Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аполитолог Израили Палестинеи реимак азы: аанкылашьа амам иахьа, уаҵәы, уаҵәашьҭахь

Аполитолог Израили Палестинеи реимак азы: аанкылашьа амам иахьа, уаҵәы, уаҵәашьҭахь
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 7 рзы Израиль асектор Газа аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС иалоу Палестина еибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны ирҭҟәеит. Уи аҭакс Израиль ар ЦАХАЛ аоперациа "Аихатәы аҳәақәа” иалагеит. Арҭ амшқәа ирылагӡаны иҟалаз арыцҳарақәеи, хәыҷи-дуи рнырҵәареи адунеи аҟны ирымбошәа зҿыҟазҵо аполитикцәа рхымҩаԥгашьеи, аҭагылазаашьа аҿиашьеи дырзааҭгылеит аполитолог Беслан Ҳагба.
"Ари ашьаарҵәыра ҳазлаԥшуа аамҭала иҵегьы инеиҵыхны аҭыԥ амазаауеит. Иаанызкылаша ҳәынҭқарра дуӡӡак макьана ҽазышәарақәак мҩаԥнаго ҳбаӡом. Еиду Америкатәи аштатқәа роума, иара Урыстәылатәи Афедерациа, Китаи, иара анырра ҟазҵаша араб тәылақәа ҳбаӡом. Арыцҳарақәа рацәаны иақәшәаны иҟоуп Палестина инхо арабцәа. Иара уи аишьцәа араб тәылақәа рҿы иҟоу аимак-аиҿак ӷәӷәа рымоуп, иакны аполитика мҩаԥыргартә иҟам. Ахәыҷқәа, абыргцәа Палестина иалҵны ицарц Мысра аганахьала, пшьымш-хәымш иаадыртуамызт аҳәаа. Ас еиԥш аилымкаарақәа рыҩнуҵҟа ирацәоуп. Палестина анышьақәгылоз иадгылоз араб тәылак ҟамлаӡеит, убас иаауеит иахьа уажәраанӡа. Арыцҳара иақәшәеит аҭынч уааԥсыра. Иааиуа амшқәа рзы Израиль адгьыл аҟны аоперациа мҩаԥыргар рҭахуп ХАМАС ндырҵәарц азы. Абас еиԥш арыцҳара иақәшәаны иҟоуп, ари аанкылашьак аиуп ҳәа узҳәом иахьа, уаҵәы, уаҵәашьҭахь", - иҳәеит Ҳагба.
Аполитолог убасгьы иҳәеит аимак ӡбашьас иаманы иибо атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0