Урыстәыла

Колокольцев: амигрантцәа ируа ес-ԥшьгьоура анаркотикқәа ирыдҳәалоуп

© Foto / POOL/Михаил Метцель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АДәАР аколлегиа аилатәара мҩаԥысит Москва, жьҭаара 24 рзы. Аилатәара азҵаара хадақәа иреиуан аҳәаанырцәтәылауаа рганахь ала азинеилагара аԥырҟәҟәаареи изакәаным амиграциа аҿагылареи.
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Анаркобизнес иалагалоу аҳәаанырцә тәылауаа рхыԥхьаӡара ́еизҳауеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев. Абри атәы аанацҳауеит АДәАР асаит.
Колокольцев иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтә цәгьоура аусбарҭа ахаҭабзиаратә еиҭакра шазгәарҭо 2021 шықәса раахыс – еиҳахо иалагеит ацәгьоура ӷәӷәақәа.

"Иахьазы аҽа тәылак иатәу амигрантцәа ируа ес-ԥшьцәгьоурак анаркотикқәа ирыдҳәалоуп. Ҩышықәса раԥхьа – ес-аацәгьоурак ракәын иҟаз. Убри аан имаҷым урҭ аилазаарақәа еиҿкааны анаркотикқәа аналадырҵәо, алабараториақәа анеиҿыркаауа", - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтәылауаа рыцәгьоурақәа акыр ишымҽыӷу. Иҟоуп ауаа анырӷьычуа, аԥара ацәгаразы аусқәа анеиҿыркаауа. Амигрантцәа атәыла амҩақәа рҿгьы анырра ҟарҵоит. Есышықәса аҳәаанырцә-машьынарныҟәцаҩцәа ирхараны иҭахоит 500-ҩык рҟынӡа ауаа.
Аҭагылазаашьа анырра ӷәӷәа азҭо факторуп изакәаным амиграциа. Атәыла алалара азин змыху џьоукы иԥаршеиу адокументқәа рыла Урыстәылаҟа аара рҽазыршәоит. Колокольцев иазгәеиҭеит еиҿкаау ацәгьоуцәа ргәыԥқәа шыҟоу, ҿыц иаауа атәылаҿ рыҟазаара аргаматәразы аԥара зырҳауа.
Выявлены факты подделки документов при перемещении дорогостоящих автомобилей из Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2023
Аԥсны
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит
"Еиуеиԥшым асхемақәа рхы иадырхәоит: аҭаацәара иалалазшәа, аурыс бызшәа адырразы аԥышәара рҭизшәа, аҵарахь иаарыԥхьазшәа", - иҳәеит иара.
Аминистр иҳәеит, иаргамам амиграциа аҿагылара астратегиатә ҵак шамоу, хара имгакәа амчра шаиуа, ацәгьоуцәа уаанӡа ироухьаз атәылауаҩра рымзхо афедералтә закәан,.
Ажәабжьқәа зегьы
0