Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Амчыбжь иалагӡаны 28-ҩык украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит

© Sputnik / Станислав Красильников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа расчетов буксируемых гаубиц Д-30 ЦВО в зоне проведения СВО
Боевая работа расчетов буксируемых гаубиц Д-30 ЦВО в зоне проведения СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа арратә операциа ҷыда ахықәкқәа рынагӡара иаҿуп.
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Амчыбжь иалагӡаны 28-ҩык украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.

"Абҵара 1 аҽны мацара агәыԥ "Восток" аҟынтәи рхала рхы ҳарҭеит 15-ҩык украинатәи аруаа, урҭ ркомандаҟаҵаҩцәа рыдҵақәа рынагӡара мап ацәркит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа адыррала жьҭаара 28 - абҵара 3 рыҩнуҵҟа жәохәынтә ирыжәлан аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭа, арратә техника агыларҭа, украинатәи ари аҳәаанырцә еибашьцәеи ргыларҭақәа, ааха рыҭан авиациатә техника агыларҭа, адронқәа рҭыжьырҭа, аҳәаанырцәтәи аинструкторцәеи аибашьцәеи ргәыԥ.
Урыстәыла авиациеи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәеи амчыбжь аҩныҵҟа икарыжьит аҳаирпланқәа жәаба, вертолиотк, аоператив-тактикатә ракетақәа ATACMS ԥшьба, авиацитә бомбақәа JDAM, арадиолокациаҿагыларатә ракетақәа HARM хԥа, HIMARS 51 реактивтә хгәыцә, 274 дрон.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан УАМ ажәыларақәа 24, иҭархан 755 солдаҭ, 7 танкк, акәылӡмашьынақәа 8, 17 автомашьына, 16 артиллериатә хысга, РСЗО амашьынақәа 2.
Боевая работа реактивной артиллерийской батареи ЦВО на Краснолиманском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҟрым иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба карыжьит
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ ажәыларақәа 20. Киев иацәыӡит 920 еибашьҩы, 3 танкк, 14 кәылӡмашьына, 19 автомашьына. Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ ажәыларақәа 6, иҭархоуп 1340 еибашьҩы, 22 кәылӡмашьына, 22 автомашьына, 19 артиллериатә хысга, РСЗО амашьынақәа 4, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 2.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп УАМ ажәыларақәа 4, иҭархоуп 1110-ҩык, атанкқәа 7, 11 кәылӡмашьына, 28 автомашьына, артиллериатә хысгақәа 9, амашьына РСЗО. Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 760 еибашьҩа, 4 танкк, 26 кәылӡмашьына, 27 автомашьына, 14 артиллериатә хысга, амашьына РСЗО. Херсонтәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 550 еибашьҩы, артиллериатә хысгақәа 11, 40 автомашьына, 35 ӡсаратә хархәага.
Ажәабжьқәа зегьы
0