Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын: нырцә инхо ҳашьцәа ҳзаар, Аԥсны агәыбылра дҳаркыр - иаҳа ҳҭынчхоит, ҳаӷәӷәахоит

Аргәын: нырцә инхо ҳашьцәа ҳзаар, Аԥсны агәыбылра дҳаркыр - иаҳа ҳҭынчхоит, ҳаӷәӷәахоит
Анапаҵаҩра
Адырраҭара “Зхьышьҭра змырӡыз” аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳарзааҭгылоит зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа. Ҳџьынџьуаҩ Неџьаҭ Аргәын иҩызцәеи иареи Аԥсныҟа иаар шырҭахыз аибашьра иалагеит. Иара, Баҳадыр Абаӷба, егьырҭ арԥарцәа иаразнак Аԥсныҟа амҩа иқәлеит уа иҟаз аԥсуа ансамбль артистцәа ирыцны. Неџьаҭ аибашьра анихига, Ҭырқәтәыла дцаны иҭаацәа Аԥсныҟа нхара иааигеит.
"Сара уа (Ҭырқәтәыла-азгәаҭа) саныҟазгьы исҳәон, "мышкызны усгьы ҳҭыԥ, ҳаҩнаҭахьы ҳгьежьуеит" ҳәа. Уи сгәы иҭаз насыгӡеит, сыҩны сыҟоуп. Ашәала сыԥхарҵар, ауаџьаҟ ала сылбаауеит. Нырцә инхогьы сашьцәа рзы ашә есымша иаартуп. Урҭгьы арахь иаҳзаалар, рхы иҳазҭагалар агәыбылра, ҳара ара иаҳа ҳҭынчхоит, иҳацлоит, ҳаӷәӷәахоит",- иҳәеит Аргәын.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0