵыхәеи рыла аибашьра рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит рԥацәа Адамыри Ардашьыни. Аишьцәа Барцыцаа рҭоурых анҵоуп раҳәшьеиҵбы Анжелеи, Адамыр иԥшәмаԥҳәыс Светлана Ԥачалиаԥҳаи ражәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, Гәдоуҭатәи арԥарцәа, аишьцәа Адамыри Ардашьыни Барцыцаа Урыстәыла арратә маҵурақәа рхыганы иааны рхатәы наплакқәа ныҟәыргон. Рҩыџьегьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иалгахьан. Адамыр – аҭоурых-зиндырратә факульет, Ардашьын – афизика-математикатә факультет. Аишьцәа дреиҳабын Адамыр, Ардашьыни иареи хышықәса рыбжьан. Рҩыџьегьы убриаҟара аԥсадгьыл ахь абзиабара рылаҽын, аибашьра иалагаанӡагьы, аԥсуа жәлар ринтересқәа ирызҿлымҳан. Адамыр мышкызны иҳахәоит ҳәа 1989 шықәсазтәи аполитикатә хҭысқәа рыламҭалазы иааихәахьан "Дегтиариов" ихыԥсаҟьага. Ари абџьар 2-тәи Адунеизегьтәи аибашьра иахаанын.
"Ҳакәша-мыкәша инхоз рахьтә иҟан Адамыр ахыԥсаҟьага шимаз здырқәоз. 1989 шықәсқәа рзтәи ахҭысқәа раԥхьа, ақырҭуа чынуаа агәрамгара ахьрымаз аԥсуа ҭаацәарақәа рахь инеины абџьар змаз ирымырхуан. Адамыр ицәгьа шырҳәоз идыруан азы, ахыԥсаҟьага абеи ацеллофани ирылаҳәаны ақыҭаҿы адгьыл жны иҵәахит. Аха аамҭа-аамҭала ахархәара аҭатәын аҟнытә, ашьхаҟа дцаны аԥышәара иахижьуан. Ажәакала, аибашьра ианалага, Адамыр абри ахыԥсаҟьага иманы аӷа диҿагылеит", - илгәалашәоит иԥшәмаԥҳәыс Светлана Ԥачалиаԥҳа.
© Foto / Иаалҭиит Саида ЖьиԥҳаАдамыр Ардашьын Барцыцаа
Адамыр Ардашьын Барцыцаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Адамыр Ардашьын Барцыцаа
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан, аԥсуа хацәа Гәдоуҭа иҟаз Урыстәылатәи арратә база иақәланы абџьар аныргоз, Адамыргьы убра иҩызцәа рзы автоматқәа ҩба алигеит.
"Аибашьра аԥхьа амашьына ҿыц "ВАЗ-07" ҳаман, ҳазхарагьы ҳақәымтәацызт. Адамыри иҩызцәеи ахысра маншәалахоит ҳәа аԥхьатәи асаркьа амхны, ахыԥсаҟьага ақәдыргылеит, ус еиманы Гәымсҭа ахырхарҭахь ицеит, анаҩс аҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз Гагра ахырхарҭахь иаарышьҭит", - лҳәоит Светлана.
Аԥсны аӷа хәымга данақәла, аԥсуа еибашьцәа абџьар рыцәмаҷын. Аиҳарак ашәарыцага шәақьқәа ракәын иркыз, иара уигьы змамыз дубарын. Адамыр ианхәа ҳамҭас илҭахьаз абриллиант зҭаз аимдахьа мацәаз ҭины, "автоматқәа ахьаашәхәо иалашәҵа", - ҳәа аԥара еидызкылоз ириҭеит.
"Адамыр аибашьра данцоз иџьаба иҭан, 37-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи идырӡыз ҳабду Шьыгә Барцыц ифото. Иара иҭахын уи ишьа иурц", - лҳәоит иаҳәшьа Анжела.
