00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷавҷаваӡе: сашьцәа еибашьра имгылар ҳәа сгәырҩон

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Замира Чавчаваӡе леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Агәымшәараз амедал занашьоу Замира Ҷавҷаваӡе лмилаҭ шылыԥсахыз, лҭаацәеи лареи аибашьра ишеиҟәнагаз, лашьцәа абџьар иаҵамгылар ҳәа дышшәоз, Аҟәа ахақәиҭтәраз аҵыхәтәантәи ажәылараан ӷәӷәала дшырхәыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Сыжәла ақырҭоуп, аха милаҭла саԥсыуоп ҳәа ихацлыркит Замира аиҿцәажәара. Лҭаацәа зегьы милаҭла ишақырҭцәазгьы, ларазаҵәык ашкол даналга "аԥсуа" ҳәа ашәҟәы лҽанылҵеит. Аилаларақәа саргьы срылан, иубарҭан ак шыҟалоз, издыруан аибашьра шыҟалоз ҳәа азгәалҭеит лара.
Замира аибашьра ианалага Аҟәа далахеит, анаҩс аибашьра зегьы илыцыз лҩыза ӡӷаб Анжела Оҭырԥҳаи лареи алҵра рылшеит.
"Гагра ргаанӡа Анжела лҭаацәа рҿы ҳаҟан. Аҷкәынцәа зегьы еибашьра ицеит, аҩны ацхыраара рҭахын. Аџьықәреи ҭагалатәын, ажь ҿыхтәын. Насоуп Гәдоуҭа агоспиталь аҿы ацхыраара рыҭара ҳаналага. Ашәҟәқәа рыла издыруан сашьцәа рыԥсы шҭаз, аха сшәон, еибашьра имгылар ҳәа, убри сгәырҩон. Аха дара иаразнак иалагылеит. "Стрелец" агәыԥ иалан рыҩџьагьы", - ҳәа еиҭалҳәоит Замира.
Март азы ҳаҷкәынцәа анааргоз даара аџьабаа ҳбеит ҳәа лгәалалыршәоит аветеран.
"Игәаҟуан дара хымш иахьышьҭаз, зыԥсы ҭаны иржызгьы дыҟан, абарҭ зегьы рыцқьаны рҭаацәа ираҳҭон. Исзычҳаӡом, абыржәгьы сыла ихгылоуп, изакәытә ҷкәынцәааз урҭ…", - ҳәа еиҭалҳәеит Замира.
Замиреи Анжелеи афронт ахь ицеит амедиаҳәшьцәа аҭахуп ҳәа алаҳәара анраҳа.
"Ҳабналан ҳцеит ауаԥсаа ргәыԥ ахь Анжела, Аида, сара. Цугуровка ҳхаргалеит. Ахаан иҳамбацт аҭыԥ. Алашара ыҟам, акгьы ҳбом. Ауха абра шәышьҭал рҳәан адгьыл аҿы ҳиеит, аха ицәада. Ара ҳаԥсыргьы сҭаацәагьы сырбом ҳәа агәырҩара салагеит. Иаашон еиԥш Анжела лашьа абаталион ду аҿы амедиаҳәшьа дшыҟамызгьы ҳрымхны ҳаигеит, арҭ саҳәшьцәа роуп, шәахьааз ишшәарҭоу жәдыруама ҳәа. Адырҩаҽны ахәшәтәырҭахь ҳааргеит. Ара ҳахьааиз ауха ҳазцыз аҷкәынцәа ааргон ршьапқәа хыжәжәаны", - ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Сентиабртәи ажәылара атәы еиҭаҳәо Замира илҳәеит, уи шшьаарҵәырахаз, усҟан шакәу ларгьы ахәра ӷәӷәа анлоуз.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0