Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аамҭала инхоз урыстәылауаа ҩыџьа 700 грамм рҟынӡа аметадон рымхын

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ РФ предотвратила теракты в Санкт-Петербурге
ФСБ РФ предотвратила теракты в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Санкт -Петербургнтәи иааз Аԥсны аамҭала инхоз ҩыџьа урыстәылауаа 700 грамм рҟынӡа аметадон рымхын, абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
28 шықәса зхыҵуа Артуш Казариан хаҭала игәаҭараан идырбалеит анаркотик згәылаз аилаҳәырақәа зҭаз апластика иалху аԥаҭлыка, зынӡа уи иҭан 141 маӡа шьҭаҵарҭақәа рзы аилаҳәырақәа.
Анаркотик алазырҵәоз раанкылараан, амашьына аԥсҟы икын Артуш Казариан, уаҟа иԥшаан аиԥш зеиԥшу аԥаҭлыкақәа ԥшьба, урҭ ирҭан аметадон згәылаз 548 еилаҳәыра.
Казариан иажәақәа рыла, иара мҽхакы ҭбаала амаӡа шьҭаҵарҭақәа ҟаиҵон, уи ашьҭахь анаркотикатә маҭәашьарқәа алазырҵәоз иргон. Иус азы иара иоураны дыҟан 400 000 мааҭ. Ус еиԥш амаӡа шьҭаҵарҭа аҟаҵара дахьӡеит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2023
Аԥсны
Баслаҭа ақыҭан инхо Аԥсныҟа анаркотикқәа алеигалон ҳәа даанкылоуп
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбараҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа иажәақәа рыла, амаӡа шьҭаҵарҭақәа изкын урыстәылауаҩ Роман Тумин. Аусҭҵаара ишьақәнырӷәӷәеит Тумин анаркоканал "Череп" аиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа, иара убас, иара ари аус иалигаларц ауаа адиԥхьалон.
Тумин аԥаҭлыкақәа зегьы игараны дыҟан. Аха иара дахьӡеит Аҟәа араион Каман ақыҭан амаӡа шьҭаҵарҭақәа рыҟаҵара, урҭ АҩАР аусзуҩцәа ирыԥшааит.
Тумин шьҭаҵарҭак рзы 1200 мааҭ изыршәон, аус зегьы анагӡаразы млн мааҭ.
Аӡбарҭа аӡбамҭала Артуш Казариани Роман Тумини ҩымз ҳәа иаанкылоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Аԥсны
Анаркодилерцәа хыԥхьаӡара рацәала аметадон рыдбалоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0