Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мҩабжара ҳааихьеит: урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз Аԥсны аквотатә кампаниа шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас Тхайцук Новый конкурс Гордость Абхазии
Новый конкурс Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2023
Анапаҵаҩра
2024-2025 шықәсазы Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз Аԥсны иазоужьын 110 квота, аус рыдырулоит 45 рзаҳал.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра 1 инаркны ихацдыркит 2024-2025 шықәсазы Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз аквотатә программа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотов.
"Апрограмма хыркәшахоит абҵарамзазы. Мҩабжара ҳааихьеит. Ҵыԥх аиԥш сынтәагьы иаҳзоужьуп 110 квота. Ииасыз ашықәс азы 25 квота атехникатә занааҭқәа иахьырзырхаз азы уаҳа иацҳамҵеит. Урҭ азанааҭқәа аҳаирбаӷәаза аусура иалагар иаҭаххоит азы иалаагалеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ус шакәугьы арҭ ахырхарҭақәа алызхыз рхыԥхьаӡара акыр имаҷхеит.
"Ҵыԥх шамахамзар аквотатә зыҳәақәа зегьы аҳаркит, аха усеиԥш алыршахеит атехникатә занааҭқәа ирзырхаз егьырҭ азанааҭқәа рахь иахьеихаҳшаз азы. Ирацәаҩуп аԥышәарақәа реихшьаалақәа рыла иҭалаз", - иҳәеит Федотов.
Еиҳаны аквотақәа рзоужьуп арҿиаратә занааҭқәа – 20, амедицина – 12, 10-10 квота рзырхоуп: аелектроника, арадиотехника, аимадаратә система, амашьынаргылара, акомпиутертәии аинформациатәии ҵара.
"Ҳара иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳамҩақәҵаҩцәоуп, аӡәгьы далаҳкаауам. Иҳамоуп аквотатә кампаниа мацара знапы иану ауаа, ахәыҷқәа аконсультациақәа рырҭоит. Адокументқәа ҳадаҳкылоит, ииашан рхарҭәаараҿы ҳрыцхраауеит, асаит ахь ирызҭаагалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Россотрудничество ахада.
Студенты - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2023
Аԥсны
Федотов Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз апрограммақәа реихшьала ҟаиҵеит
Ԥхьаҟатәи астудентцәа ирылшоит рдокументқәа нарышьҭыр аҵараиурҭақәа фба рахь. Абитуриент акы инеиҳаны аҵараиурҭахь дрыдыркылар, ихала иалихуеит еиҳа ииҭаху. Адокументқәа рыдкылара анхыркәшахалак ашьҭахь иҳәаақәырҵоит адистанциатә ԥышәара амҩаԥгара арыцхә. Аԥышәара алҵшәала ишьақәырӷәӷәахоит аҭаларалшаратә балл.
Ажәабжьқәа зегьы
0