Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Оҭырԥҳа: аибашьраан иҟаз аидгылареи абзиеибабареи ҳамазар, Аԥсны акгьы ахьӡом

Оҭырԥҳа: аибашьраан иҟаз аидгылареи абзиеибабареи ҳамазар, Аԥсны акгьы ахьӡом
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аефир ала ицоит адырраҭара "Дцон аԥҳәызба еибашьра". Уи рызкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа, аҳәса.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Анжела Оҭырԥҳа илгәалалыршәеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы аӷацәа ирхәыз лашьеиҵбы Баҭал ахәшәтәырҭаҟны дышидтәалаз, иара убасгьы иҭахаз аибашьцәа рҽеины рҭаацәа рахь изышьҭуаз дышрыцхраауаз. Лҩызцәа аҭыԥҳацәа Аида Доӷәызиеи Замира Ҷавҷаваӡеи лареи еицын.
"Сҩызцәа шаҳаҭцәоуп, саб убас иҳәон: "Досу илшо ҟаиҵароуп иԥсадгьыл азы" ҳәа. Аибашьрахь сцара азнаказы иақәшаҳаҭӡамызт, аха ахәшәтәырҭаҟны ҳшыҟаз ирыларҳәеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥсаа ргәыԥ амедеиҳәшьцәа рҭахуп ҳәа. Иара убраацәҟьа ҳагьеибырҭеит, ҳрыцны ҳцеит. Анаҩс сашьа "ҳаицыз" иҳәеит. Ешыра цәыббрамзазы убас аамҭак ҟалеит, иуадаҩхеит, нас сашьеи сареи ҳҽаҳшеит. Сҩызцәа аӡӷабцәа Аҟәантәи аҩны исызнанагази сареи ҳаицын. Сани саби ус рҳәон "аибашьра аӡә лакәӡам, хҩык аӡӷабцәа ҳашьҭит" ҳәа. Сашьцәагьы асменахь ианцоз, ҳҭаацәа ҳаилымхкәа ҳрышьҭон", - лҳәеит Оҭырԥҳа.
Аветеран иазгәалҭеит, аибашьра аамҭазы ҳажәлар ирымаз аидгылареи абзиеибабареи ҟалар, Аԥсны акгьы ахьуам ҳәа агәра шылго.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0