https://sputnik-abkhazia.info/20231102/ansykh-nanba-ayza-ministr-akti-ikhayuays-daoup-1048902894.html
Џьансыхә Нанба Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп
Џьансыхә Нанба Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп
Sputnik Аҧсны
2020 шықәса мшаԥымза инаркны 2023 шықәса жьҭаарамзанӡа Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан Беслан Џьопуа. 02.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-02T12:01+0300
2023-11-02T12:01+0300
2023-11-02T12:56+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/12/1038707163_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_175d49d73daee365f11c7fe108daac90.jpg
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Џьансыхә Нанба Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Џьансыхә Нанба диит 1983 шықәса ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы. 2005 шықәсазы далгеит Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет "адунеитә економика" азанааҭ иманы. 2009 шықәсазы Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аспирантура далгеит. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Џьансыхә Нанба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, афинансқәа рминистрс, Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы рминистрс, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥараҵәахырҭа Аусбарҭа аиҳабыс дыҟан. Мшаԥымза 2020 инаркны лаҵарамза 2021 шықәсанӡа Џьансыхә Нанба Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан.2022 шықәса нанҳәамза инаркны 2023 шықәса цәыббрамзанӡа Џьансыхә Нанба напхгара аиҭон атәыла ахада Иусбарҭа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/12/1038707163_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_db5bd02ec082f388c203cfe9909846d0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Џьансыхә Нанба Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп
12:01 02.11.2023 (ирҿыцуп: 12:56 02.11.2023) 2020 шықәса мшаԥымза инаркны 2023 шықәса жьҭаарамзанӡа Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан Беслан Џьопуа.
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. Џьансыхә Нанба Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Џьансыхә Нанба диит 1983 шықәса ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы. 2005 шықәсазы далгеит Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет "адунеитә економика" азанааҭ иманы. 2009 шықәсазы Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аспирантура далгеит. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп.
Џьансыхә Нанба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, афинансқәа рминистрс, Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы рминистрс, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥараҵәахырҭа Аусбарҭа аиҳабыс дыҟан. Мшаԥымза 2020 инаркны лаҵарамза 2021 шықәсанӡа Џьансыхә Нанба Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан.
2022 шықәса нанҳәамза инаркны 2023 шықәса цәыббрамзанӡа Џьансыхә Нанба напхгара аиҭон атәыла ахада Иусбарҭа.