Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсра дақәшаҳаҭын": аибашьра аветеран Валери (Баҭаҟәа) Дауҭиа изкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Валери Дауҭиа
Валери Дауҭиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, ахшара рацәа дышрабызгьы, зегь акоуп Аиааира ҳара иаҳгоит ҳәа иԥхьаӡаны, ихәыҷқәа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҟны ирызҳарц, иӷьацарц азы иқыҭауаа мгәыӡырхәаа дрыцны аӷа диҿагылеит 39 шықәса зхыҵуаз Валери (́Баҭаҟәа) Акакь-иԥа Дауҭиа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага аҽны, Валери (Баҭаҟәа) Дауҭиа игәыла Гәырам Гәбаз, телехәаԥшрала ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ҳтәыла ишақәлаз иаҳаны игәы иҽаниҵеит. Уи аамҭазы ана-ара ахацәа рыҩнқәа ирдәылҵын "Золотой берег" ҳәа иахьашьҭаз аԥсшьарҭа ҭыԥ ахь илбааит. Убраҟа, азал ду аҿы аҭыԥантәи ахацәеи, уи аамҭазы зыԥсы зшьоз атуристцәеи ателевизор аҿакны ажәабжьқәа еицрыхәаԥшуа иалагеит. "Шәышԥарыцҳаҳшьои", "ишәыԥсыхәоузеи" - ҳәа уажәы-уажәы рыбжьы дыргон аԥсшьаҩцәа.
"Раԥхьа, "Золотой берег" иҟаз атуристцәа автобусқәа рыла Урыстәылаҟа рышьҭра ҳалагеит. Исгәалашәоит еибарҵәыуо, ҳганахь иԥшуа рнапқәа шырҟьоз. Аиашазы, раԥхьатәи амш азы даара ҳгәы каҳаны ҳаҟан. Бџьарда, џьаԥҳаныда ҳхы ахьҳархоз ҳзымдыруа ҳаанхеит. Адырҩаҽны, Валери Аҩӡбеи Федиа Еныкьи иҳаларҳәеит, "шәымшәан, бџьарла еиқәных Кавказ Нхыҵынтәи 200-ҩык рҿынӡа ҳашьцәа шьхала иаауеит" ҳәа. Ҳаԥсгьы ааҭалеит… Анаҩс, ҳаҷкәынцәа, Гәдоуҭатәи аурыс база иақәланы автоматқәа рымгар ада ԥсыхәа ҟамлеит", - аибашьра раԥхьатәи амшқәа дрылацәажәоит аветеран.
Даур Харазиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Аԥсны
"Аҭаацәа зықәгәыӷуаз иакәын": аибашьраҿы иҭахаз Даур Ҳаразиа изкны
Аибашьра раԥхьати амшқәа рзы мгәыӡырхәаа напылаҟаҵаратәи арҭҟәаҵгақәа еибыҭаны, ахырӷәӷәарҭақәа шьақәыргыланы амшын аԥшаҳәа ахьчара иалагеит. Ус ишыҟаз, ирыларҳәеит Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә аоперациа шазгәаҭоу.
"Ажәылара иалахәын мгәыӡырхәаагьы. Уахыки-ҽнаки рыла ҳаҷкәынцәа ирылшеит Гагра ҭарцәны Ԥсоунӡа арыцқьара. Ари аоперациа сара салахәӡамызт, аха ҳаибашьцәа срышьҭагыланы санцоз избон ишьыз ақырҭцәа шырацәаз, ана-ара ибылуан ртехника. Сара иахьынӡаздыруа Гагра араион ахақәиҭтәраан 500-ҩык рҿынӡа аӷацәа ҭахеит", - иҳәоит Валери Дауҭиа.
Украинантәи Аԥсныҟа иааз мгәыӡырхәаа рҵеи Фата Дбар, аиҳарак иқыҭауаа рыла ишьақәгылаз арота дахагылоит. Гагратәи аоперациа ашьҭахь дара Гәымсҭатәи афронт ахь иршьҭуеит. Ари арота дахәҭакны иеибашьратә мҩа алагоит Валери Дауҭаигьы.
"Ҳара аиҳарак Шрома аопозициа кны ҳтәан. Ҳалахәын Цугуровка аҭарцәра. Усҟан хә-баталионк ҳаицын, ҳазегьы еиҳабыс дҳаман Валикәа Багаҭелиа. Хазы ҳара ҳбаталион Фата Дбар дшахагылац дахагылан. Гәымсҭа ҳарны, ашаха ҳҽанҵаны аҩадара ҳхалеит. Абџьаргьы рацәаны иҳаман. Исгәалашәоит, убасҟан аԥшыхәцәа ишахәҭаз аус ахьырзымуаз иахҟьаны ӷәӷәала ашәарҭара ҳашҭагылаз. Аҷкәынцәа уажәы-уажәы аминақәа ирхаԥжәон, иҟалеит иҭахаз, убас ахәрақәа зауз", - иҳәоит аибашьҩы.
Џьон Бжьаниа иҩызцәа рыгәҭа. Архив М. Барцып,ҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
"Ҩынтә дшырхәызгьы, дхьамҵит": аибашьра аветеран Џьон Бжьаниа изкны
Аҭагылазаашьа цәгьа анышьақәгыла, аибашьцәа шьҭахьҟа илбааит. Ԥхынгәы 9 рзы, ҩаԥхьа Цугуровка ихалатәуп ҳәа адҵа ҟалеит. Усҟан 200-ҩык хатәгәаԥхарала аԥсра ишаԥыло ҳәа ашәҟәы рнапы аҵаҩны, аӷа ихьарԥшразы идәықәлеит. Урҭ аибашьцәа рыгәҭа дыҟан Валери Дауҭиагьы.
