Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абанк ВТБ аԥарақәа напынҵала Аԥсныҟа аиагара иалагеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры России.
Денежные купюры России. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥара аиагара алшоит Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларус, Молдова, Монголиа, Сербиа. Абанк гәҭакыс иамоуп ашықәс нҵәаанӡа ари асиа 20 тәыла рҟынӡа анагӡара.
АҞӘА, жьҭаара 26- Sputnik. Урыстәылатәи абанк ВТБ Аԥсны аҵанаркит амаҵзура ҿыц – напынҵала аԥараиагара ҳәа аанацҳауеит абанк апресс-маҵзура.
"ВТБ аҽазҵәылхны ари ахырхарҭа урыстәылаа рзы иарҿиоит. Аҵыхәтәантәи ашықәс аҩнуҵҟа асеиԥш иҟоу аԥараиагарақәа хынтәны еиҳахеит. Ҳара ахаҭабзиара, аласра, аманшәалара рыҳаракра адагьы аԥарашәара аформат ҿыцқәа алаагалоит. Уажәы зымаҵ аауа рзы ицәыргоуп аҽа маҵзура ҿыцк – аамҭа мгакәа дарбанзаалак аԥара изиагара, уи аҭыԥантәи абанк аҿы аԥхьаӡамҭа ма ахсаалага имамзаргьы", - ҳәа иҳәоит абанк атранзакциатә бизнес адепартамент аусбарҭа "Аиагарақәа" анапхгаҩы Алексеи Хранилов.
Аԥараиагара алшоит иаразнак, иахьуҭаххалак, атәылауаҩшәҟәы умазар.
Аоперациамҩангаҩ аиагаратә хыԥхьаӡара иоуҳәоит. Аԥара аиагаразы Android ма ВТБ Онлаин авеб-версиа ацҵа узықәгылазароуп. Операциак ала иоур ҟалоит - 350 000 мааҭ.
Мызкы аҩнуҵҟа миллионбжак еиҳамкәа аиагара ауеит. Аиагаразы абанк иагоит ииарго аԥара аҟынтә 1,5% комиссиа ҳасабла.
Абанк адыррала 2023 шықәса аҩнуҵҟа аҩыза-тәылақәа рвалиутала имҩаԥгоуп 180 000 операциа. Ари ииасыз ашықәс азы аасҭа 3,7 еиҳауп. Азеиԥш иагарақәа иааизакны 23 миллиард мааҭ ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0