Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Путин идиныҳәалеит Жәлар ракзаара амш

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания и Радий Хабиров
Аслан Бжания и Радий Хабиров - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар ракзаара амш - есышықәса Урыстәыла абҵара 4 рзы иазгәарҭо ҳәынҭқарратә ныҳәоуп. Иара аԥырҵеит Урыстәыла адинхаҵарабжьаратә хеилак аԥшьгамҭала, раԥхьаӡа акәны иазгәарҭеит аԥҵара 4 2005 шықәсазы.
АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит ари аныҳәа ишаҳгәаланаршәо, еиуеиԥшым амилаҭқәа, абызшәақәа, адинхаҵарақәа рхаҭарнакцәа реилибакаареи раҳаҭырқәҵареи иабзоураны атәыла иаланхо зегьы рзы аҭынчреи аинҭәылареи шышьақәгыло.

"Аԥсуа жәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рыҟны хәы змаӡам шәлагалазы. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара Аԥсны асуверенитет аиқәырхареи ашәарҭадара аԥҵареи рзы шәылшамҭақәа", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Бжьаниа Путини Урыстәыла иқәынхо зегьи ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аинҭәылара.
Жәлар ракзаара амш - есышықәса Урыстәыла абҵара 4 рзы иазгәарҭо ҳәынҭқарратә ныҳәоуп. Иара аԥырҵеит Урыстәыла адинхаҵарабжьаратә хеилак аԥшьгамҭала, раԥхьаӡа акәны иазгәарҭеит аԥҵара 4 2005 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0