"Цугуровка ҳанхалоз 40-ҩык рыла ишьақәгылаз авзвод сахадыргылеит. Аҭыԥ аҟны ҳаннеи, жәаба-жәаба метра рыбжьаҵаны иарбаз аҭыԥқәа рҿы ахыԥсаҟьаҩцәеи, агранатаршәцәеи, автоматкыҩцәеи сыртәеит. Усҟан дсыцын саншьа иԥа Мерабик Марганиа. Ҳахьԥшоз иаҳбеит аандақәа рҟны аӷацәа арҭҟәацгақәа шхыршьхьаз, амала анцәа иџьшьаны урҭ ԥымжәаӡеит, аус дзыруша ацәаҳәа ааха ахьаиуз инамаданы. Аҭагылазаашьа ҽакала иҟалазтгьы, азхәыцра цәгьоуп ҳазқәшәараны иҟаз. Цугуровка иҳаихсуа иалагеит, нас ишеилаҳкааз ала милаҭла иукраиназ аҳәса аснаиперцәа. Убри ахықә аҟны, аӷацәа убас хысрак хдыртит, аҳацкьынцәҟьа ақәцәқәа хырссаны ишьҭарҵон иааиуаз ахқәа. Ҳазегьы ҳхы ҳзышьҭымхо адгьыл ҳашьҭаиан. Ус аамҭак ашьҭахь ақәа ауит. Мерабики сареи аӡба ҳаԥсуан. Ақәа анхыкәкәа ашьҭахь, ҳааигәара ишьҭаз ацеллофан еизнагаз ақәаӡы ҳабз ахьшьуа ҳҟырҟы ҳарбааӡеит. Амлагьы ҳаԥсуан, акраҳамфеижьҭеи акыр ҵуан. Мерабик имакәан иҭаз ахшрыжәпа (сгущенка) ааҭиган, "усгьы ҳаршьоит, уааи иаҳфап иҳәан, инеимда-ааимдо ахаатә ҳфеит", - ахлымӡаах зцыз ахҭыс игәалаиршәоит аибашьра аветеран.
Адамыр Ардашьын Барцыцаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2023
Аԥсны
"Мызкоуп ирыбжьахаз": аибашьраҿы иҭахаз аишьцәа Барцыцаа рҭоурых
Ԥхынгәытәи ажәылараан ҳаибашьцәа Цугуровка иҭанҵәо ианалага, Валикәа Багаҭелиа адҵа ҟаиҵеит ихьаҵтәуп ҳәа. Фата Дбар, Валери Дауҭиа ивзвод ахьтәаз Вианор Гәынба днаишьҭит алада илбаарц раиҳәаразы. Ус ԥшьала излааз ала идәықәлеит. Вианор, Фата иахь иҿанынаиха дырхәит, уи ашьҭахь дырзымԥшааит, иахьа уажәраанӡа хабарда дыбжьаӡуп ҳәа дыԥхьаӡоуп.
"Алада албаара ҳаналага Мерабик амина дахаҳан ишьапы хнажәеит, ицламҳәа амнахит Вадим Џьыкырба, ус дылбаргаанӡагьы дыԥсуеит, ахәрақәа роуит Борис Гәынбеи Валентин (Чипик) Жьибеи. Чипик акәылӡхылԥа (каска) ихамзтгьы уаацәҟьа дҭахон. Сара сыгәчама ахы ақәшәеит. Убас хьаак сауит, скьатеиқәа арахь иҭыҵызшәа акәын схы шызбоз. Сааигәа иҟаз Оҭар Дбаргьы сиҳәеит, "абаа скьатеиқәа аҭыԥ иҭаҵа" ҳәа", - ахҭыс еиҭеиҳәоит Валери.
Цугуровка иршьызи ирхәызи ҳаруаа, рҩызцәа уа инырмыжьӡеит, зегь Гәымсҭа аӡиас ираргеит. Валери Дауҭиа азнык азы Афонтәи агоспиталь ахь дыргоит, устәи Гәдоуҭаҟа.
"Усҟан саб иԥсы ҭан, 84 шықәса ихыҵуан. Иарымҳәаргьы ауан, аха ахәра сыманы агоспиталь ахь сааргеит ҳәа илымҳа ианҭас, "арҭ сыржьоит, сыҷкәын дыршьит" игәахәын, игәы аангыланы дыԥсит. Уи ашьҭахь, лассы агоспиталь аҟынтә сҭыҵит. Маҷк сыхәра ахьаа антәа, сыгранатаршәга аашьҭхны сҩызцәа сҽырхьызгӡеит. Иахьтәаз саннеи, сааҭк ашьтахь Аҟәа аҭарцәразы ажәылара ҳдәықәлеит", - еиҭеиҳәоит Валери Дауҭиа.
Аибашьра аветеран Валери (Баҭаҟәа) Дауҭиа иеибашьратә мҩа акырӡа иҭбаауп, аха 30 шықәса шҵхьоугьы ицәыцәгьоуп урҭ аамҭақәа рызхьаԥшра. Иблаҿы иааиуеит ивыршьааз иҩызцәа. Саргьы исзеиҭеиҳәаз азы иҭабуп ҳәа иаҳәаны, агәыхь изҭоз ҳаиҿцәажәара хсыркәшеит. Валери Дауҭиа ианашьоуп Леон иорден.
Ажәабжьқәа зегьы
0