Гәырам Сергьегьиеи Инга Лакәыиап,ҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
"Жәамш заҵәык...": Гәырам Сергьегьиа изкны
Нанҳәа 30 1992 шықәсазы, Гагра ахырхарҭаҟны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟаз ахәыҳаракыра агараан, аӷацәа ахыԥсаҟьагала ирылахысуаз Адамыр ақырҭуа снаипер дҭаирхоит. Арԥыс иԥсыбаҩ ԥшьымш аҭаацәа ирмоуӡеит, дахьышьҭаз аҭыԥ ахь унеиртә иҟамызт аҟнытә. Абаза ҷкәын Рем Рубаев дахьӡеит маҷк дырҳәазаны иҵәахра, Баҭал Ҭарба амахәқәа иқәиҵеит агыгшәыг дыԥхасҭанамтәарц азы.
"Адамыр иԥсыбаҩ алгаразы, ҳҭынха гәакьа Мертик Беиа иҽимеидеит ақырҭуа ар акомандаҟаҵаҩцәа иреиуаз Џьаба Иоселиани. Дара еилаӡеит, Гәдоуҭа аԥсуаа иҭҟәаны ирымаз, зыҷкәын аӷацәа ирыдгыланы иеибашьуаз Шаламбериӡеаа хаҵеи ԥҳәыси рыԥсы шҭоу ақырҭуа ган ишрырҭо, егьырҭ Адамыр иԥсыбаҩ ргарц ишақәшаҳаҭхо ҳәа. Иарбаз амш аҽны, аӷацәа ахысрақәа ааныркылан, Баҭал Ҭарбеи, ҳаб иашьа Сафарбеи Барцыци, ҳаншьа Рошьа Оҭырбеи Адамыр иԥсыбаҩ лбааргеит", - ахҭыс хлымӡаах лгәалашәоит аиаҳәшьа.
Асҭамыр Ладариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Аԥсны
"Иҩызцәа ршьа иуан": аибашьраҿы иҭахаз Асҭамыр Ладариа изкны
Адамыр иҭаацәа данырга адырҩаҽны анышә дамардеит. Арԥыс ицәеижь ҩашьахьан азы дхырымтӡеит, иеилаҳәарагьы залмыршахеит, имаҭәа аҭоубыҭ иҭарҵеит ауп.
"Ҳаб ақалԥадқәа заҵәык ишьеиҵеит, егьырахь уилакьысратәы дыҟамызт", - лҳәоит Анжела.
Адамыр анышә данамарда ашьҭахь, Рем Рубаев, уахык ацәымзаркраан аҩны дааны Ниазбеи Барцыц ииҭоит усҟан иԥа ишьапы иавихыз аҳәызба. "Ахаҵа ишиаҭәоу еиԥш ухы ааурԥшит, далаугәалашәалап", - ҳәа аб Рем данцоз ҳамҭас ииҭоит уи аҳәызба. Адамыр ихыԥсаҟьага далеибашьырц азы Ниазбеи иаҳәшьаԥа Беслан Цкәуа ииҭоит. Адамыр даныршь ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны, аӷацәа дҭадырхоит иҩыза гәакьа абиԥазаҵә Владислав Лакәаба. Абас зычҳара уадаҩыз арыцҳарақәа ҭалон аԥсуа шҭақәа.
Ардашьын иашьеиҳабы данҭаха ашьҭахь, ифотосахьа иџьыба иҭаҵаны ашьоура иҽазишәоит.
"Адамыр ицәымза ҳҽазыҟаҳҵоит ҳәа ҳаҿын, Ардашьын дырхәит, иҩыза Бесик Тәанба дыршьит ҳәа анҳаҳа. Сҭацеи сареи ҳан ахәыҷқәа лызныжьны ашҭа ҳанҭыҵит, ҳаб аԥхьа дцахьан. Гәдоуҭа Тәанаа рахь ҳаннеи, ҳара иҳаздыруамызт аҩны авара Ардашьын дышьны дызҭаз амашьына шавагылаз. Аҩныҟа ҳнеиаанӡа, мызқәак зхыҵуаз сыԥҳаи хәышықәса зхыҵуаз Адамыр иԥҳа хәыҷи дышрыдтәалаз ауп ҳан аҩбатәи лԥа дышьны дышлызнаргаз. Убарҭ аминуҭқәа лааигәара ҳаҟамкәа иахьылхылгаз иахьагьы сгәы ҵәымыӷҵас иалоуп", - лҳәоит Анжела.
