Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа "Амра-банк" аофис ақәлараз аӡбамҭа рыԥсахит

© Sputnik Верховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса мшаԥымзазы абанк аофис иақәлеит ҳәа ахара здырҵо хәҩыуаак рмазара рымхны, еиуеиԥшым абахҭатә ҿҳәарақәа рықәырҵеит. Урҭ ацәгьа рыцҟаҵаҩ Артур Ӷәынџьиа шықәсыки фымзи иқәҵахеит азеиԥш режим иатәу аколониаҿы ихигарц.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа "Амра-банк" аофис ақәлараз аӡбамҭа рыԥсахит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
"Ашьауӷа аиҭеилыргарахь инашьҭуп Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь, аӡбаҩцәа ҽа еилазаарак ала иахәаԥшразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уажәазы ахара здырҵаз Асҭамыр Быҭәба, Вадим Возба, Алхас Кәыҵниа, Алиас Ҵнариа, Валериан Еиупов шҭаку иаанхоит, Артур Ӷәынџьиа – аҩнытә рбаандаҩра даҵаркуп.
2021 шықәса хәажәкыра 10 рзы "Амра-Банк" аҟәатәи аҟәша ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны иҩналаны 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.
Абанк ахьчаҩи ақәылаҩцәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына Аруаа рымҩаду аҟны ибылны ишгылаз рбеит.
Асҭамыр Быҭәба, Вадим Возба, Алхас Кәыҵниа, Алиас Ҵнариа, Валериан Еиупов мшаԥы 13, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы ахара рхарарҵеит абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, рыҭира, рымазаара рзы. Уи адагьы, Алхас Кәыҵниеи Алиас Ҵнариеи закәаншьаҭада анаркотикатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәеи урҭ иреиԥшқәоуи закәаншьаҭада раахәара, рымҩангара, рымазаара рхараҵоуп. Алхас Кәыҵниа, Алиас Ҵнариа – рмазара рымхны 13-13 шықәса рхыргароуп зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы.
Артур Ӷәынџьиа шықәсыки фымзи иқәҵахоит азеиԥш режим иатәу аколониаҿы ихигарц ацәгьоура ахьимырзаз азы.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2023
Аԥсны
"Амра Банк" аофис иақәлеит ҳәа ахара зыдҵоу рганахь ала аӡбамҭа рыдыркылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0