00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа иамшныҳәоуп иахьа
18:17
26 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Участие Абхазии в Международной школе "Новые имена"
18:49
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны еиқәзырхаз, Аԥсны дабжоуп": аԥсадгьыл иазку ахшыҩзцарақәеи ажәаԥҟақәеи

© Foto / Музей боевой славыВ горах Абхазии нашли неучтенное кладбище советских воинов
В горах Абхазии нашли неучтенное кладбище советских воинов - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл иазку ажәаԥҟақәеи ахшыҩзцарақәеи еидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ҳашьха ӡышқәа ирықәлоу, ижәытәу ҳаԥсуа бызшәа аибашьреи ахьчареи ирхылҿиааз ажәақәа рыла игәылҭәаауп. Урҭ иреиуоуп ажәа "ахаҵара". "Ахаҵа" ма "Аԥсуа хаҵа" анырҳәа, зыӡбахә рымоу еиҿамсу, еилҟьа-еилӷәыцәу, зегьы инарылукаауа ауаҩы еибага иоуп. Аха уи инахыҳәҳәаны "Ахаҵа-ихаҵа" анырҳәа, Аԥсадгьыл ахьчара аума, даҽакума ахаҵараҿ иалкаахаз убла даахгылоит.
Аԥсадгьыли ажәаԥҟақәеи
Ишырҳәо еиԥш ажәа џьбарақәа зырҿиауа аамҭа џьбарақәа роуп. Усҟан ахаҵара иаамҭахоит. Аԥсадгьыл абзиабара наџьнатә ҳажәлар рцәа-ржьы ишалаз дырҵабыргуеит идырҿиаз ажәаԥҟақәа. Урҭ иреиуоуп:
Аԥсны еиқәзырхаз, Аԥсны дабжоуп.
Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ԥсра иқәӡам.
Аԥсадгьыл азы зхы ззымгәаӷьуа, ԥсык диҩызоуп.
Зыԥсадгьыл зҭахым, ихгьы иҭахым.
Аԥсадгьыл змам, анцәагьы димам.
Зыԥсадгьыл зцәыӡыз, ԥсҭазаарагь имам.
Аԥсадгьыл – ан илҩызоуп, атәым дгьыл – анԥса.
Национальный костюм  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Афырхаҵареи агәымшәареи ирызку аԥсуа жәаԥҟақәак
Аԥсадгьыл иазку ахшыҩзцарақәа
Аԥсадгьыл ауаҩы изы иаҵанакуа анубаалоит ҳаԥсуа шәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа ироман "Асду". Ҳарзааҭгылап автор ажәа хьыршәыгәла ииҩыз ахшыҩзцарақәа:
Аԥсадгьыл зегьынџьара еиԥшым, ауаа реиԥшҵәҟьа џьара ицәҳәыроуп, џьара исакароуп, џьара ишьхароуп, иԥслымӡроуп, ихаҳәроуп, ибаарроуп. Аԥсадгьыл анышәшьа бзиоу, аҽаҩра бзиа аанашьҭуоу, аҳауа егьирахь аҵкьыс еиӷьу еиӷьму, иԥшӡоу иԥшӡаму акәым аус злоу – ахи аҵыхәеи иахьыԥсадгьылу ауп. Досу иԥсадгьыл иара иԥсы ахоуп, иԥсадгьыл аԥсы иара ихо­уп.
Агәаҟра бааԥсы иҭадыргылаз ажәлар зхырбааз, изхыркәкәааз, рыԥсҭазаарагьы, рыԥсрагьы змардахьаз адгьыл, аҽаӡәы изы ԥсадгьылра азуа иҟоума! Иара зыԥсадгьыл ырӡны ара иқәлазгьы ԥсадгьыл иоуӡом, иагьиқәнагом!
Раб аҭаҳмада иҷкәынцәа иидыруаз ала драцәажәеит, иреиҳәеит, еиҭареиҳәеит, ауаҩы иԥсадгьыл анынижь нахыс зшьа­пы ыҵдырҟааз аҵла дшаҩызоу.
Уԥсы ҭазаргьы, уԥсҭазаарагьы, уԥсхьазаргьы уԥсадгьылаҿ ауп, уаҳа аҽаџьара хкыдкыларҭа ыҟаӡам адунеи аҿы.
Досу иԥсадгьыл иара изы ишьамуп рҳәоит. Досу ибызшәагьы иара изы адунеиаҿ иҟоу зегьы ирыцкуп!"
Ажәабжьқәа зегьы
0