Ардашьын данҭахоз аҽны Гагра ахырхарҭахь дцараны дыҟамызт. Иҩызцәеи иареи ираҳаит Адгәыр Тәанба Ԥсахара дҭахеит ҳәа. Аха уи аинформациа шиашамыз рарҳәаанӡа, Ардашьыни, Адгәыр Тәанба иашьа гәакьа Беслани, Џьон Ешбеи, Руслан Ҭраԥшьи аҷкәын иԥсыбаҩ ааҳгоит ҳәа уахь ицеит. Ԥсахара ианнеи ираҳаит уи шҵабыргымыз, аха адырҩаҽны аԥсуа еибашьцәа Гагра ақалақь аҭарцәразы жәылара идәықәлараны иҟан азы иаангылеит. Жьҭаара 1 ахәылбыҽха, аиҩызцәа Ԥсахара ахысрақәа ианрықәшәа, ҩнык ишаватәаз ахыԥҽыхақәа раахеит. Аҭыԥ аҟны иаразнак рыԥсҭазаара ҿахҵәеит Ардашьын Барцыци Беслан Тәанбеи.
"Аҷкәынцәа ихәыз џьышьа раԥхьа Бзыԥҭа амедпункт ахь инаргеит. Ардашьын ихәрақәа дрыцқьоит ҳәа икьаҿ анишәырх, иџьыбаҿы Адамыр ифото рбеит. Еилагылаз еилыркааит арҭ аишьцәа шракәыз. Зегьы ирцәымыӷхеит, мызкала ҩыџьа аԥацәа зцәыӡыз ани аби раҳәашьас иҟаҳҵои ҳәа иуазырит", - лылаӷырӡқәа лҿықәыҳәҳә еиҭалҳәоит аҭаца Светлана Ԥачалиаԥҳа.
© Foto / Иаалҭиит Саида ЖьиԥҳаАдамыр Ардашьын Барцыцаа
Адамыр Ардашьын Барцыцаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Адамыр Ардашьын Барцыцаа
Барцыцаа ргәараҭа акраамҭа аҵәуабжьы ҭыҩуан. Ан Фируза Оҭырԥҳа есыҽны ашарԥазы дгыланы, аҩнашьҭахь дтәаны амыткәма лҳәон. Аб Ниазбеи иакәзар, дзықәшәаз арыцҳара изхымгакәа хара имгакәа идунеи иԥсахуеит. Уи ашьҭахь иԥсҭазаара далҵуеит рымаҳә, Анжела лыԥшәма Роман Гәымба.
© Foto / Иаалҭиит Саида ЖьиԥҳаАдамыр Ардашьын Барцыцаа
Адамыр Ардашьын Барцыцаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Адамыр Ардашьын Барцыцаа
"Ҳан иаҳхаагаз арыцҳарақәа рышьҭахь, лхахьы илгеит ҿыц аԥсҭазаарахь ҳархынҳәра. Лара доуҳатә мчык анцәа илылеиҵеит акәымзар, ҩыџьа лԥацәеи, лыԥшәмеи, лымаҳәи анышә иаҭаны илылзыршазеи ҳхәыҷқәа ҳацааӡара, рынасыԥқәа ареигәырӷьара", - ҳәа еицҿакны иазгәарҭоит Анжелеи Светланеи.
Фируза Оҭырԥҳа 80 шықәса нылҵит, лыԥсҭазаара аԥшшәы ахазҵаз лмаҭацәа рыхшара лбеит.
Адамыри Ардашьыни реибашьратә лшамҭақәа рзы ианҭаха ашьҭахь аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан. Адамыр – Леон иорден, Ардашьын – "Агәымшәаразы" амедал.
архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2023
Аԥсны
"Хатәгәаԥхарала аԥсра даԥылеит": аибашьҩы Роберт Леиба изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0