00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
12 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
12 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа аԥсшәа ззымдыруа дырҵаразы: иркуа рымазароуп

Кәыҵниаԥҳа аԥсшәа ззымдыруа дырҵаразы: иркуа рымазароуп
Анапаҵаҩра
Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит хәыҷи-дуи аԥсшәа дырҵаразы ицо аусура атәы, аметодикеи аусмҩаԥгареи реиқәыршәара иацу ауадаҩрақәа ртәы, ҳаамҭо иақәшәо ахархәагақәа ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ицәажәартә еиԥш аԥшьгамҭақәа ртәы.
Гәында Кәыҵниаԥҳа дазаааҭгылеит сынтәа аилак иазоужьыз 5 миллион мааҭ рыла иҟаҵаз аусура атәы.
"Аметодика ҿыцла иаартын акурсқәа абызшәа ззымдыруа дырҵаразы. Иара еиқәыршәан иреиӷьу аметодистцәа адԥхьаланы. Ирццаку курсқәоуп, ҩ-курск иаразнак аусура иалагеит. Аԥсуа тәылауаҩра зоурц зҭаху абызшәа ахьырҵаша аҭыԥ ыҟамызт. Уи еиҿкаауп. Ҽааны аԥсуа бызшәа дырҵара ацентрқәа аартхоит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо. Иҟалоит акурсқәа ахәыҷқәеи адуцәеи рзы. Ауаа рзы ихәыда-ԥсадахоит", – ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Иара убасгьы аилак аҿы ицоит аусура аусмҩаԥгара аԥсшәахь аиагаразы.
"Атерминологцәа адыԥхьаланы анапхгага аиқәыршәара иаҿуп. Иара убас абланкқәа, арзаҳалқәа, аиқәшаҳҭрақәа роума, аилыркаагакәа роума, ҩ-бызшәак рыла иҟалоит, ԥсышәалеи урысшәалеи еиҵаргыланы. Аелектронтә вариант ҟаҳҵоит, анаҩс аусбарҭақәа рҿы ауаҩы данааилак, иаҳҳәап арзаҳал аҩразы, иааҭыган ирҭалоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Гәында Кәыҵниаԥҳа далацәажәеит аԥыза-министри лареи реиԥылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа ртәы. Ҿыц иаагаз ашәыҟәқәа ахәыҷқәа рнапаҟны ишыҟало атәы еиҭалҳәеит. Иара убасгьы илҳәеит аԥыза министр ирезервтә фонд аҟынтә ишоужьу миллионки 500 нызықь мааҭ аԥара, ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ицәажәо апланшетқәа Китаи раахәаразы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0