Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахәра шимазгьы Аиааира даԥылеит": аибашьра аветеран Адгәыр Жьиба изкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Адгур Жиба
Адгур Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инадыркны аӷа иҿагылаз дреиуоуп 24 шықәса зхыҵуаз Мгәыӡырхәатәи арԥыс Адгәыр Шамел-иԥа Жьиба. Иара Аҟәа ахақәиҭтәра ҽнак шагыз дырхәит, аха зегь акоуп имчқәа еизганы Аиааира шааигәахоз дырны иҩызцәа дрыхьӡоит.
Адгәыр Жьиба Мгәыӡырхәа ақыҭан диит. Иаб Шамели иан Рита Џьыкырԥҳаи ҩыџьа аԥацәа рааӡеит, Рубени Адгәыри. Адгәыр аибашьра аԥхьа Аҟәатәи аиндустриалтә техникум аҟны ахԥатәи акурс хҩаны ақыҭаҟны иԥсшьарамшқәа ихигон.
"Нанҳәа 14 1992 шықәса еилыхха сгәалашәараҿы иаанхеит. Аҽны, ҳгәыла Рома Хьециа даҳҭан. Саби иареи ахьынӡеицәажәоз аӡаагара сындәылҵит. Уиаҟарагьы снымхаӡеит, аха санааи сан дҵәыуо дтәоуп, саби Ромеи ыҟаӡам… "Арҭ абацеи" ҳәа иҟалаз сзымдыруа сықәҵәиуа саақәхеит. Аибашьра иалагеит ҳәа лыбжьы аалыргеит сан", - ахҭыс далацәажәоит сажәабжьҳәаҩ.
Роланд Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2023
Аԥсны
"Хәажәкыратәи ажәылара сгәы иҭыҵуам": аибашьра аветеран Роланд Агрба игәалашәарақәа
Адгәыр, иаби игәылеи дрышьҭаланы Гәдоуҭаҟа ддәықәлеит. Лыхны ахаҵәирҭаҟны даннеи аԥсуа ҷкәынцәа гәыԥҩык еизахьан. Бџьарда рхы ахьдырхо рзымдыруа еилагылан. Нас ирыларҳәеит Гәдоуҭа аурыс база аԥсуа ҷкәынцәа ақәланы автоматқәа ргоит ҳәа. Адгәыри иқыҭаҷкәын Џьон Еныкьи уахь рҿынархеит.
"Џьони сареи Мгәыӡырхәа ҳқыҭауаа ҳрылаланы абџьар змоу еилаҳкаауеит ҳәа ҳдәықәлеит, аха абазаҟнытә абџьар ргоит ҳәа анҳаҳа уахь ҳаихеит. Иареи сареи автоматк автоматк ҳгеит. Абџьар ахархәашьа усгьы ибзианы иаадыруан, ишахәҭаз еиԥш ирыцқьаны аибашьра иазҳархиеит", - иҳәоит иара.
Адгәыр аҷкәынцәа дрыцны аҽныцәҟьа Аҟәаҟа дцеит. Убра амшын аԥшаҳәаҿы ҩымш итәан, анаҩс Гәымсҭа ахықәахь иаарышьҭит. Аибашьцәа гәыԥ-гәыԥла рҽанеидыркыла уи ацәаҳәа ахылаԥшра инапы ианҵан Аполлон Шьынқәба. Ажьырныҳәатәи ажәыларанӡа Алада Ешыра ахырӷәӷәарҭаҿы дыҟан Адгәыр Жьиба. Анаҩс иара далалоит Амиран Берзениа командаҟаҵаҩс дызмаз ақәыларатә бригада.
Валери Дауҭиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Аԥсны
"Аԥсра дақәшаҳаҭын": аибашьра аветеран Валери (Баҭаҟәа) Дауҭиа изкны
"Хәажәкыратәи ажәылара аҽазыҟаҵаразы, мызкы Пицундаҟа ҳаарышьҭуеит. Аԥышәа анҳау, Гәымсҭа ахырхарҭахь ҳцоит. Арыцхә 16 ашарԥазы Гәымсҭа аӡиас ҳарны Аҳабҩык ҳхалоит. 120-ҩык инеиҳаны аибашьцәа ҳаицын. Ҩымш рышьҭахь адҵа ҟалоит иҭаҳарцәыз аҭыԥ ныжьны ҳалбаарц. Ҳдәықәлеит шьҭахьҟа ҳазлааз ала. Аӡы ҳаныруаз аахыс ҩымш шҵхьазгьы аҩаӡара уажәазы еиҳагьы иҳаракхеит. Иаҳцәагозгьы ҟалеит, аха анцәа иџьшьаны ҳахьӡеит рамхра. Нас ҳазегьы ашахагьы ҳкын аха ҳнапқәагьы еибаҳаркит ус аӡы ҳзаиааиуазар ҳәа", - игәалашәоит аибашьҩы.
Хәажәкыратәи ажәылара ашьҭахь, Адгәыр Жьиба БМП аекипаж командаҟаҵаҩс дҟарҵоит. Ихьанҭаз арратә техника аекипажқәа зегьы усҟан Фазлыбеи Аҩӡба иакәын знапаҵаҟа иҟаз.
"Ҳекипаж ԥшьҩык рыла ишьақәгылан. Амеханик-арныҟәцаҩс дҳаман Рома Еныкь, аоператор-ақәкыҩс – Џьон Қчач, сара командаҟаҵаҩс срыман. Аҟәа аҭарцәраан, ҳаибашьыгатә машьына Одише аҟынтәи Ҷанба имҩала илбаар акәын. Аха ҳтехника аӷацәа еихсуеит, ҳазегьы ахәрақәа ҳауоит. Ромеи сареи Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ҳаргоит, Џьон акантузиа акәын имаз аҟнытә аҩныҟа доурыжьуеит" – еиҭеиҳәоит аибашьҩы.
Адгәыр Жьиба Аҟәа аҭарцәра ҽнак шагыз дырхәоит. Агоспиталь дахьышьҭаз, аибашьҩы ибзианы еиликаауан Аиааира шааигәахоз. Ихәра ҿаҳәаны, имчқәа ааибыҭаны, аҳақьымцәа рҳәатәы дахамҵгылакәа, автомат аашьҭхны иҩызцәа дрыхьӡоит. Цәыббра 30 аҽны, иара Кәыдры аӡиас ахықәан Аиааира даԥылоит.
"Кәыдры ацҳаҟны ҳаиқәшәеит Очамчыратәи аҷкәынцәеи ҳареи. Ҳазегьы агәра ҳгон ҳшаиааиз, аха зны-зынла аԥхыӡ ҳалашәа ҳҟалон. Усҟантәи ацәаныррақәа реиҭаҳәара мариам, уи знык ауп ауаҩы ианиныруа", - инаҵишьит аибашьра аветеран.
II-тәи агәыԥ аинвалид Адгәыр Жьиба, Аиааира 30 шықәса ахыҵра ижәлар ирыдныҳәало ирзеиӷьеишьоит, уи иацу агәырӷьара нагӡахарц. Еиҵагыло абиԥара ракәзар - ахаан рыла иамбарц реиҳабацәа ирхыргаз арыцҳара.
Џьон Бжьаниа иҩызцәа рыгәҭа. Архив М. Барцып,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
"Ҩынтә дшырхәызгьы, дхьамҵит": аибашьра аветеран Џьон Бжьаниа изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0