Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашәах еиԥш иҟәашӡа": асапын иазкны дыррақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукМыло.
Мыло. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2023
Анапаҵаҩра
Асапын иазку аматериал шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ҳаамҭазтәи ауаҩы иԥсҭазаареи ибзазареи сапында ухаҿы иузаагом, убысҟак ҳашьцылахьеит. Агәабзиареи ацқьареи шеихьыԥшу дырны сапынла ҳнапқәа, ҳамаҭәа-ҳҩыҭәа ҳаӡәӡәоит.
Асапын ацқьара аиҿкаараҿы ахәарҭара шалоу раԥхьаӡа ауаа иреилзыркааз ҳера II ашәышықәсазы адунеи ианыз антикатәи аҳақьым Гален иоуп.
Аԥсуааи асапыни
Аԥсни егьырҭ атәылақәеи рыбжьара мшынгәыла, ӷбала ахәаахәҭра анрыбжьаз, арахь, Аԥсныҟа, иӡхыргоз асапын зынӡа имаҷӡан, избанзар аԥсуаа еиҳараӡак рхы иадырхәоз рнапала иҟарҵоз асапын акәын.
Ажәытәан, иахьа ҳзышьцылахьоу адәқьанқәеи азауадқәеи аныҟамыз иабааргоз аԥсуаа ҭаацәа дук ирызхаша асапын ҳәа агәаанагара шәызцәырҵыр алшоит! Аҭак зынӡа имариоуп. Аԥсуаа асапын дыршуан. Даҽакала иуҳәозар, ахәарӡ (ахәа аӡы) иалырхуан.
Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
"Аӡыхь бзиа ахьы иаҩсуеит": аӡыхьи уи иалоу азҩыдарақәеи
Раԥхьа амжәа мҿы амца лацраҵаны ирбылуан. Амжәа аныбыллак, иааннажьыз ахәа алыхәҭа џьаџьа икылырхуан, ирхәуан. Амжәа иааннажьуа ахәа зегь реиҳа ишкәакәахоит ҳәа азырыԥхьаӡон, убри азы иара акәын хархәара ззыруаз.
Амжәа ахәа ачуан илҭаԥсаны ахьурӡы еиԥш идыршуан. Иаҵыҵуаз аӡы ашша иаҵарҭәон, аҳәашша ада, егьырҭ - арахә рышша. Абни ахәарӡ ала идыршуан ашша, идыршуан ижәпахаанӡа. Ианаахьшәашәалак, шашәала иԥырҟон.
Ԥаса, ауардынқәеи урҭ ирыҵаҳәоу ацәқәеи ианрысакьаҳәымҭаз ҳазхьаԥшуазар, асапынгьы хәҭакахьала уа алагала рацәан. Ауардын иаҵоу абарбал зку алыра асапын ахьыршьуан, аидара рацәа анақәырҵалак, аҿыжра иаламгаразы.
Асапын иахылҿиааз алексика
Асапын аӡбахә анаҳҳәа, иҳәатәуп иара ахьӡ иахылҿиааз алексика атәгьы.

Аԥсуа бызшәа иалоу ажәа "аҟыра" асапын иадырҳәалоит, ҟырак асапын (сапын ҟырак), урысшәала иуҳәозар, "кусок мыла" аанагоит. Асапын ашәах ма асапыншәах урысшәала "мыльные пузыри".

Абызшәадырҩы Леонид Хыгә-иԥа Саманба ишәҟәы "Аԥсуа бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи рызҵаарақәа" рҿы иааигоит абри аҩыза аҿырԥштәы шьахә:
"Дыҟан Лыхны ақыҭан инхоз Гыц Астапан зыхьӡыз ԥсыуа нхаҩы бзиак, иҭацацәа асапын ахьӡ рҳәаӡомызт, "аӡәӡәага" ҳәа ауп ишашьҭаз, рабхәа ихьӡ шьҭыбжьыла иазааигәоуп ҳәа иазшьаны".
Авторцәа рахьтә
Аԥсуа литература зырбеиаз апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ражәа сахьарк аҟны асапын еиҿырԥшра ҳасабала рхы ишадырхәаз ҳбарц ҳалшоит абарҭ аҿырԥштәқәа рҿы:
Асапын еиԥш сыԥсы нысхуеит, шәахҵас иқәҳәа аӡы иагоит. (Инна Ҳашԥҳа)
Лхы-лҿы ажәны ишыҟамызгьы, лхахәы асапын шәах еиԥш иҟәашӡа ишлан. Уи еиҳагьы дрылнакаауан. (Алықьса Гогәуа)
Нас иҟалазеи, снапы назхьыслак зегьы асапыншәах еиԥш изсымпыҵабозеи! (Алықьса Џьениа)
Саԥҳәаҟәа ӡәӡәоушәа сапынла, иқәҟьан инеилап ақәа. (Терент Ҷаниа)
Сгәыӷрақәа исымақәоу зегьы, асапын шәах еиԥш, инсымпыҵаба ицоит. (Леуа Леиба)
Асапын иадыргазшәа иҽы ашәах ақәч, агәарабжьара асаба бжьарчы, ибыжьҟьа иааиуаз Ноурыз иқьаҳиа, аҭарчеи игазшәа, агәашә аԥхьа цәӷәыхаа даарԥыххылт. (Борис Ҭыжәба)
Иаҵагылаз аихатәы шьаҟақәа шәышықәса раахыс аӡы зхьыкәкәа илеиуаз, асапын ахьыршьызшәа иҵәырҵәыруан. (Шьалодиа Аџьынџьал)
Ажәабжьқәа зегьы
0